Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бласкьырԥҳа Аиааира Ду аныҳәамш Очамчыра ишазгәарҭо атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бласкьырԥҳа Аиааира Ду аныҳәамш Очамчыра ишазгәарҭо атәы
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы Амра Бласкьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лаҵара 9 рзы аныҳәамш шазгәарҭо ақалақь аҟны.
Аиааира Ду амшныҳәа аҽны Аԥсны араионқәа зегьы рҟнеиԥш Очамчырагьы еиҿкаахоит аныҳәатә уснагӡатәқәа. Асааҭ 10 рзы иалагоит "Ԥсра зқәым архәҭа" аныҟәара. Ашәҭқәа шьҭаҵахоит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан, имҩаԥгахоит агәалашәаратә митинг. Ҽынла асааҭ аказы Акультура ахан аҟны имҩаԥгахоит аконцерт.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0