Аԥсны

"Аҟарма иазҳауанаҵы ашәа аҳәоит": аԥсаатәқәа ирыхҳәаау ҳәамҭақәак

Аԥсаатәқәа ирызку ҳәамҭақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Ааԥынра. Игәыҟаҵагоуп ааԥынра. Уааигәырӷьаратәы ааԥын ашәаԥыџьаԥ иаҵәарала иҭанаҳәҳәоит, амра ашәахәацқәа анрықәыԥхалак, аԥсаатә ԥырԥыруа, игәырӷьаҵәа ашәа рҳәоит. Ашәҭқәа рыфҩы хаала иҭәу аҳауа ҟәанда уцәа иананырлак, уласхоит, амҵәыжәҩақәа аахәаны аԥсаатә еиԥш уԥрырц уҭаххоит.
Аԥсны
"Аҟәараса даҩызоуп", "Ҷынҷак даҟароуп": аԥсаатәи ауаҩи реиҿырԥшразы ажәақәак
Ҳаԥсҭазаара гәылзырҭәаауа, агәырӷьареи агәалаҟареи ҳзаазго аԥсаатә ирыхҳәаау ажәақәа рацәоуп. Иаагозар, зыбжьы хааӡа угәы иҭнымҵәо аҟармаҵыс иахҳәааны иҩу ажәеинраалақәа мацара џьарак еизгазар, уаҩы иџьеишьартә ирацәахоит. Убра имаҷымкәа иалоуп аԥсуа поетцәа рыхәҭаагь.
Ашәабжь халоит аҟармаҵыс,
Уи ашәахә ыҟами иссирха.
Абжьы хаа схалоит ҩаԥхьа ԥсыс,
Уи ами ашьыжьгьы сзырҿыха! – иҳәоит аԥсуа поет Владимир Ахьиба иажәеинраалақәа руак аҟны.

Аҟармаҵыс

Жәытәнатә аахыс ауаҩытәыҩса игәеиҭеит ашәаҳәараҿы аҟармаҵыс (урысшәала иуҳәозар "соловей") иацназгоз ԥсаатә шыҟамыз. Аҟармаҵысқәа даара бзиа ирбоит аҟарма иҿало аргәыцқәа. Урҭ аргәыцқәа мыцхәы иахьрызгагоу азы акәхап ари аԥсаатә аҟарамаҵыс ҳәа захьӡхалаз. "Аҟармаҵыс, аҟарма иазҳауанаҵы ашәа аҳәоит, аҿы еиханакыр аҟарма аӷриаар ҳәа ишәаны" - абас аҳәоит аԥсуаа разгәаҭарақәа руак.
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи

Ашьхарҟәыҭ

Ашьхарҟәыҭ (азгә.урысшәала "зеленая щурка") иԥшӡоу, убла зыдхалоу ҵысуп. Аԥыц аӡаӡ иаҩызоуп, иҵаруп. Фатәыс иамоуп ашхырцәаӷьқәеи, ашәаԥыџьаԥ ԥхазҭазтәуа абжқәеи, амаҵақәеи. Аҳаракырақәеи абнақәеи рҟны иԥхьоит.
Ажәлар рҿы ашьхарҟәыҭ "Ҷакәат иҵыс" ҳәагьы азырҳәоит. Иара "Ҷакәат иҵыс" злахьыӡхалаз ҳәа шырҳәо убас ауп: анкьа зны Ҷакәат захьӡыз аашьаҩык џьара дышьҭалан дамхацәан, ашьыжь иҩызцәа андәықәлашаз дрымбазт, еимдо ишишьҭаз убра хәажәрак даалҵит, ашхырцәаӷь дырфаны, ибла ахьҭоу умбо. "Уабарфеи?" ҳәа ианиазҵаа: "Абни аҵла амҵан сахьыцәаз ауп" - иҳәеит. Иҩызцәа анынаԥш, уаҟа ашхырцәаӷьқәа рыдагьы уаанӡа ирымбацыз ҵыс ԥшӡак ашхырцәаӷьҭра ишҭаз рбеит. Убри нахыс ашхырцәаӷьқәа зфоз уи аҵыс "Ҷакәат иҵыс" ҳәа ахьӡ ҷыда арҭеит.
Ашьхарҟәыҭ

Ататашь

Ататашь (урысшәала "павлин") аханатә аԥсуа идгьыл зҽадкылан иҟаз ԥсаатәмызт, атәым тәылатәуп. Аԥсны ишықәнагалаз ҳазҳәо аҳәамҭагьы ыҟоуп.
Ататашь
Ажәытә зны урымтәылатәи ахәаахәҭыҩцәа рыӷбақәа бала ирҭәны Кәыдры Амшын Еиқәа иахьалало маӡала ҳаӡхыҵуеит ҳәа ишаҿыз, аҳ иқьаҳиацәа игәарҭеит. Дук мырҵыкәа аҳ ир анышьқәа рыла урҭ ирыкәшаны иаагылт. "Ҳаԥсы шҭоу ҳаушәыжь, аринахыс азин ҳамамкәа шәыдгьыл ҳшьапы ықәҳаргылом!" - аурымцәа аҳәара ҟарҵеит. Аҳ ианиарҳәа дазыразхеит.
Агәшаҭара иҟаиҵаз азы аурымцәа (римлианаа - азгә.) изаарҭиит аӷбаҿы гәмырҿыӷьгаз ирымаз аԥсаатә ссир. Аҳ игәы иақәшәеит иоуз аҳамҭа, ахәаахәҭцәа аӡхыҵра азин риҭеит. Убри нахыс есышықәса, аҳ игәы ҟаҳҵоит ҳәа иаацыԥхьаӡа уи аԥсаатә ссир изааргалон.
Аҳ имӡырха иахылаԥшуаз, ибаҳчааӡаҩ ихьӡын Таташь. Зназы, убри ихьӡ иахаршаланы зыӡбахә ҳамоу аԥсаатә иашьҭан "Таташь икәты", мамзаргьы "Аҳ икәты" ҳәа. Анаҩс, ахьӡ ус ататашь ҳәа ишьақәгылеит.
Аԥсны
Абла анаиу, "аџьымшь" аҳәон: аты иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа
/Аматериал аиқәыршәараҿы хархәара аҭан аԥсабараҭҵааҩы Бӷажәба Михаил Ҭемыр-иԥа ишәҟәы "Ардәына ашәа аҳәоит"/