Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абла анаиу, "аџьымшь" аҳәон: аты иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа

© Sputnik / Ilya Naimushin / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНеясыть по кличке Желтый во время прогулки и тренировки в парке флоры и фауны "Роев ручей" в Красноярске
Неясыть по кличке Желтый во время прогулки и тренировки в парке флоры и фауны Роев ручей в Красноярске  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа аты ԥсаатәк аҳасабала ишахәаԥшуеи иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәеи шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аты ԥсаатәк аҳасабала ахаҿсахьа рныԥшуеит еиуеиԥшым акультурақәа, иаагозар, ажәытә бырзен мифологиаҿы анцәахә ԥҳәыс Афина лсахьа ҭырхуан лызнапык аты ықәыртәаны иара аҟәыӷареи адырреи иахьырсимволыз аҟнытә. Аха уи инамадангьы аты алашьцареи аԥсреи ишырдыргоу рнубаалоит Мысра, Индиа, Китаи, Иапониа реиԥш иҟоу атәылақәа рмифологиа.
Аԥсуаа ртрадициақәеи ркультуреи иазҿлымҳаз аҵарауаҩ Чурсин иҭҵаамҭақәа руак аҿы излаиҩуаз ала, уахынла аҩны азааигәара аты ҩарҩаруазар, аҩнаҭаҿы аӡә дыԥсуеит. Убасҟан ацәгьа аԥхьырҟәҟәаареи аты аԥхаҵареи рзы шәақьла ихысуан ма акәасҭха агәыдырҵон.
Аҵарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2019
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи

Агызмал цәаҩа зхарԥоу

Агызмал – аҽырҩашьара зылшо, аԥсыцқьа зхам, аԥхасҭа ауааԥсыра ирызҭарц зылшо иоуп. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандитат Цира Габниаԥҳа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" ҳәа хьӡыс измаз лыстатиақәа рцикл аҟны абас лыҩуан:
"Агызмал иԥсы ахалоит ҳәа иазырыԥхьаӡоит аты. Агызмал лассы-лассы дытха аҩнқәа рааигәара дааины игәыҭшьаагоу ибжьы цәгьа иргоит "ауаа сыршәоит" ҳәа. Аты зықәтәоу аҵла ашьапы уҷышәыр, ашьыжьымҭан "амцажәла сыҭ" ҳәа дааиуеит рҳәоит уи "Аты" иақәтәоу. Мамзаргьы "Аты" зықәтәоу аҵла маӡала унеины арацәа ахьушьыр, уи иақәтәаз адырҩаҽны даауԥылоит илахь ҷышәны. "Аты гызмалуп" ҳәа ражәа иалаҵаны изырҳәо убри азы ауп".
Хықәкыла аты иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа иреиуоуп:
Аты аҩны азааигәа абжьы аргазар, ааигәа инхо аӡә дыԥсуеит.
Аты анҿнаҭуа унеины изықәтәоу аҵла узҷышәыр, адырҩаҽны аџьыка ҳәа даауеит илахь ҷышәны, убри аты иақәтәоу.
Аты ахьықәтәоу аҵла ашаха узакәыршар аԥсра ҟалаӡом, иԥнаҟоит рҳәоит.
Аты ашҭаҿы иааины абжьы аргар ихәарҭам аԥсра ма амашәыр иақәшәоит зҿы инеиз ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Ати аҟәыӷареи

Аты еиҳараӡак агәаҟра угәараҭахь имҩахызго, ацәгьара иазҳәоу ԥсаатәны ишыҟоугьы, аҟәыӷара ҵаула змоу ԥсаатәк аҳасабала иаазырԥшуа аҳәамҭақәагьы уԥыхьашәоит.
Ҳазхьаԥшып амифтә ҳәамҭа "Ажәеиԥшьааи ати".
Зны Ажәеиԥшьаа иԥҳәыс ус иалҳәеит: – Уара, абри аҟара ашәарахи аԥсааи умоуп, шәарах баҩи ԥсаатә баҩи мацарала аҩны ҳзыҟауҵаратәы уҟоуп, иаҳзыҟауҵандаз ҳәа.
Ажәеиԥшьаа иԥҳәыс илҳәаз аԥхьа дазыразымхеит, аха есымша дыхҭалкуа даналага, дақәшаҳаҭхеит.
Охота - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2019
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак
Абри аус алацәажәаразы дрыԥхьеит шәарах хкыс, ԥсаатә хкыс иааҟаз. Зегьы еизеит аты ада. Ашьҭахь, акранҵы иааит атгьы.
– Аизара шыҟаз адырра ануаҳа иаразнак узымаазеи? – ҿааиҭит Ажәеиԥшьаа.
– Аԥси абзеи рхыԥхьаӡара иреиҳау аилыргара саҿын, уи садхалт, уххь згааит, гәыбӷан сумҭан! – аҳәеит аты.
– Нас аԥси абзеи еиҳахада? – иҳәан, деиҭаҵаахт Ажәеиԥшьаа.
– Аԥси абзеи анеилсырга ашьҭахь, зыԥҳәыс лҳәатәы хазҵаз аԥсцәа данырхысыԥхьаӡала, аԥсцәа аӡәы ила еиҳахеит, - аҳәеит аты.
Ажәеиԥшьаа данхәыц, игхаз еиликааит, убас иагьиҳәеит:
– Аԥсаатәқәа рахьтә акы есымша абри аты ҿаҵахәыс иазԥҵәазааит, иафаз аԥсаатәгьы џьанаҭ гыларҭас иаиуааит ҳәа.
Убри азоуп аты аҵарақәа ианырбалак иакәшаны изыркуа "Сара сыф! Сара сыф!" ҳәа. Иафаз џьанаҭ ицоит ҳәа игәыӷны.

Аты абла анаиу, "аџьымшь" аҳәон

Ауаҩы иага бзиара изуургьы, иага иуҭаргьы изымхакәа, иҵагьы данашьҭалалак, данаҳәалак, аԥсымҭәра анихьлак, ахархәара арҭоит абри ажәаԥҟа "Аты абла анаиу, аџьымшь аҳәон". Ари ажәаԥҟа иашьашәалоу аҳәамҭагьы ҳажәлар акыр ирылаҵәаны иҟоуп.
Зны ашацәа анылбаа, аты рбеит. "Иуҭахузеи, узыҳәозеи?" ҳәа иазҵааит.
– Изҳәо шәызбаӡом, шәарбанқәоу? – аҳәеит аты.
– Уара аблақәа умаӡамзаап, ҳаубо иҟаҳҵоит, – рҳәеит ашацәа.
– Сшәыҳәоит, аблақәа ансышәҭо, аџьымшьгьы шәхашәмыршҭын, - нараҭанакит аты.
Убри ауп ажәаԥҟаны изырҳәо: "Аты абла анаиу, "аџьымшь, аџьымшь" аҳәеит" ҳәа.
Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2017
Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0