Аԥсны

"Берлинынӡа днаӡеит": аимадаҩ Риза Аџьба изкны

Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ игаз аиааира 77 шықәса ахыҵуеит. Асовет Еидгыла ажәларқәа милаҭ еилых ҟамҵакәа рыԥсадгьыл ду рыхьчеит. Миллионҩыла еибашьуаз рхыԥхьаӡараҿ иҟан Аԥсуа еибашьцәагьы. Аиааира ду амш аламҭалазы ишәыдаагалоит аибашьцәа ирызку анҵамҭақәа
Sputnik
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду зыԥсы ахҭнызҵази хабарда ибжьаӡызи аԥсуаа рацәаҩӡоуп. Ихынҳәқәаз ракәзар, хьӡи-ԥшеи ганы ауп рыҩныҟақәа рахь ишааз. Иахьатәи ҳаамҭазы имаҷны ҳалаԥш иҵашәоит усҟантәи аветеранцәа рыӡбахә зҳәо анҵамҭақәа, уи зыхҟьогьы реиҳараҩык рыдунеи ахьырыԥсахыз ауп. Ус уҳәаргьы рыԥсы ҭаны ианҳалагылазгьы ашьаарҵәыратә хҭысқәа арылацәажәара бзиа ирбаӡомызт. Убарҭ дреиуоуп иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәа, зеибашьратә лшамҭақәа рыла имҽхәоз Аҷандара ақыҭанхаҩы Риза Игнати-иԥа Аџьбагьы. Абду иӡбахә еиҭеиҳәеит амаҭа Мураҭ Аџьба.
Риза Аџьба
Ашьха иаԥну аҭоурыхтә қыҭа Аҷандара иааӡаз Риза Игнати-иԥа Аџьба унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз нхаҩын. Арадиотехникатә ҵараиурҭа далгахьан аҟнытә, изанааҭ ала аҭыԥантәи аусҳәарҭаҿы аус иуан. Асовет Еидгыла аӷа хәымга данақәла, Риза 26 шықәса ракәын ихыҵуаз, иашьеиҵбы Мирод иқәра аҵанакӡомызт, аха хьаҵра ҟамҵакәа иаргьы азеиԥш ԥсадгьыл ахьчра дазгылеит, Кавказ аҳаракырақәа рҿы аҳәаахьчаҩцәа ргәыԥ далалеит.
Аԥсны
"Аррантәи афронт ахь": Мкан Жьиба иҭоурых
"Сабду аимадаҩс дыҟан. Иара аибашьра алацәажәара зынӡа иҭахӡамызт, аха зны-зынла данхҭасклак иҳәалон ибӷа 25 кьыла зкапануаз аимадаратә маруга шықәыз Берлинынӡа дышнаӡаз. Ила шааԥшоз иҩызцәа ахымца рыԥсҭазаара шҿахнаҵәоз. Зны, афашистцәа шаҟаҩы ҭаурхада ҳәа саниазҵаа "ԥшьҩык" иҳәеит. Сара стәалагьы имаҷысшьан сылахь ааиқәылеит. Схәыҷымзи, сабду аӷацәа рацәаӡаны иҭаирхеит ҳәа саҳар сҭахын", - еиҭеиҳәоит амаҭа Мураҭ Аџьба.
Риза Аџьба идыз аҭакԥхықәра даара иҳаракын. Иара ԥхьаҟа ицози шьҭахьҟа иааиуази аибашьцәа еимаидон. Ақәылара идәықәлоз рҭагылазаашьа инақәыршәаны ирышьҭанеиуаз адырра риҭон рхы шымҩаԥыргаша ала. Маҷӡак аҩашьара ҟалаӡомызт араҟа. Уи иалҵшәахар ауан агәыԥқәа рҭахара. Риза Аџьба дызҵаз аимадаратә маруга иалнаршомызт абџьар аныҟәгара. Иара ихатә ԥсҭазаарагьы иаԥхьагылази ишьҭанеиуази рнапаҟны иҟан.
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду цонаҵы, Риза Игнати-иԥа дрылахәын ажәыларатә аоперациақәа жәпакы. СССР атәылақәа дрылсны Европанӡа днаӡеит шьапыла. Аԥсныҟа дхынҳәит Аиааира ашьҭахь. Анцәа иџьшьаны иаби иан Кристна Барцыцԥҳаи рыԥсы ҭаны дрықәшәеит. Уахи ҽни имҩа иазыԥшыз иашьеи хәҩык иаҳәшьцәеи ргәы ҭынчхеит. Хара имгакәа Риза дҭаацәарахеит. Диразҟхеит занааҭла ирҵаҩыз Лиуба Оҭырԥҳа. Дара ҩыџьа аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи рхылҵит.
"Сабду аибашьра ашьҭахь Абӷархықәҟа нхара диасуеит, ақыҭа сҭаршынсгьы дахадыргылоит. Санду лакәзар аҭыԥантәи ашкол аҿы ахәыҷқәа аматематика рылҭон. Усҟантәи аамҭазы араҟа ашәанцәеи агырцәеи рацәаӡаны инхон. Сабду имаҵура ихы иархәаны илиршеит имаҷымкәа аԥсуа ҭаацәарақәа ақыҭаҟны адгьылқәа рыҭаны рнырхара", - иажәа иациҵоит Мураҭ Аџьба.
Риза Аџьба ибжьы ҭыганы аӡәгьы имаҳацызт, Аҷандарааи Абӷархықәааи бзиа дырбон. Ацәгьеи абзиеи раан иуаажәлар рыгәҭа дгылазар рҭахын, иажәа иазҵаауан.
Аԥсны
"Машәыршәа иԥсы шҭаз рбеит": Борис Џьологәуа иеибашьратә мҩа иазкны
"Сара ибзианы исгәалашәоит сабду ицеибашьуаз иҩызцәеи иареи аимадара шрыбжьаз. Урҭ уаанӡатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа ирхаҭарнакцәан. Лассы-лассы ашьҭымҭақәа рзишьҭлон. Аамҭа-аамҭала сасра изаалон. Усҟан ашьтәа имшьыкәа иуа-иҭынха адимԥхьалакәа иҟаломызт. Ицеибашьуаз иҩызцәа ракәзаргьы изныкымкәа иганахь ацхыраара аадырԥшхьан", - ҳәа азгәаиҭоит Мураҭ.
Риза Аџьба ҩ-еибашьрак дырхаанхеит. Аҵыхәтәантәи аан, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны ахьчара иазықәԥон иԥацәа Беслани Руслани. 2008 шықәсазы Риза имаҭа Денис далахәын Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра. Абас х-абиԥарак ирлахьынҵан аԥсадгьыл аӷа хәымга иҟынтә ахьчара.
Риза Игнати-иԥа ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи. Урҭ иреиуоуп "Аџьынџьтәылатәи аибашьра" аорден I-тәи аҩаӡара, "Аеҵәа ҟаԥшь" аорден.