Аԥсны

Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа аусура иалагеит

Sputnik
Аҟәа, лаҵара 12 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Иналукааша аԥсуа поет, апрозаик, алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩ, академик, аҵарауаҩ- абызшәаҭҵааҩы, афольклорҭҵааҩ, аиҭагаҩ, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.
Аконференциа алагаанӡа уи алахәылацәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны
Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Аусмҩаԥгатә иалахәын аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, абызшәадырыҩцәа, ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа, астудентцәа.
Аконференциа рхы аладырхәит атәыла анҭыҵтәи аҵарауаа: азиндырра акандидат, адоцент Ҟарачы-Черқьестәи аҭҵааратә институт аиҳабы Рамазан Тхагапсов, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Т.М. Керашев ихьӡ зху Адыгеиатәи Аҳәынҭқарратә аҭҵаарадырратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Марзиат Биданок, апедагогикатә ҭҵаарақәа ркандидат, адоцент, Тахо-Годи ихьӡ зху Даӷьсҭантәи аҭҵаарадырратә педагогикатә институт анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Мииасиат Муслимова.
Аконференциа аартуа, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ишилшаз наунагӡатәи аԥсуа литература арбеиаразы ауасхыр азышьҭаҵара, уи ирҿиамҭақәа иахьа уажәраанӡа ажәлар рыҩнуҵҟа анырра ӷәӷәа шрымоу.
Аԥсны
Ажәлар рыбзиабара иалнахыз: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса ҵит
"Баграт Шьынқәба дыҟан, наунагӡагьы дагьаанхоит аԥсуа жәлар дырҿахәхәаҩны, аԥсуа сахьаркыратә литература амҽхак шьарда изырҭбааз, аԥсы ахазҵаз, аклассикатә традициақәа еихазҳаз иналукааша аҵарауаа дыруаӡәкны", - ҳәа иҳәеит иара.
Акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Баграт Шьынқәба иажәа цқьа, ипоетикатә бызшәа шҿырԥшыгоу еиҵагыло абиԥарақәа рзыҳәаны. Уи ишрыланааӡо аԥсуа бызшәа иаҵаҵәаху амаӡақәа ристетикатә гьама.
Ҟарачы-Черқьестәи аҭҵааратә институт аиҳабы Рамазан Тхагапсов ринститут ахьӡала аԥсуа, абаза, адыга жәлар ҳҭоурых атәы зҳәо, аҭҵаарадырратә усумҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа ҳамҭас иаиҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт. Убас иара дазааҭгылеит, аҭҵаарадырра адагьы, аԥсуа жәлари Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ажәлари еидызкыло дак еицҭаныҟәо ашьа шакәу.
Аԥсны
Ҷлоу анаҳҳәо, Баграт ҳаҳауеит
"Баграт Шьынқәба ирҿиара Кавказ иқәынхо аԥсуа-адыга жәларқәа зегьы еицаҳзеиԥшуп. Иара ибзоурала атәым милаҭқәа ҳаешьара жәлар рыӡбахә раҳаит. Уи иусумҭақәа рыҟны дарбанзаалак ихатәы лкаа ҟаиҵоит, ихатәы ҟәырҷаха аликаауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа Баграт Шьынқәба идҳәаланы игәалашәарақәа дырзааҭгыло иҳәеит, ҵарауаҩк ихаҭара инаҷыданы, уаҩык иаҳасабала ихаҭаратә ҟазшьа ишалнаршаз ижәлар рыбзиабара аԥсахара:

"Ажәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахт, иаԥсам дабаӡом. Ииашҵәҟьаны, ус иагьыҟалеит. Баграт Шьынқәба илшеит ицәаҳәақәа рыԥсахара, ижәлар рыбзиабара далнахит. Сара ибзиаӡаны дысгәалашәоит, ҳаҩныҟа акыр дымҩахыҵхьан. Ҟазшьала цәгьала ауаа дырзааигәан, дҵарауаҩ наган. Уи ахаан иҿымцәаауа ахәышҭаара ҳзынижьит", - иҳәеит Гәарамиа.

Адыгеиатәи Аҳәынҭқарратә аҭҵаарадырратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Марзиат Биданок лықәгылараҟны илҳәеит гәахәарыла лхы шалалырхәуа имҩаԥысуа аконференциа. Убас инаҵшьны иазгәалҭеит, Кавказ иқәынхо ажәларқәа реибабара, реигәныҩра ҿыц еиҵагыло абиԥара рзыҳәаны ҿырԥштәык ишаҩызоу. Анаҩс лара Нхыҵ- Кавказ ашәҟәыҩҩцәа ргәыԥ ахьӡала, ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәа ҳәа аҳаҭыртә шәҟәқәа раналшьеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Мушьни Лашәриа, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа.
Аусмҩаԥгатә иацҵауа, ирыԥхьан ажәахәқәа, иҳәан агәаанагарақәа.
Аконференциа иаҵахоит лаҵара 13 азы. Аусура иалагоит асааҭ 11:00 рзы.
Апоет иҩызцәеи иареи: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса ҵит