Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Владимир Путин ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада диԥылеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с генеральным секретарем ООН А. Гутеррешем
Президент РФ В. Путин встретился с генеральным секретарем ООН А. Гутеррешем - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылараҿы итема хаданы иҟан 2014 шықәсазы аҳәынҭқарреиҿкаара ахьышьақәҟьаз, аконституциа иаҿагыло тәылоуп ҳәа Путин иззиҳәаз Украина аҭагылазаашьа.
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш диԥылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Атәыла ахада исас иирдырит Урыстәыла гәҭакыс ишамоу Украина дипломатиатә мҩала ацәажәара. Иара иажәақәа рыла, Сҭампыл аиԥылара ашьҭахь аиӷьхара шыҟаз, Урыстәыла аиҿцәажәарақәа мап шрыцәнамкуа, Киев аиҿцәажәарақәа атәылақәа рхадацәа реиԥыларала рформат аԥсахра шагәҭакугьы.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит арҭ азҵаарақәа заанаҵы иахәҭоу аус рыдымулакәа атәылақәа рхадацәа ирызнагахар, ахааназ ишыӡбамхо. Ҳара иаҳзалыршом Ҟрым, Севастополь, Донбасстәи ареспубликақәа рганахьала рҵакырақәа рызҵаара мыӡбакәа ашәарҭадаратә хәдықәҵара анапаҵаҩра. Ус шакәугьы, аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Уажәы урҭ онлаин-формат ала ицоит. Ҳақәгәыӷуеит лҵшәа бзиак ахь ҳкылыргап ҳәа", - иҳәеит иара.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәеит аиҿцәажәаратә процесс дшадгыло, убри аан Украина иҟоу агуманитартә ҭагылазаашьа агәҭынчымра шинаҭо азгәеиҭеит.
ЕАР Украинеи Урыстәылеи рдиалог иадгылоит иҳәеит Антониу Гутерреш. Ҷыдала иазааҭгылан Мариуполь аҭагылазаашьеи "Азовсталь" аҵакыраҿ иҭахкаау амилаҭеилыхыҩцәа рбатальон "Азов" алахьынҵеи.
Встреча президентов России и Турции В. Путина и Р. Эрдогана в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Путини Ердогани Украина аҭагылазаашьа иалацәажәеит
Владимир Путин Гутерреш агәра ииргеит Урыстәыла Украина еиҿнакааз агуманитартә мҩасырҭақәа аус шыруа, Мариуполь аҟынтә урҭ рыла 100 000-ҩык шалҵыз. Ақалақь алҵра рылшоит "Азовсталь" аҵакыраҿ иҟоу аграждантә уааԥсырагьы иҳәеит иара.
Урыстәыла изныкымкәа иазгәанаҭахьеит еибашьуаз, аха забџьар шьҭазҵаз ԥырхага шырмоуа. Владимир Путин ЕАР-и МККК-и рхаҭарнакцәа ирыдигалеит итҟәоу украинатәи аруаа рҭагылазаашьа рылала ирбарц.
Урыстәыла ахада Гутерреш агәра ииргеит атәыла ЕАР ашьаҭаркыҩцәа иреиуоу, Ашәарҭадаратә хеилак иалахәылоу – еснагь ари аиҿкаара адгылара шанаҭоз, ԥхьаҟагьы уи гәҭакны ишамоу.
На дальнем плане – металлургический комбинат Азовсталь в Мариуполе. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа "Азовсталь" азааигәара аибашьра ааныркылоит
Ажәабжьқәа зегьы
0