Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Машәыршәа иԥсы шҭаз рбеит": Борис Џьологәуа иеибашьратә мҩа иазкны

© Foto / из семейного архива Джологуа Борис Джологуа
Борис Джологуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан, Асовет Еидгыла ахьчара иазгылаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан 11677-ҩык Гагра араион ахаҭарнакцәа, урҭ рахьтә 2252-ҩык аибашьра рхы ақәырҵеит. Иахьа иеибашьратә мҩа сазааҭгыларц сҭахуп Бзыԥҭантәи хатәгәаԥхарала азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылаз Борис Никәала-иԥа Џьологәуа. Аибашьра аветеран иӡбахә сзеиҭеиҳәеит иԥа Гарри Џьологәуа.
Борис иаб Никәала Џьологәуа 40 шықәса ракәын ихыҵуаз идунеи аниԥсахуаз. Аамҭа хьанҭақәа дыриааиуа иԥшәма ԥҳәыс Қсениа Қардааԥҳа хәҩык ахәыҷқәа лхала ршьапы иқәлыргылар акәхеит. Борис ахшара иреиҳабыз иакәын азы, иаб иаамышьҭахь иеиҵбацәа хҩык иаҳәшьцәеи иашьеи рааӡараҿы аҭакԥхықәра иан илыцеиҩишеит.
1941 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналага, аӡәы иашьҭахь игыларц зҭахымхаз Борис иқәра шаҵанамкуазгьы, ақьаадқәа еиқәиршәеит ишықәс иацҵаны. Уи ашьҭахь хатәгәаԥхарала Гагратәи арратә комиссариат ахь днеит, иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьақәа наигӡарц шиҭаху ҳәауа. Борис Џьологәуа аԥхьанатә Тҟәаԥс (Туапсе) аганахь дыршьҭуеит.
© Foto / из семейного архива Джологуа Борис Джологуа
Борис Джологуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Борис Джологуа
"Саб Борис, Тҟәаԥс ашьхара "Индюк" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ алоуп иеибашьратә мҩа шалагаз. Иара убраҟа ахыԥҽыхақәа илалоит, аконтузиагьы иоуеит. Иԥжәаз арҭҟәацга иахҟьаны гәыԥҩык анышә рықәнаԥсеит. Саб еиқәыжьыз анышә инапы алҳәҳәон аҟнытә, џьоукы имхаз асааҭ уажәшьҭа ихәом ҳәа иахырхырц ианалага, иԥсы шҭаз аҟара рдырын, анышә дыҵырхит. Убас машәыршәа иԥсы еиқәхеит, аха излымҳак уинахыс идагәахеит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Борис Џьологәуа иԥа Гарри.
Борис Тҟәаԥс дыҟанаҵы, ихәны Аԥсныҟа иааргоз Џыр Чыкәбар дибазаап. Дара Бзыԥҭа иеигәылацәан. "Суҳәоит, ухы хьча" ҳәа Џыр дышиҳәоз ауп ишеиԥырҵыз. Изныкымкәа Борис дшыҟоу лбарц, ифатә, ижәтә, имаҭәа лыманы лыԥҳа Татиана длыцырхрааны лԥа дахьыҟаз архәҭақәа дырҭаахьан ан Қсениа Қардааԥҳа.
© Foto / из семейного архива Джологуа Борис Джологуа
Борис Джологуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Борис Джологуа
Борис аибашьра цонаҵы амашьынарныҟәцаратә курсқәа дырхысны, ихьанҭоу атехникагьы арныҟәашьа иҵахьан, аныҟәцаҩ-механикс дыҟан, атанк Т-34 дақәтәан. Ихәрақәа лассы-лассы дышдыргәамҵуазгьы, Европа атәылақәа жәпакы рҭарцәра далахәын. Аиааира даԥылеит Германиа, Кионигсберг. Борис Џьологәуа аибашьра ашьҭахьгьы ирратә уалԥшьақәа рынагӡара ирыциҵоит. Даанхоит Польша, акоменданттә ротаҟны. Имҩаԥигон акомандаҟаҵаратә еилазаара.
"Саб 1949 шықәсазоуп аҩныҟа данаа, иара уигьы хатәгәаԥхарала акәӡам. Игәакьацәа ишьҭаланы ицеит, убасҟан Џыр Чыкәбаргьы дрыцныҟәеит. Игәшәа ҳәаны, иҭаацәара дышрыгу агәра ирганы Аԥсныҟа дрыманы иааит", - иҳәоит аԥа.
Борис Никәала-иԥа аибашьраҟны иааирԥшыз агәымшәареи агәаӷьреи рзы ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи. Иахьанӡа иҭаацәа еиқәханы ирзынхаз "Аџьынџьтәылатәи аибашьра" аорден II аҩаӡара ауп.
© FotoБорис Џьологәуа
Борис Џьологәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2022
Борис Џьологәуа
Борис аҩныҟа данаа аусура далагоит аԥсшьарҭа ҩны "Украина" амашьынарныҟәцаҩс. Анаҩс дҭаацәарахоит, диразҟхоит аурыс ҭыԥҳа Валентина Круглова. Ирхылҵуеит хҩык аԥацәа.
"Ҳаб аибашьра дцаанӡа иҟазшьа еиҳа иҟәымшәышәын рҳәоит дыздыруаз, аха дызлаԥшыз ахлымӡаах ашьҭахь еиҳа дыхьшәашәахеит, дыџьбарахеит", - азгәеиҭоит Гарри.
Мас Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Аԥсны
"Алацәажәара бзиа ибаӡомызт": Ленинградтәи аблокада иалахәыз Мас Канџьариа иҭоурых
Аԥа иажәақәа рыла, Борис бзиа ибаӡомызт аибашьра атема алацәажәара. Аха зны-зынла хҭысқәак дырзааҭгылон. Афронт аҟны акомандаҟаҵаҩцәа "шәыԥсыԥ еивыжәымган" рҳәаргьы ишынагӡатәыз, алеишәа шыҟаз иҳәалон. Зны солдаҭк аҭаҭын цыблааха иахьакәымз ианкаижь, ауаҩы иԥсыбаҩ анышә иаиҭозшәа анышәынҭра идыржын, иҭаҭын цыблааха уахь иҭаршәны анышә ақәиԥсарц адҵа ирҭеит. Абас асолдаҭцәа анагӡаратәи ачҳаратәи ҟазшьа ҷыдарақәа рыларааӡон.
Борис ақәра ду изнымҵит, 71 шықәса дшырҭагылаз, ахәра изыннажьыз ачымазара аҽарцәгьан, дхьаа мацараха дшыҟаз иԥсҭазаара далҵит.
Ажәабжьқәа зегьы
0