Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Италиа Апарламент адепутатцәа рконференциаҿы онлаинла дықәгылеит

© Foto / пресс-служба Президента Абхазии Президент Республики Абхазия Аслан Бжания
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Анапаҵаҩра
Италиа Апарламент аҿы имҩаԥысит "Амилаҭқәа рыхҳәаақәҵаразы азин. Аԥсни Европа Дуи" атема иазкыз апресс-конференциа. Онлаин аформат ала уи иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи.
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Италиа Апарламент аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы онлаин аформат ала дықәгылеит ахаша жәабран 9 рзы.
"Ҳаҭыр зқәу апарламент адепутатцәа, ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу, абзиара шәықәзааит ҳәа шәасҳәоит Аԥсны жәлар рыхьӡала. Аконференциа атемас иалышәхыз, иара аконференциа ахаҭа италиатәи апарламент аҿы иахьымҩаԥысуа Аԥсны аҳәынҭқарразы даара акраҵанакуеит. Аԥсны ҳәынҭқарраны иҟалеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Уи иамоуп аҳәынҭқарратә атрибутқәа зегьы. Ҳажәлар қырҭтәылатәи ашовинисттә политика ауадаҩрақәа зегьы риааира рылшеит", - иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ахада италиатәи адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит нанҳәа 14 1992 шықәса рзы ақырҭуа ир Аԥсны ишақәлаз, аха уи иагьа уадаҩра ҳҭанаргылазарагьы, аибашьра ҳаиааит, аҭынч ԥсҭазаареи ахьыԥшымреи рзы иҳауит азин ҳәа инаҵишьит.
"Иҳадаҳкылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, имҩаԥган ареферендум, Аԥсны жәлар реиҳараҩык рыбжьы рҭиит асуверентә адемократиатә зинтә ҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭыс дуны ишыҟалаз Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьазханаҵаз, убринахыс адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шҳабжьаҳҵаз егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи, урҭ рхыԥхьаӡарагьы иаҳа-иаҳа ишацло. Иара иазгәеиҭеит ҳара ишаадыруа инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара иуадаҩу, аамҭа зҭаху апроцесс шакәу. Аԥсны аартуп аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿаԥхьа аиҩызаратә аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы иҳәеит ахада.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Аԥсны
"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит
Бжьаниа инаҵишьит ҳара ҳзы ишгәахәара дуу ҳаԥсадгьыл збарц, уи акультура еилызкаарц зҭаху Италиа атәылауаа рхыԥхьаӡара иахьацло, Аԥсни Италиеи рықалақьқәа аимадара ахьрыбжьарҵо, иара иргәалаиршәеит ҳажәларқәа еидызкылоз шырацәаз, ҭоурыхла реимадарақәа шыӷәӷәаз.
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, сара издыруеит абри аконференциа конструктивла ишымҩаԥысуа, Аԥсни Италиеи рыжәларқәа реиҩызартә еизыҟазаашьақәа рырҿиара шьаҭас ишазыҟало. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа", - ҳәа иажәа хиркәшеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аҵакы ӷәӷәа шрымоу азгәаҭо, Италиа Апарламент адепутатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари аҩыза апресс-конференциа ахьымҩаԥыргаз азы.
Жәабран 9 рзы Италиа Апарламент аҿы имҩаԥысит адепутат Маттео Даль’Оссо ипресс-конференциа "Амилаҭқәа рыхҳәаақәҵаразы азин. Аԥсни Европа Дуи" атемала.
Ажәабжьқәа зегьы
0