Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аррантәи афронт ахь": Мкан Жьиба иҭоурых

© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2022
Анапаҵаҩра
1939 шықәса инаркны 1946 шықәсанӡа зхабар еилкаамыз, уажәшьҭа дхынҳәуеит ҳәа имгәыӷуаз иҭаацәа рахь Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҟны хьӡи ԥшеи рҳаны дааит Мкан Еснаҭ-иԥа Жьиба. Аветеран иҭоурых дазааҭгылоит иԥҳа Диана Жьиԥҳа.
Мкан Жьиба Мгәыӡырхәа ақыҭан аҭаацәа ду аҟны изҳаит, иара инаҩс аб Еснаҭи ан Елена Гәбазԥҳаи даҽа хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи рхылҵит. Еснаҭ Жьиба ихатә џьабаала дынхон, анхамҩа бзиагьы ныҟәигон. Ихәыҷқәа ашкол ашьҭахь азаанаҭқәа роурц азы аҵараиурҭақәа ирҭаиҵеит. Ажәакала аӡәы иашьҭахь игыламызт.
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаДараҭи Жьибеи иаҳәшьа Наталиеи
Дараҭи Жьибеи иаҳәшьа Наталиеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Дараҭи Жьибеи иаҳәшьа Наталиеи
1939 шықәсазы Еснаҭ иԥа Мкан аррамаҵурахьы иԥхьеит. Азеиԥш ԥсадгьыл аҿаԥхьа ирратә уалԥшьақәа шынаигӡоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагоит, амашьынаныҟәцаҩ изанааҭ заухьаз арԥыс иаразнак акомандаҟаҵаҩцәа мҩаԥигаларц азы адҵа иҭан. Лаҵарамза 1941 шықәса инаркны рашәарамза 1942 шықәсанӡа деибашьуан Алада-Мраҭашәаратәи афрот аҟны, рашәарамза 1942 шықәса инаркны хәажәкырамза 1943 шықәсанӡа Нзыҵ-Кавказтәи афронт аҿы дыҟан, иара убраҟа ахәрагьы иоуит. Анаҩс аибашьҩы ишьапы данықәгыла дышьҭын Украинатәи афронт ахь. Аштабтә батареиа акомандаҟаҵаратә артиллериа 106-тәи ахысратә корпус аҿы дмашьынаныҟәцаҩын, араҟагьы арратә чын дуқәа змаз акомандаҟаҵаҩцәа мҩаԥигон. Львов рыҟазаара иалагӡаны, Мкан Жьиба иҩызцәеи иареи адҵа рыҭан, 777-тәи артиллериатә полки дара ркорпуси аимадара рыбжьаҵаразы. Адҵа анагӡараан Асовет еибашьцәеи анемец фашистцәеи ӷәӷәала еиҿагылеит. Ирацәаҩхеит ишьызи ихәызи. Мкани гәыԥҩык иҩызцәеи ирылшеит 12-ҩык аӷацәа рҭархара, ирҭҟәеит реибашьыгатә техника.
"Саб ианакәызаалак аибашьра атема алацәажәара иҭахӡамызт. Иҵәахны имаз, икомандаҟаҵаҩцәа рнапы аҵаҩны изаарышьҭуаз аҳаҭыртә шәҟәқәа рыла ауп еиҳараӡак илшамҭақәа ртәы злаздыруа. Насгьы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡит иаасҭа еиҵыз иашьа Дараҭи. Иара иқәра арра иаҵанакӡомызт, аха ишықәс иацҵаны данца уаҳа дыхнымҳәит. Акзаҵәык иаҳдыруа 1942 шықәсазы асалам шәҟәы шааишьҭыз ауп, уинахыс ихабар еилкаам", - лҳәоит Мкан иԥҳа Диана.
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Мкан Жьиба
Мкани Дараҭи рани раби, уахи-ҽни рԥацәа рымҩа иазыԥшын. Анцәа лахьынҵас ириҭеит руаӡәы иԥсы ҭаны ибара. 1946 шықәсазы Мкан Еснаҭ-иԥа Сталин ихьӡала аибашьраҿы иибаз аџьабаазы иҭабуп ҳәа иаҳәаны икомандаҟаҵаҩцәа аҩныҟа дыршьҭит.
"Афронт аҟынтәи еибганы ихынҳәуаз аибашьцәа рҭаацәа рыдагьы ақыҭа зегьы рԥылон. Саб иеиԥш лассамҭа иоурмыжьуаз ыҟан азы, рыуа-рҭахы џьаракыр рыӡбахә иаҳазар ҳәа изҵаауаз рацәаҩын. Иара иԥсы ҭаны иҩныҟа дахьааз ргәакьацәа рзгьы агәыӷра роуит. Сандуи сабдуи аӡәы изы рыԥсыԥ еивыргеит", - лажәа иацылҵоит Диана.
Аибашьра аветеран Мкан Еснаҭ-иԥа илшамҭақәа рзы ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа амедалқәеи аорденқәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Агәымшәарази", "Кавказ ахьчарази", "Аџьынџьтәылатәи Аибашьра ду аан Германиа игоу Аиааирази" амедалқәа, "Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II-тәи аҩаӡареи", "Аеҵәа ҟаԥшь" аордени.
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны
1/5
Мкан Жьиба
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны
2/5
Мкан Жьиба
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны
3/5
Мкан Жьиба
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны
4/5
Мкан Жьиба
© Foto / из архива семьи Мкана ЖьибаМкан Жьиба
Мкан Жьиба - Sputnik Аҧсны
5/5
Мкан Жьиба
1/5
Мкан Жьиба
2/5
Мкан Жьиба
3/5
Мкан Жьиба
4/5
Мкан Жьиба
5/5
Мкан Жьиба
Дараҭи иакәзар, Еснаҭи Еленеи уажәшьҭа дзымаауаз шырныруазгьы рыдунеи рыԥсахаанӡа гәыӷрак рыцын. Егьараан ашҭаҿы итәаны рылаԥш амҩаду ахь ихан.
Мкан Жьиба аибашьраан инапы злакыз амашьынаныҟәцара каимыжьит. Аусура далагоит Гәдоуҭатәи автотранспорттә еилакы аҟны. Тәанчара дцаанӡа аҭынчуаа мҩаԥигон.
Ажәабжьқәа зегьы
0