Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәлар рыбзиабара иалнахыз: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса ҵит

© Foto / из архива музея им. Баграта ШинкубаБаграт Шинкуба у дома Гете в Веймаре, Германия в 1986 году.
Баграт Шинкуба у дома Гете в Веймаре, Германия в 1986 году.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диит лаҵара 12 1917 шықәсазы, Ҷлоу ақыҭан. Ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса", ипоема "Ахра шкәакәа", иааидкылан иаԥҵамҭақәа зегьы аԥсуа литература "ахьтәы фонд" иахыԥхьаӡалоуп. Ирҿиамҭақәа рыла ашәақәеи акинофильмқәеи аԥҵоуп.
Баграт Шьынқәба ирҿиара ашьаҭа акит аԥсуа сахьаркыратә литература аҿиара амҩа анылара ианаҿыз аамҭазы. Ашәҟәыҩҩы заатәи ирҿиамҭақәа ирныԥшит, еиҳа изааигәаз Дырмит Гәлиеи Иуа Коӷониеи рпоезиа. Ҿыц ашьақәгылара иаҿыз аԥсуа литература иналаҩит зхатәы гьама змаз апоет ҿа ибжьы. 1938 шықәсазы Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа раԥхьаӡатәи реизга "Аԥхьатәи ашәақәа" ишәҟәы акьыԥхь абеит. Ашәҟәы аҭыҵра иалнаршеит аԥсуа поезиа арҿиаразы аԥеиԥш бзиа змаз апоет ишьақәгылара аус аҟны. Уинахыс ибаҩхатәра ақәҿырҭуа, иазхьаԥшуа иалагеит алитературатә критикцәа.
"Баграт Шьынқәба ицәырҵра поетк, шәҟәыҩҩык, иаҳасабала аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы феномен ҿыцны иҟалеит, избан акәзар уи апоезиа ажанр аиҿартәашьа раԥхьаӡакәны теориала иҭызҵааз дреиуан", - ҳәа иҳәоит уи ирҿиара ҭызҵаауа, аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы Инал Гыцба.
1930-тәи ашықәсқәа ирылагӡаны ашәҟәыҩҩы иаԥиҵон аҩымҭақәа аԥсуа ҿаԥыцтә рҿиамҭақәа шьаҭас иҟаҵаны. Афольклор дазааигәахеит, уи агәбылра шьҭикааит ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны. Иҩнаҭа иныҩуан ажәытә ашәақәа, Нарҭаа ирызку аҳәамҭақәа, алакәқәа уҳәа.
© Foto / из архива семьи Аджинджал

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа - Шьалодиа Аџьынџьал, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нелли Ҭарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Цәыџьба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа - Шьалодиа Аџьынџьал, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нелли Ҭарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Цәыџьба - Sputnik Аҧсны
1/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа - Шьалодиа Аџьынџьал, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нелли Ҭарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Цәыџьба

© Foto / Из архива музея им. Баграта Шинкуба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба - Sputnik Аҧсны
2/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба - Sputnik Аҧсны
3/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

© Foto / из архива музея им. Баграта Шинкуба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан абыргцәа рыгәҭа

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан абыргцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны
4/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан абыргцәа рыгәҭа

© Foto / из архива музея им. Баграта Шинкуба

СССР Жәлар рдепутатцәа: Владислав Арӡынба, Алексеи Гогәуа, Баграт Шьынқәба, Руслан Аршба

СССР Жәлар рдепутатцәа: Владислав Арӡынба, Алексеи Гогәуа, Баграт Шьынқәба, Руслан Аршба - Sputnik Аҧсны
5/9

СССР Жәлар рдепутатцәа: Владислав Арӡынба, Алексеи Гогәуа, Баграт Шьынқәба, Руслан Аршба

© Foto / из архива музея им. Баграта Шинкуба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Никита Хрушьев, Фидель Кастро Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Никита Хрушьев, Фидель Кастро Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа - Sputnik Аҧсны
6/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Никита Хрушьев, Фидель Кастро Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа

© Foto / из архива музея им. Баграта Шинкуба

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭа

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭа - Sputnik Аҧсны
7/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭа

© Foto / из архива семьи Аджинджал /

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Шота Ҷкадуа, Шьалодиа Аџьынџьал

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Шота Ҷкадуа, Шьалодиа Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны
8/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Шота Ҷкадуа, Шьалодиа Аџьынџьал

© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа

Баграт Шьынқәба

Баграт Шьынқәба - Sputnik Аҧсны
9/9

Баграт Шьынқәба

1/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа - Шьалодиа Аџьынџьал, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нелли Ҭарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Цәыџьба

2/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

3/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

4/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан абыргцәа рыгәҭа

5/9

СССР Жәлар рдепутатцәа: Владислав Арӡынба, Алексеи Гогәуа, Баграт Шьынқәба, Руслан Аршба

6/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Никита Хрушьев, Фидель Кастро Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа

7/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭа

8/9

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Шота Ҷкадуа, Шьалодиа Аџьынџьал

9/9

Баграт Шьынқәба

"Баграт Шьынқәба заатәи ирҿиара ҳаналацәажәо иаҳбоит 1930-1940-тәи ашықәсқәа ирҭагӡаны иаԥиҵаз арҿиамҭақәа ажәлар ишырзааигәаз, ажәлар рфольклор мотивқәа, асиужетқәа, урҭ рдунеихәаԥшра , ажәа рсахьажәа иалаз асахьаркыратә цхыраагӡа уҳәа ихы ишаирхәоз, аха убри аангьы итрадициатәу ахархәагақәа ихы иархәаны иара илиршоит ихатәы индивидуалтә хәыцра алагалара", - ҳәа азгәеиҭоит Инал Гыцба.
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа 1941-1945 ш.ш. иалагаанӡатәи Баграт Шьынқәба ипоезиа ианыԥшуеит, аԥсҭазаара бзиа избо, уи лахҿыхрала иахәаԥшуа алирикатә фырхаҵа ихаҿсахьа аарԥшра. Урҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ашәҟәыҩҩы иаԥиҵаз ирҿиамҭақәа ирыбзоураны, ԥхьаҟа ажәлар ирылаҵәеит, ашәаны ирҳәо иалагеит. Апоет дазышәаҳәоит абзиабара, Аԥсны аԥсабара асахьа, ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи ҭихуеит, дазааҭгылоит ицәаныррақәа. Ус еиԥш иҟоу еицырдыруа иажәеинраалақәа иреиуоуп: "Кофҭа шкәакәа", "Агара ашәа", "Ҭагалантәи абаҳча", "Ишыҟоу сымала ибасҳәап", "Амҳаџьырра ргарашәа", "Шьардаамҭа" уҳәа.
1945 шықәсазы Баграт Шьынқәба аспирантура далгеит, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҩаӡара аиуразы "Ахьыӡҟатәи жәеилаҵа аԥсуа бызшәаҿы" зыхьӡу атемала, қәҿиарала ихьчеит адиссертациа.
Маҳинур Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2017
Маҳинур Папаԥҳа: Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ҿырҳәала исҵон
Алитератураҭҵааҩ Инал Гыцба иажәақәа рыла, Баграт Шьынқәба иҭҵаамҭақәа ирыбзоураны, ажанрқәа реихаҳара илшеит, аԥсуа жәар ирҭбааит:
"Баграт Шьынқәба 1945 шықәсазы абызшәадырра аинститут далганы данаа, напы аиркуеит инеиԥынкыланы аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа , урҭ рпоезиа аидкылара. Ихәыҷра ашықәсқәа рымацара акәым, даныҩеидасгьы , дышәҟәыҩҩны данышьақәгылагьы, ажәлар рҳәамҭақәа дрызхьаԥшуан лассы-лассы. Уи хымԥада ҳдоуҳатә литература арбеиеит", - ҳәа иҳәоит иара.
1946-1949 шықәсқәа рзы ашәҟәыҩҩы ақыҭақәа дрылаланы, ажәабжьҳәацәа дрыҿцәажәон, хыԥхьаӡара рацәала афольклортә рҿиамҭақәа еизигеит. Анаҩс 1959 шықәсазы иҭыҵит уи знылыз аизга ду " Аԥсуа жәлар рпоезиа".
Баграт Шьынқәба иоуп раԥхьаӡакәны аԥсуа литература иажәеинраалоу ароман алазгалаз.
"Раԥхьаӡатәи иажәеинраалоу ироман "Аҿатә уаа" ацәырҵра машәырла иҟамлеит. Уи апоет уаанӡатәи ирҿиаратә ԥышәа инашьҭагылаз, иалҵшәоу акоуп. Уаҟа иагәылалеит акыршықәса инареиҳаны аус здиуылоз, хыԥхьаӡара рацәала афольклортә ҭҵаамҭақәа. Уи иалнаршеит ҿыц аԥшьгаратә аԥсуа сахьаркыратә литература ԥхьаҟатәи аҿиарамҩаҟны", - ҳәа иҳәоит алитератураҭҵааҩ Инал Гыцба.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Ҳаԥсҭазаара иасаркьоу: Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы
Ашәҟәыҩҩы инарҭбааны деицырдыруа дҟарҵеит ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса". "Ацынҵәарах" еиҭагоуп адунеи алитературатә бызшәақәа жәпакы рахь.
Баграт Шьынқәба ирҿиаратә мҩа инаҷыданы, ауаажәларратә ҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала илагала даараӡа ирацәоуп. Иааиԥмырҟьаӡакәа ҩажәа шықәса Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум хантәаҩыс даман, акультуреи анаукеи рымаҵ иуан, аҳәынҭқарратәи арҿиаратәи усқәа еидибалон.
1953-1958 шықәсқәа рзы Баграт Шьынқәба Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс даман. 1958-1978 шықәсқәа рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩыс дыҟан. 1978 шықәса абҵарамза инаркны арҿиаратә усурахь диасит.
Баграт Шьынқәба Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум ахантәаҩыс даныҟаз Аԥсныҟа иаахьан Никита Хрушьови Фидель Кастрои.
1958-1978 шықәсқәа рзы Баграт Шьынқәба илшоз зегь ҟаиҵон аԥсуа алитературеи аҟазареи рырҿиаразы.
Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2017
Ҳаири Қәҭарба: "Ацынцәарах" аиҭагараан ԥыҭк сҵәыуеит, сагьгәамҵит
Баграт Шьынқәба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан, егьырҭ аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш иаԥиҵон ижәлари иԥсадгьыл аҭоурыхи ирызкыз аҩымҭақәа. Иааидкыланы аибашьра ашықәсқәа рзы Баграт Шьынқәба ипоезиатә рҿиамҭақәа аԥхьаҩцәа рзы игәышьҭыхган, ажәлар агәаҟра бааԥс ишҭагылазгьы, агәыӷра рырҭон, ихәырбӷьыцын. Уи аамҭа иалиааит иажәеинраалақәа "Сыԥсадгьыл агәынқьбжьы саҳауеит", "Сыԥсадгьыл ԥсрақәӡам", уҳәа реиԥш иҟаз аҩымҭақәа.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьран Баграт Шьынқәба иқәрахь дышнеихьазгьы, ирҿиара мап ацәиимкит, уимоу ӷәӷәала ибжьы ақәиргеит ари атема", - ҳәа дазааҭгылоит Инал Гыцба.
Аԥсуа жәлар рпоет Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба исахьаркыра-рҿиаратә ҭынха хкырацәала еилоу, ҟазара ҳаракыла инагӡоу доуҳатә беиароуп. Ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз ашәҟәыҩҩы ирҿиара ыҟанаҵ, ԥсра-ӡра ақәӡам иара ихаҭара.
Баграт Шьынқәба - Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, абызшәадырҩы, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, иԥсҭазаара далҵит жәабран 25 2004 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0