Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҷлоу анаҳҳәо, Баграт ҳаҳауеит

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааБаграт Шинкуба
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵара 12 рзы 105 шықәса ҵуеит Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа иаԥсахаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, аҵарауаҩ, аиҭагаҩ Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи.
Ишәыдаагалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа арҿиаҩ ду изикыз анҵамҭа.
Сышлара гәамҭакәа,
Схәыҷра ахьысԥыло,
Ҷлоунтәи Аҟәаҟа,
Сеидру, сандәықәло,
Сеидру, сандәықәло!..
Баграт Шьынқәба
Аԥсабара ааԥынра анааиуа ишгәырӷьо еиԥш, амилаҭ поет ду иира амшаз, имилаҭ зегь гәырӷьоит, избанзар, урҭ ирдыруеит усеиԥш иҟоу апоетцәа дуқәа шәышықәсарахь знык шакәу ианиуа… Ҳаԥсуа милаҭ ирызкашәеит уи аҩыза анасыԥ бзиа, ҳпоезиа зегьы иреиҳаӡоу аҳракыраҿ иназгаз поетны диит Баграт Шьынқәба. Уи дызлиааз ақыҭа ду Ҷлоу инаҭеит хараӡа дызлаԥрышаз амҵәыжәҩа ссирқәа, иҵанаҵеит ашьамхы ҵар, ахшыҩ хьыршәыгә, абаҩхатәра ду, иааикәыршан, иваӷӷа игылан асранџь-цқьа еиԥшыз абыргцәа ҟәышқәа, ашәышықәсқәа иргәылганы жәлар рҳәамҭа хьыршәыгәқәа зман иаауаз… Апоет раԥхьа дахьыҵԥраауа иқыҭа, убраҟа иныруа ажәа ԥшқарах аԥхарра, нас акырӡа шықәса иԥсҭазаараҿы ацәашьеиԥш иххаӡа изакызаауеит. Убас, иан гәакьа леиԥш дааӡаны, ҳажәлар зегьы дырзеиԥшны дырнаҭеит ҳпоет ду иқыҭа гәакьа Ҷлоу!..
Ушьыжь ӡаӡа цәыкәбарк сықәҭәар,
Уаҳа исмоур ҳәа сацәшәаны,
Уи сшахӡыӡо, уԥша снудар,
Иаасымҟәыҵшәоит лаӷырӡны…
Ҷлоу ухчныза Ԥанаҩ схалар,
Дунеи салаԥшуеит хара.
Уахьтә сеимдо, сеимдо сынҭалар,
Ҿыц исԥхахалоит схәыҷра.
Заԥхьаҟа змилаҭ зегьы рҿахәы зҳәараны иҟаз апоет, дшыхәыҷӡаз иқыҭаҽы ажәа агьама бзиа икит, раԥхьаӡа имԥыхьашәаз Дырмит Гәлиеи, Иуеи Коӷониеи рышәҟәқәа дхьадрыԥшит кьыс змаӡамкәа ишьҭаз ҳфольклор ахь, ҿыц зшьапы иаақәгылаз ҳлитературахь. Аха раԥхьаӡа иргыланы ибзиаӡаны урылахәзар акәын, узааӡаз уҳабла, уқыҭа, ахьааи, агәырҩеи, агәырӷьареи, уаҟа иубоз аԥхыӡ хаақәа иреиԥшны имҩамсуазар ҟалон аԥсҭазаара, аха уи агьама уцәымӡыр акәын, избанзар, иара аԥҭазаара ахаҭа угәазрыԥхо зегьы раԥхьа игылоуп дара…
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы
Абар, акыр шықәсақәа рышьҭахь, Баграт ду иаркы-иаркы ирцә ҳәа даныҟаз, ихьӡ адунеи ианаҳа, Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум данахагылаз, уажәы-уажәы аӡышеиԥш, дшаргәаҟуаз, иусқәа зегьы аакажьны ишьапы аналаргылара шиҭахыз иқыҭа гәакьа Ҷлоу. Уи бзианы ирныԥшуеит 1967-1978 шш. рзы ииҩуаз имшынҵақәа:

"Арҭ ахымш Ҷлоу сыҟан. Ԥшак насҿасыр, сшьапы неиҵысхыр, издыруада исыхгар иаасызкылҟьаз ахыхь - ус ҳасабны ауп амҩа сшықәлаз, аха еиӷьхара ҳәа акгьы збом. Ишԥазури? Сабацари? Ара Аҟәа усгьы сеилахарақәа, схыҭаҩынҭарақәа рҵыхәа ԥҵәом. Ҷлоу саннеилак, ашьхыҵә реиԥш иаасықәпапоит ҭаха сызымҭо сгәалашәарақәа, сыгәҭыхақәа."

Иахьа Ҷлоу ақыҭа иамоу абеиарақәа, ахаарабзаара ҳәа акрыҟазар, ашкол ду инаркны, ақыҭа Акультура хани, ахәыҷбаҳчеи рҟынӡа, рыргылара заԥшьгамҭаз, усҟантәи аамҭаз еиҳабырагь-еиҵбырагь зегьы ршьапы иқәзыргылаз, иааҟазымҵакәагьы ирыцрымҵыз ҳпоет ду иоуп! Амала убра иазгәаҭамзар ҳақым, Баграт ақыҭа арҿиаразы иааиҳәоз зегьы дшадгылоз, инапы шақәиҵоз, усҟан Аԥсны Автонмтә республика Ахада, Апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ, Ҷлоу ииз, иааӡаз Борис Виктор иԥа Адлеиба. Иуҳәар ауеит, арҭ ауаа дуқәа аҩыџьагьы рыжәҩахыр еидҵаны, рқыҭа гәакьа даара акыр иацхрааит ҳәа.
Иаагап, апоет хыхь зыӡбахә ҳҳәаз имшынҵа аҟынтә урҭ ахҭысқәа шигәалаиршәо:
"Амш ниасит ҟыҟда-ҿыҟда. Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум аҿы ҳахәаԥшит Ҷлоутәи Акультура ахан апроект. Иаҳзыргылар, хар змам акәхар ҟалап. Аха, аргылара зылшода? Знапы ианаҳҵода? Апроект сыманы Қарҭҟа сеихароуп. Уа ашьапы скыроуп акәымзар, арахь ала акгьы алҵуам. Ирыцҳахеит Ҷлоуаа, жәларык хыҵакырҭа рымаӡам!.."
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Арҿиаратә еиԥыларақәа, аҩызцәа рыдкыларақәа: Баграт Шьынқәба
Абарҭ ахҭысқәа абра изысгәаласыршәо, Баграт имч илшара аӷьырак зегьы, иара дызлиааз, ишьапы дықәзыргылаз иқыҭа гәакьа иадҳәалан, ипоезиаҿгьы, ипублицистика аҿгьы, иԥсҭазаара аҿгьы… Иԥсҭазаара анаҳҳәа, абраҟа хымԥада иаҳгәалаҳаршәароуп акырӡа зҵазкуа ҳпоет ду инысымҩа:
Шьынқәба Баграт Уасил-иԥа (12.05.1917, Аԥсны, иахьатәи Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа, – 25.02.2004, Аҟәа ақалақь) – апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-лингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик , Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкартәылеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа. Ианашьоуп Ленин иорден, Алитературазы – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ароман "Ахра ашәа" азы, Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә премиа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Ҷлоу ақыҭантәи алагарҭатә школ дҭан 1926-1928 ашықәсқәа рзы, нас - Џьгьарда ақыҭантәи быжь-шықәсатәи ашкол. Дрылгеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникуми А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша, Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы Аҧсныҟа дхынҳәит, 1943 ш. азынӡагьы рҵаҩыс аус иуан, анаҩс – агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аредакциаҿы, Н. И. Марр ихьӡ зхыз абызшәеи аҭоурыхи Аҧснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҟны. 1943-1944 шш. раан иҵара иациҵон Қарҭ, абызшәадырра аинститут аҟны.

1947 шықәса февраль 25 рзы Б. У. Шьынқәба, Гь. А. Ӡиӡариа, К. С. Шьаҟрыл ашәҟәы дәықәырҵеит ВКП(б) Ацентр Комитет (Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ А. А. Кузнецов ихьӡала) ашҟа, уаҟа иаахтны иадырбеит аҧсуа жәлар рзинқәа реилагареи ркультура аицакреи шымҩаҧысуаз. Б. Шьынқәба дналаҵаны ашәҟәы авторцәа ирышьклаҧшуа иалагеит, ашәҟәыҩҩы усҟан дызлеиқәхаз џьашьахәуп.

1954-1958 шш. раан Б. Шьынқәба Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын, 1958-1979 шш. рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дыҟан. 1959, 1978, 1984 шш. раан СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан, 1989 ш. - СССР жәлар рдепутатс. 10 шықәса инареиҳаны Аԥсны Аминистрцәа Рсовет Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь акыр шықәса хадара азиуан Аԥсны Ахада иҟны иҟаз Ауаажәларратә хеилак.
Дышхәыҷыз жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа дрызҿлымҳахеит, иара убас раҧхьатәи аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи – Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, С. И. Ҷанба уҳәа рҩымҭақәа. Дышнеи-шнеиуаз уи иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ибалладақәеи жәпакы шьаҭас ироуит афольклортә сиужетқәа.
Баграт Шинкуба у дома Гете в Веймаре, Германия в 1986 году.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Аԥсны иаԥҵахоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху жәларбжьаратәи афестиваль
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит акыр заа. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа ируакуп 1935 ш. ажурнал "Аԥсны ҟаԥшь" ианылаз "Ахаҵара". Уи нахыс иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Абаза", "Аҟәа-Сухум", "Дружба народов", "Новый мир", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Сабҷоҭа Аԥхазеҭи", "Республика Абхазия", "Сухум вечерний", "Абхазия" (Москватәи аҭыжьымҭа), "Еҵәаџьаа", "Нарҭ", "Федерация", "Литературная Россия", "Литературная газета"; аизгақәа: "Литературная Абхазия", "Ерцахә"; ашәҟәқәа: Памятник нам сыновей не заменит… Ажәеинраалақәеи ашәақәеи", "Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи" ; "Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.". 1938 шықәсазы Аҟәа иҭыҵит раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Раԥхьатәи ашәақәа".
1940-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи – 1960-тәи ашықәсқәеи раан апоет иаԥиҵоит ажәеинраалақәа: "Амҳаџьыраа ргарашәа", "Апартизан", "Сыԥшалас", "Аӡынтәи ашьыжь" уҳәа егьырҭгьы; абалладақәа: "Ахәыҷра", "Аҿырпын", "Риҵа", апоема "Иаирума", аԥсуа литература аклассика акәны иагьыҟалеит. Арҭ ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба иҽԥишәоит апоезиа аепикатә форма дуқәа рҟны, иҩуеит апоема "Аҳәачаԥа", иажәеинраалоу ароманқәа "Аҿатә уаа", "Ахра ашәа". Иажәеинраалақәа "Амҳаџьыраа ргарашәа", "Апартизан", "Сыԥшалас", "Кофта шкәакәа зшәу" уҳәа ирылхны иаҧҵан ашәақәа, лассы-лассы урҭ жәлар рашәақәа ракәнгьы ирыдыркылоит.
1960-тәи ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба дырзыхынҳәуеит алирикатә жәеинраалақәа, аурыс, ақырҭуа, европатәи апоезиа уҳәа рҟнытә аиҭагара инапы алакын. Апоет апрозаҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵоит. Раԥхьатәи ипрозатә ҩымҭа – аповест "Чанҭа дааит" анылеит ажурнал "Алашара" 1969 шықәсазы (№4). Абри ашықәс азы уи еиҭаган аурысшәахь, Е. Герасимов ибзоурала, егькьыԥхьын ажурнал "Новыи мир" (№6) аҟны. Уи нахыс Б. Шьынқәба иҩуеит ароман "Ацынҵәарах", раԥхьаӡа акәны ианылеит ажурнал "Алашара" (№1-8) 1974 шықәсазы; хазы шәҟәны иҭыжьын уи ашықәс анҵәамҭазы.
Ироман "Ахаҳә еиҩса" актәи ашәҟәы иҩит 1979-1981 шш. раан, егькьыԥхьын ажурнал "Алашара" аҟны, хазы шәҟәны иҭыҵит 1983 шықәсазы. Хара имгакәа аурысшәахь еиҭеигеит И. Бехтерев, егьҭнажьит аҭыжьырҭа "Советский писатель" 1986 шықәсазы. Аҩбатәи ашәҟәы аҩра далагеит 1987 шықәсазы, егьхиркәшеит 1991 ш. маи мзазы. Аҵыхәтәантәи авариант кьыԥхьуп Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реизга 4-тәи атом аҟны. Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реиҳарак (ажәеинраалақәа, апоемақәа, абалладақәа, ароманқәа, аповест) аурысшәахь еиҭагоуп (еиҭаргеит И. Козловски, С. Липкин, Р. Козакова, А. Межиров, И. Неиман, Л. Длигач, Д. Голубков, В. Луговскои, В. Потапова, В. Державин, Р. Рожденственски, К. Симонов, В. Ахмадулина, С. Куниаев, Л. Мигдалова, Е. Балашов, Б. Брик, Л. Озеров, Г. Павловскаиа, Б. Серебриаков, М. Луконин, Е. Николаевкаиа, И. Кушак, Евг. Евтушенко, М. Алигер, Евг. Герасимов, И. Бехтерев, Д. Чачхалиа уҳәа егьырҭгьы), иҩымҭақәа жәпакы (еиҳаракгьы "Ацынҵәарах") еиҭагоуп адунеи акыр абызшәақәа рахь.
Баграт Шьынқәба иԥа, Бенур Шьынқәба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2016
Шьынқәба: саб иҳәон, аҭоурых зхашҭыз дзыниауа рацәахоит ҳәа
Б. Шьынқәба авторс дрымоуп иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы, урҭ рызкуп аԥсуа бызшәеи, афольклори, аетнографиеи. Еиқәиршәеит афольклортә текстқәа реизга, урҭ иреиуоуп: "Абхазские сказания" (аурысшәахь еиҭеигеит С. И. Липкин), "Нарҭ Сасрыҟәеи ҧшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи рыхҭысқәа" (еиқәдыршәеит Ш. Д. Инал-иҧеи, К. С. Шьаҟрыли, иареи); аурысшәахь еиҭаргеит Г. Гәлиа, В. Солоухин; , "Ахьырҵәаҵәа; Аҧсуа жәлар рҿаҧыц ҳәамҭақәеи аетнографиатә материалқәеи" уҳәа егьырҭгьы.
Б. Шьынқәба деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Уи аԥсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов, Н. А. Некрасов, Џь. Баирон, И. В. Гиоте, Ш. Бодлер, П. Верлен, Ш. Петефи, Ш. М. Бараташвили, А. Р. Ҵереҭели, Г. В. Табиӡе ражәеинраалақәа, Ш. Русҭавели ипоема "Абжьас-цәа зшәу" ацыԥҵәахақәа уҳәа.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Раԥхьатәи ашәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1938; Аҳәачаҧа. Аҟәа, 1943; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1948; Аҿатә-уаа. Иажәеинраалоу ароман (Альманах. Аҟәа, 1951, №2. (2-тәи аҭыжьымҭа – Аҟәа, 1955; инхарҭәаау авариант – Аҟәа, 1963); Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1956; Иаирума. Амшәкәашара. (Ахәыҷқәа рзы апоема). Аҟәа, 1961; Аҧхын. Аҟәа, 1962; Ахра ашәа. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 1965; Иалкаау иҩымҭақәа: 2-томкны. Аҟәа, 1967-1968; Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман: 3-шәҟәыкны. Аҟәа, 1974; Ажәа. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 1975; Иҩымҭақәа реизга. 3-томкны. Аҟәа, 1977-1979; Ахаҳә еиҩса. Ароман. Аҟәа, 1983; Аӡыхь. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985; Ааҧынтәи ашәахәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Иҩымҭақәа реизга: 4-томкны. Аҟәа, 1987-1988; Иҩымҭақәа реизга. 5-тәи атом. Иацы. Иахьа. Уаҵәы. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, астатиақәа, ақәгыларақәа (Аҧсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2003; Иҩымҭақәа реизга. 6-тәи атом. Есымшааира ашьха схалоит: Ажәеинраалақәа, аҭҵаамҭақәа, ақәгыларақәа. (Аҧсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2008; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988. (Асериа "Иалкаау аҧсуа лирика" ала); аурысшәахь аиҭагақәа: Мои земляки. Роман в стихах. М., 1953. (аиҭаҭыжьра - Қарҭ, 1958; М., 1967); Стихотворения (и поэмы "Домой". – "Песня о скале" ацыҧҵәаха). М., 1959; Сыновний долг. Стихи. М., 1962; Где бы я ни был… Стихи. Тбилиси, 1963; Медвежья пляска. Сказка (в стихах). Для младшего школьного возраста). М., 1963; Песня о скале. М., 1967; Стихи и баллады. Сухуми, 1971; Избранное. М., 1976; Последний из ушедших. Роман. 1976; (переиздания – М., 1978, 1979); Сухуми, 1985; Избранные произведения; в 2 томах. М., 1982; Рассеченный камень. Роман. М., 1986; Мое дерево. Стихи. М., 1987; Праздник большой семьи. Стихи. (Для младшего школьного возраста). М., 1987; Проза. Романы, повесть. М., 1988; Сказка о капризном козленке. Стихи и сказки (в стихах). (Для младшего школьного возраста). М., 1989; Последний из ушедших. Романы. Повести. Нальчик, 1994; Избранные произведения: в 2-х томах. Сухум, 2011; украин бызшәала: Аӡыс гәымшәа. Ашколқәра иаҵанакуа рзы алакә. Киев, 1967: Ацынҵәарах. Ароман. Киев, 1983; ҟабарда бызшәала: Ацынҵәарах. Ароман. Нальчик, 1989; ҟазах бызшәала: Ацынҵәарах. Ароман. Алма-Ата, 1981; англыз бызшәала: Ацынҵәарах. (Аҭоурыхтә роман). Москва, 1986; немец бызшәала: Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман. Берлин, 1981; ҭырқәшәала: Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман. Сҭампыл, 1990; қырҭшәала: Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Қарҭ, 1969; араб бызшәала: Ацынҵәарах. Амман, 1987.
Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2017
Нугзар Логәуа: аԥсуа бызшәа аҩаӡара ахра ацәқәа ихагалан иқәиргылеит
Ҷлоу анаҳҳәо, ахьышәҭҳәа иаҳгәалашәоит Баграт ду ихьӡ, амала уи иаанагаӡом Баграт Ҷлоуаа мацара дыртәуп ҳәа, уи иаанаго, апоет идацқәа иқыҭа гәакьаҿ, иара иԥсы ахьықәыз Ҷлоу иҟоуп, аха ихаҭа Аԥсны зегь датәуп, ҳтәыла зегьы илагәдууп. Аха убри аамҭазгьы, уи ипоезиаҿы иахьа иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа рахь ишьаны "Аԥсуа поезиа антологиа" иануп Ҷлоу иазку ажәеинраалақәа ԥшьба!..
Гәахәарак смоукәа,
Сдәықәымлац Ҷлоуҟа,
Уахь сымҩа анхыстуа,
Сгәи сыԥси зтәызтәуа,
Бжьы маӡак сыԥхьоит,
Мчы маӡак сыхоит!
Урҭ закәхарызеи?
Изласҳәарызеи?
Даҽа мрахәагоуп,
Даҽа ԥсыршьагоуп,
Даҽа хәрыбӷьыцуп,
Сыԥсаанӡа исыцуп!..
Баграти Ҷлоуи ажьи анацхыԥи реиԥш еизааигәан, ари ақыҭа иара иԥсы аҽҳәаран, иара иажәеинраала бзиак аҿы баша имҳәаӡеит: "Зехьынџьара срыԥшааларгьы, уара уҿоуп, сахьыҟоу, Ҷлоу!.."
Абраҟа иазгәаҭатәуп, Баграт Иреиҳаӡоу Апрезидиум аҿы аус аниуаз, ҳреспублика иаҭаауаз асасцәа рнаҩсангьы, иара хыла иҩныҟа ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа шиҭаауаз, егьараангьы, урҭ зегьы Аҟәа иаадгылаанӡагьы, ишиашаз, иаб иҩнахьы Ҷлоуҟа игон. Уаҟа уи аԥсуаҵас икәымжәы, икаба, ихҭырԥа ишәҵаны дырԥылон, аԥсуа ишихәҭоу еиԥш, ауаа рыдгалан, ачеиџьика бзиа рзыҟаиҵон. Иара иахь, Ҷлоуҟа гәахәарыла имҩахыҵуаз ашәҟәыҩҩцәа иреиуан: Ал. Твардовски, К. Симонов, Б. Ахмадулина, Р. Казакова, Е. Евтушенко, Д. Гранин, Ҟ. Кулиев уҳәа убас ирацәаҩӡаны. Убраҟа, ахәышҭаара амца еиҽыҳәышьшьауа, егьараан аԥсуа жәлар рҭорых ишалацәажәоз идыршахьан адунеиаҿ еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа, Баграт ду исасцәа. Убраҟа акәын агәахәара бзиа ахьроуазгьы, ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу аҩымҭақәа адунеи егьырҭ абызшәақәа рахь реиҭагара, раԥхьаӡа иргылан урысшәала.
Еиҭаҳгәалаҳаршәап ҳпоет ду иқыҭа гәакьа Ҷлоуи иареи реизыҟазаашьа "Имшынҵақәа" рҟынтә: "Ашықәс ҿыц сабацәа рхәышҭаараҿы ҳаԥылеит. Ҳгәылацәа, ҳашьцәа ҳзымҩахыҵит, ҳаидтәалт, ҳазхара ҳаихәмарт, ҳаччеит. Арҭ ахымш сынхаҩын: амҿы ԥысҟон, амца еиқәысҵон,сшәарыцон, аха аиаша сҳәар ами, схы иҭагәаз ахәыцрақәа ҭымҵит, уажәы-уажәы сырҳәынҷо, дара рахь сиаргон…"
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Ҳаԥсҭазаара иасаркьоу: Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы
Абарҭқәа зегь рышьҭахь, ҳара еилыкка иаабоит, Баграт Шьынқәба иқыҭеи иареи шаҟа ԥсык еицырхаз, шаҟа еизааигәаз, уаҟа иидыруаз, изааигәаз, игәылаз, аӡәы ишьапы нкыдҟьаргьы, иаргьы ихьааигон, рыԥсреи рыбзареи дагмызт… Баграт, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ианналагагьы Ҷлоу дыҟан, уимоу, мызқәакгьы далыргарц акырынтә аҷкәынцәа шнеихьазгьы, далымҵит, сара сыжәлар ргәаҟра рыцеиҩысшоит, иныжьны сышԥацо ҳәа. " Сыԥсадгьыл, угәынқьыбжьы саҳауеит" захьӡу ажәеинраала, апоет иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз ирҿиамҭақәа рахьтә игәыҭшьаагоу ҩымҭоуп. Уи иҩит аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, Октиабр 21, 1992шықәса рзы Ҷлоу. Абраҟа иааҳгоит ажәеинраала алагамҭа:
Сыԥсадгьыл, угәынқьыбжьы саҳауеит,
Ҭынч сызлатәарызеи?!
Рыԥсы ухтнырҵоит, уҵеицәа еибашьуеит,
Сызхәарҭахарызеи?
105 шықәса раԥхьа Члоу ақыҭан анхаҩ нага иҩнаҭаҿы ииз, иааӡаз, аԥсуа жәлар рмилаҭтә поет ду Баграт Шьынқәба иԥсадгьыл иазынижьит Ерцахә еиԥш ҳлитература иӷьазӷьазуа, иԥшӡаӡа иалыҳәҳәо хәы змаӡам арҿиамҭақәа. Уи ҳара ҳҿаԥхьа илшоз зегь ҟаиҵеит, уал иқәӡам, ҳаргьы иара иҿаԥхьа уал ҳақәхаӡом, иара дызлаҩуаз ибызшәа ԥшӡа еиқәырханы, Аԥсны иқәынхо аԥсуаа зегьы ирҳәо иаҳзыҟаҵар…
Ажәабжьқәа зегьы
0