Аԥсны

"Ԥсра зқәым архәҭа", аконцертқәа, акинорбарақәа: Аԥсны Аиааира Ду амш шазгәарҭо

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш азы Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны иазгәаҭоуп ацәыргақәҵақәа, акциа "Ԥсра зқәым архәҭа", аспорттә еицлабрақәа, аконцертқәа.
Sputnik
Лаҵара 9 рзы Аԥсны иазгәаҭоу аусмҩаӷатәқәа арбақәан шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Аҟәа

Аҟәа Лаҵара 9 рзы иазгәаҭоуп еиуеиԥшым агәырӷьаратә программа. Ара урҭ ирылагахьеит лаҵара 5 инаркны.
Лаҵара 8 рзы акультура-усуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы "Аиааира Амузыка" захьӡу Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр иаарту аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп.
Лаҵара 9 рзы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп асааҭ 9:30 рзы.
Асааҭ 11:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны арратә парад ҟалоит.
11:40 рзы Аиааира ашҭаҿы "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩасуеит.
11:50 рзы аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианыланы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарыла имҩасуеит.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит Аиааира Ду иазку апарад аҽазыҟаҵара хада
Асааҭ 11:00 рзы "Гәыма" аҿы иаатуеит афотоцәыргақәҵа "Ҳара ҳгәалашәара".
Асааҭ 13:00 рзы Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатуеит XX ашәышықәса иатәу еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа, уи аартызаауеит лаҵара 15 рҟынӡа.
Асааҭ 13:00 - 15:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҿкаахоит аконцерт ахәыҷтәы ҟазаратә школқәа алархәны. Иара убас ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа еиҿкаахоит. Иара убас ара ицыргахоит аҟазаратә школқәа ирҭоу ахәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.
Асааҭ 15:00 рзы агәашьаркыра аҿаԥхьа ашахматқәа, ашашкақәа, адомино, атеннис маҷ рзы абзиабаҩцәа ртурнир иалагоит.
Асааҭ 16:00 рзы Сергеи Багаԥшь иашҭаҿы даҽа концертгьы ҟалоит. Асааҭ 17:00 рзы аплатформа "Гәыма" аҿы Аиааира иазку ажәеинраалақәа рыԥхьарақәа еиҿкаахоит.
Аԥсны
Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит
Асааҭ 18:00 рзы астадион "Динамо" аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ашьапылампылтә хәмаррақәа мҩаԥыргоит.
Асааҭ 18:00 рзы адәыӷбаангыларҭа "Гәыма" аҟны лаҵара 9 1945 шықәса рзы иҟаз аҭагылазаашьа аԥҵара рҽазыршәоит. Иадгылоит "Аиааира адәыӷба". Аусмҩаԥгатә иахьӡуп "Аибашьра ашьҭахь асааҭ 6 рзы".
Ԥыҭрак ашьҭахь иара уаҵәҟьа асааҭ 19:30 рзы асовет фильмқәа ддырбалоит.
Лаҵара 9 асааҭ 13:00 рзы "Москва аҩны" аҿаԥхьа идәықәлоит авелоеиԥхныҩлара "Иҭабуп Аиааиразы". Уи алахәылацәа Аҟәа-Гәылрыԥшь-Аҟәа" амаршрут ианысуеит.
Аԥсны
77-тәи Аиааира Ду амш иаԥылоит 14-ҩык аҟәатәи аветеранцәа

Аҟәа араион

Лаҵара 9 рзы Аҟәа араион ақыҭақәа рҿы имҩаԥысуеит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз ирызку абаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара.

Гагра араион

Аиааира амш Лаҵара 9 рзы Кавказ ахьчаҩцәа рмемориал аҿаԥхьа аибашьра аамҭазтәи аҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа ҟалоит.
Лаҵара 4-10 рзы асааҭ 13:00 инаркны 16:00 рҟынӡа Акультура ахан аҿы иддырбоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку адокументалтәи асахьаркыратәи фильмқәа.
Лаҵара 9 асааҭ 11:00 рзы амемориал аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара мҩаԥысуеит. Асааҭ 11:00 рзы Гагра ашколхәыҷқәеи ақалақьуааи акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәын шьаҿеиқәшәала ақалақь иалсны 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟаҟынӡа инеиуеит.
Асааҭ 12:20 инаркны абаҟа аҿаԥхьа аконцерт ҟалоит. Иара убас ара адәынтәи акрыфарҭа еиҿкаахоит, ақашьи ачеи рырҭоит, ахәыҷқәа аршәи ажьырӡи рырҭоит.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аибашьра Ду аветеранцәа Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Гәдоуҭа араион

Гәдоуҭа лаҵара 9 асааҭ 9:45 рзы "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩасра иалагоит. Уи алахәылацәа ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизаны иҭахаз рыуацәа рпатреҭқәа кны Афырхацәа рыпроспект ианыланы 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟаҟынӡа инеиуеит.
Анаҩс, ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьоит, ансамбльқәа "Риҵеи" "Ахьышьҭреи" аибашьра иалиааз ашәақәа нарыгӡоит. Уи аҽны Урыстәылатәи Абыжьбатәи арратә база адәынтәи акрыфарҭа еиҿыркаауеит, уи анапхгаҩы Урыстәыла ахада иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьоит.
Лаҵара 8, 9 рзы Дәрыԥшьтәи аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп.
Аԥсны
Аҽыбӷа иаласоу: Кәтол имҩаԥысит аҽыхәмаррақәа

Очамчыра араион

Есышықәсеиԥш, сынтәагьы Аиааира Ду амш аҽны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" еиҿкаахоит Очамчыра, уи иалагоит асааҭ 10:00 рзы амшынбаӷәазахь уназго ахаҵәирҭаҟынтәи. Уи алахәылацәа ақалақь амҩадуқәа ирнысуеит, рымҩа хдыркәшоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.
Амемориал аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь иҟалоит амитинг, анаҩс Акультура аҩнаҿы асааҭ 13:00 рзы имҩаԥысуеит аконцерт.
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бласкьырԥҳа Аиааира Ду аныҳәамш Очамчыра ишазгәарҭо атәы

Гәылрыԥшь араион

Гәылрыԥшь лаҵара 6 рзы 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит, анаҩс асааҭ 13:00 рзы Акультура аҩнаҿы агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит. Лаҵара 7 рзы араион ахадара аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирҭааны ирыдырныҳәалеит.
Лаҵара 8, 9 рзы араион ахаҭарнакцәа аҳҭнықалақь аҿы иҟало аусмҩаԥгатәқәа ирылахәхоит.

Тҟәарчал араион

Лаҵара 9 асааҭ 11:00 рзы Акультура аҩны ашҭаҿы ихацыркхоит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа". Араион анхацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәа рыманы ианысуеит Афырхацәа раллеиа, уа ашәҭқәа шьҭарҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахази Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахази рбаҟақәа рҿаԥхьа.
Асааҭ 11:30 рзы Акультура аҩны ашҭаҿы агәалашәаратә митинг ҟалоит, анаҩс иалагоит астудиа "Ахәыҷра" злахәу аконуерт. Араҟа иаадыртуеит адәынтәи акрыфарҭа.

Гал араион

Аиааира Амш аҽны Гал аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит ашҭа хадаҿы, уа шьыжьнаҵы аибашьра иалиааз ашәақәа адырҳәалоит. Асааҭ 10:00 рзы ауааԥсыра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵоит. Асааҭ 11:00 рзы иалагоит акциа "Ԥсра зқәым аполк", уи алахәылацәа ақалақь иалсны Ахьӡ-Аԥша апарк аҟынӡа инеиуеит, иҿымцәаауа амца аҿаԥхьа. Ара асааҭ 13:00 рзы иаадыртуеит адәынтәи акрыфарҭа, урыстәылатәи аруаа аҭыԥантәи ауааԥсыра ирҿарҵоит ақашьи ачаии, иара убас 100 граммк арыжәтәи.
Асааҭ 13:00 рзы Акультура аҩнаҿы иазгәаҭоуп ашколтә коллективқәа рықәгылара. Агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахоит асалиут ала асааҭ 19:00 рзы.