АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин дақәшаҳаҭхеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә ауаа рҭыгара радԥхьалара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЕАР аофициалтә хаҭарнак Стефан Диужаррик иажәақәа шьаҭас иганы.
"Урыстәыла ахада дақәшаҳаҭхеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә аҭынч уааԥсыра рҭыгара ралахәра", — иҳәеит иара.
Ахаҭарнак иҳәеит азҵаара Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи ЕАР агуманитартә зҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы аусбарҭеи рхаҭарнакцәа алацәажәараны ишыҟоу.
Диужаррик иҳәеит Владимир Путини Антониу Гутерреши реиԥылараан украинатәи азҵаараҿы ЕАР аҵыхәтәантәи апозициа ишацәхьамҵуа шазгәеиҭаз. Аиԥылараҿ ирзааҭгылан агуманитартә цхыраареи аҭынч уааԥсыра ралгареи рызҵаарақәа, Мариупольгьы абрахь иналакны.
Мшаԥы 26 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш иԥылараан иҳәеит Урыстәыла гәҭакыс ишамоу Украина дипломатиатә мҩала ацәажәара, Урыстәыла аиҿцәажәарақәа мап шрыцәнамкуа, иҳәеит азауад "Азовсталь" аҵакыраҿ иҭахкаау рабџьар шьҭарҵар, рыԥсҭазаарақәа шәарҭара шырмоуа, агуманитартә зин инақәыршәаны ишрызныҟәо.