https://sputnik-abkhazia.info/20220427/putin-dashaakheit-ear-i-aar-ashi-azovstal-aynt-auaa-rygara-radkhalara-1038835475.html
Путин дақәшаҳаҭхеит ЕАР-и Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә ауаа рҭыгара радԥхьалара
Путин дақәшаҳаҭхеит ЕАР-и Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә ауаа рҭыгара радԥхьалара
Sputnik Аҧсны
Украинатәи аган адыррақәа рыла, Мариупольтәи азауад аҵакыраҿы иҭахкааны иаанхеит аибашьцәеи қьырала еибашьуази реиԥш аҭынч уааԥсырагьы ыҟоуп. 27.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-27T11:39+0300
2022-04-27T11:39+0300
2022-04-27T11:39+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
украина
аполитика
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/16/1038776018_0:17:2956:1680_1920x0_80_0_0_f5e6eb4c675a610da9025980054899c2.jpg
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин дақәшаҳаҭхеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә ауаа рҭыгара радԥхьалара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЕАР аофициалтә хаҭарнак Стефан Диужаррик иажәақәа шьаҭас иганы.Ахаҭарнак иҳәеит азҵаара Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи ЕАР агуманитартә зҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы аусбарҭеи рхаҭарнакцәа алацәажәараны ишыҟоу.Диужаррик иҳәеит Владимир Путини Антониу Гутерреши реиԥылараан украинатәи азҵаараҿы ЕАР аҵыхәтәантәи апозициа ишацәхьамҵуа шазгәеиҭаз. Аиԥылараҿ ирзааҭгылан агуманитартә цхыраареи аҭынч уааԥсыра ралгареи рызҵаарақәа, Мариупольгьы абрахь иналакны.Мшаԥы 26 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш иԥылараан иҳәеит Урыстәыла гәҭакыс ишамоу Украина дипломатиатә мҩала ацәажәара, Урыстәыла аиҿцәажәарақәа мап шрыцәнамкуа, иҳәеит азауад "Азовсталь" аҵакыраҿ иҭахкаау рабџьар шьҭарҵар, рыԥсҭазаарақәа шәарҭара шырмоуа, агуманитартә зин инақәыршәаны ишрызныҟәо.
https://sputnik-abkhazia.info/20220427/vladimir-putin-ear-amaanyga-khada-diyleit-1038834029.html
джәр
лжәр
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/16/1038776018_114:0:2843:2047_1920x0_80_0_0_c1963448dd878f7041695fb2a63c762c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина, аполитика, владимир путин
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина, аполитика, владимир путин
Путин дақәшаҳаҭхеит ЕАР-и Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә ауаа рҭыгара радԥхьалара
Украинатәи аган адыррақәа рыла, Мариупольтәи азауад аҵакыраҿы иҭахкааны иаанхеит аибашьцәеи қьырала еибашьуази реиԥш аҭынч уааԥсырагьы ыҟоуп.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин дақәшаҳаҭхеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә ауаа рҭыгара радԥхьалара ҳәа аанацҳауеит
РИА Новости, ЕАР аофициалтә хаҭарнак Стефан Диужаррик иажәақәа шьаҭас иганы.
"Урыстәыла ахада дақәшаҳаҭхеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшьи "Азовсталь" аҟынтә аҭынч уааԥсыра рҭыгара ралахәра", — иҳәеит иара.
Ахаҭарнак иҳәеит азҵаара Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи ЕАР агуманитартә зҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы аусбарҭеи рхаҭарнакцәа алацәажәараны ишыҟоу.
Диужаррик иҳәеит Владимир Путини Антониу Гутерреши реиԥылараан украинатәи азҵаараҿы ЕАР аҵыхәтәантәи апозициа ишацәхьамҵуа шазгәеиҭаз. Аиԥылараҿ ирзааҭгылан агуманитартә цхыраареи аҭынч уааԥсыра ралгареи рызҵаарақәа, Мариупольгьы абрахь иналакны.
Мшаԥы 26 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш иԥылараан иҳәеит Урыстәыла гәҭакыс ишамоу Украина дипломатиатә мҩала ацәажәара, Урыстәыла аиҿцәажәарақәа мап шрыцәнамкуа, иҳәеит азауад "Азовсталь" аҵакыраҿ иҭахкаау рабџьар шьҭарҵар, рыԥсҭазаарақәа шәарҭара шырмоуа, агуманитартә зин инақәыршәаны ишрызныҟәо.