Акры аҵанакуеит иухцәажәо зусҭцәоу. Абра зажәақәа аагоу ауаа зныкгьы ихьаҵны имгылеит, ирылшоз ала Владислав ивагылаз, амч изҭоз иреиуан.
Марина Барцыцԥҳа
Емма Кьылԥҳа, абызшәадырҩы, ауаажәларратә усзуҩ
"Владислав дазыҟаҵан. Уаанӡа ҳинститут дахагылаанӡа ҵарала деибыҭан. Аԥсуа культура амахәҭақәа зегьы дыртәын, урҭ реиԥшьразы дазыҟаҵан. Убас еиԥш еибыҭаз аҵеи ажәлар иаразнак дырдырт. Аԥсуаа рԥеиԥш даҵагылар шилшоз рбеит. 43 шықәса дырҭагылан Аԥсуа институт данахагыла. Иаразнак дызлалагаз – аԥсуаҭҵаара иазкыз аҳәынҭқарратә программа аԥиҵоит. Уи акьыԥхьра ҳахьӡеит ажурнал "Алашара" аҿы аибашьра алагаанӡа.
Ҳазҭагылаз аамҭа еилкааны, убас еиԥш еиқәдыршәаз, иара инапхгарала иҭрыжьуаз раԥхьатәи Аԥсны аҭоурых арҵага аназыҟарҵоз, аусура шԥаҟоу ҳәа дԥырны даауан, Москвантә.
Емма Кьылԥҳа. Архивтә фото.
© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟынтә
Исгәалашәоит, Аԥсуа институт аҵарауаа рхеилак аҿы ҳанааиза, Шьалуа Денис-иԥа Иналиԥа ихы наиқәкны абас иҳәеит Владислав: "Абас, Москва сахьыҟаз аҭагылазаашьақәа ҽеим, ҳажәлар ирԥеиԥшу ҳаздыруам ҳаԥхьаҟа. Ҩышықәса заҵәык соушәыжь. Анаукаҟынтәи аполитикахь сымцар ауам", - ҳәа. Шьалуа Денис-иԥа ицәымыӷхеит: "Дада, ҳара абри аҵарала, унапы злаку ала ҳухьчоит ҳәа ҳгәы иаанагон, уҽоумҭандаз, дад!" - иҳәеит. "Ҩышықәса рыла схынҳәуеит", - иҳәеит Владислав. Ҩышықәса ааҵуаны, аибашьра иалагеит...
Убас еиԥш, исалам шәҟәқәа иишьҭуаз иахабалак ирныԥшуан иазыҟаҵара. Раԥхьатәи исалам шәҟәы, Ельцин ихьӡала иишьҭыз убас ианын: "Шәара ишәуалуп 1810 шықәсазы иҳадаҳкылаз аиқәшаҳаҭрала ҳацхраара" ҳәа. Даҳәаны акәымкәа, "ишәуалуп" ҳәа, иара аманифест зегьы аӡбахә ҳәаны, зегьы цитатала иҟаҵаны. Рызынтәыкгьы, иахьа-уаха ииҩуаз адокументқәа мызла ауаа адтәалазар ирзыҟаҵаӡомызт".
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, ауаажәларратә усзуҩы
Хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы В.Г. Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоз лажәа аҟынтә:
"Ҳаҭыр зқәу ҳажәлар, иахьа наӡаӡа анышә дамардоит В.Г. Арӡынба. Ԥсадгьылда ҳаанзмыжьыз, амца шыра ҳалызгаз. Наӡаӡа зыхьӡи зыжәлеи ҳгәаҵаҿ инзыжьыз...
…Анацәа зегьы иахьа рыҷкәынцәа ҿыц еицырҵәыуоит. Жәлары зегьы "уан" ҳәа урҵәыуоит.
Гәыгәыца Џьыкырба Владислав Арӡынба анышә данамардоз аҽны дихагылан ажәа анылҳәоз.
© Foto
Акы заҵәык сгәы иалоу. Уԥсы ахьынӡаҭаз иҳалымшеит уара узыҳәа ажәа ҟәандақәа, ажәа ԥхақәа рҳәара… Убарҭ зегь иахьа иаҳҳәо, иҟаҳҵо, ателехәаԥшрала идҳарбо убазҭгьы, иҟалап маҷӡак уԥсҭазаара иацлазҭгьы.
Уара иҳазургылеит аҳәынҭқарра, иухыбит, ҳаҩноуҵеит, милаҭҵас ҳаиқәурхеит!
Анцәа уара уҳақ ҳацимҵааит, убас еиԥш иҟалааит, абарҭ иухҭнаҳҟьақәаз рзы. Ухала аҭоурых акаҵәара уахьхалаз ҳахәнаны улбааҳгеит, улаҳарҟәит, нас зегьы ԥыжәжәаны икаҳаԥсеит. Слымҳа иҭыҩуеит уажәақәа, Аиааира 15 шықәса аԥыларазы ҳаннеи: "Зегьы ыҟоуп, сеигәырӷьоит… Акы заҵәык сзышьҭоу, сара сҩымҭақәеи сара исымаз сҳамҭақәеи роуп" ҳәа ҳауҳәеит…"
Уара иуҭахын ажәлар реидкылара, ҳаидукылт, ҳаԥхьа угылеит: "Сшәыкәыхшоуп, сыжәлар, сшәыкәыхшоуп", - уажәақәа еснагь ҳгәаҵа иҭыҩлоит.
Анцәа ауарҳал ианыргыланы иаҳзааигаз афырхаҵа. Аха ҳара дҳазгәамҭеит. Иааигәа ҳанзымгыла, "дахьынӡашәымаз ишәызхоуп шьҭа, уахьгьы абзиақәа рҭахуп" ҳәа Анцәа дҳамихит!. Гәырӷьароуп уаҟа уеибашьцәа рзы, урҭ урыгәҭылакуп.
Ҽазнык агәра ҳургеит аԥсуа қыҭа хәышҭаарақәа шеиқәҵатәыз. Уара ухала иуҳәеит уқыҭаҿ узқәа ҭыԥ ҟаларцаз. Анцәа иҟнытә иҭабуп уара уахьҳауз, ҳаԥсы ахьҿухыз, жәларыкны ҳахьаанхаз!...
Аԥсуа жәлар адунеи ахаан иԥсӡом абри еиԥш афырхацәа иуанаҵы!"
Рушьбеи Смыр, Аԥсны Жәлар рпоет
"Ахақәиҭрахь, ахьыԥшымрахь ҳаӡхызгаз аӷба ӡааҟәрылт. Аха аӷба ӡааҟәрыларгьы, аӷба ишыӷбоу, ишдуу инхоит. Сара сгәаҿы инижьыз ахәра, ахьаа зырӷьо сыздыруам. Владислав абыржәнатә иара изы икарҭәаз алаӷырӡ еизганы абра ҳашҭаҿы ибаҟа алаҟаҵазар, убри еиҳау абаҟа адунеи аҿы иҟамлар ҟаларын.
Владислав дыззеилымкаауаз, дзаҟараз, дзакәыз ҳаԥсадгьыл дшалахьынҵаз ззеилымкаауаз, еилыркааратә, еилыркааразы ҳаԥсабара иаҳнарбеит. Иара иԥсра мышқәак шагыз избаз даара ирацәаҩуп амза иакәыршаз аҽыкәаҳа. Сгәыла ҷкәын данҵаа, уаҩ дук даҳцәԥсуеит ҳәа иасҳәеит.
Владислав игәаӷьрагьы, ихаҵарагьы, иҵарадыррагьы, иԥсабаратә ҟәышрагьы, иаԥсуарагьы шәақьк агәыцәқәа реиԥш еицнеиуан. Абри ауп ҳара ҳаиқәзырхаз.
Рушьбеи Смыр Владислав Арӡынба данԥсыз аҽны
© Foto / Марина Барцыц
…Са исгәалашәоит Владислав хадас даналырхыз, Гәдоуҭа акультуратә хан аҿы ажәақәак изысҳәарц сыӡбан, ҭабуп ҳәа иасҳәоит Анцәа ду убысҟан исҿыҵаиршәаз ажәақәа рзы: "Абри ауаҩ ахьтәы даҷқәа дырныргылан даҳзааишьҭит", - ҳәа.
Иара изкны ажәеинраала зҩит, аха уи анизызҩыз данхадаз акәӡам, ахадараҟнытә данцаз акәын.
Иҟоуп ауаа, ажәлар рыхьӡала уахык зҭаацәа ирыгызмыжьыц. Ари (Владислав Арӡынба - азгә.) ҳажәлар рзы ԥсаҭатәыс ихы ҟаҵаны, ԥсаҭатәыс иҽриҭеит. Дхаҵан. Ари ажәагьы зегьы ирнымаалозар ҟалап. Дагьфырхаҵан, афырхацәа рфыхаҵа иакәын".
"Аԥыза" (ацыԥҵәаха). Рушьбеи Смыр В.Г. Арӡынба изкны.
Сеиқәшәырха, абааԥс, сҭадырхоит ҳәа ахы кыднаҟьон Аԥсны,
Иааӷызгәышьон нас гыгшәыгҵас, абжа дысны, абжа ԥсны.
Ашьа ахьыкьасуан шәарахҵас, ҳаӷа ӡыхьушәа днахәон,
Амца нақәҵәиаашон агәгәаҳәа, уи иацразҵаз рыҽдырԥхон...
...Усҟан, жәҩанахьтә ахьхьа-хьхьаҳәа, ахьтәы даҷқәа урныргыл,
Анцәа ду уаҳзылбааишьҭит уара, ҳгәашьамх, ҳ-Абрыскьыл.
Дышҳаҭәеишьаз зны Леон ду, нас иаҳзымхьчаз Қьалышьбеи,
Дышҳаҭәеишьаз Алакәаба, — сыжәлар ргәыӷрақәеи ргәырҩеи...
...Уара, азқьышықәса зырцәажәоз, ҳа ҳҭоурыхқәа рыхьҟәыршәа,
Уара, ҳбаашқәа реибаркыра, уара, ҳанацәа рыгәшәа.
Иҳацәҭахазгьы рыԥсқәа рҭынчуа, рыгәқәа ирықәыҩуа убжьоуп.
Ушҳаԥызац уҳаԥызоуп, уара имицгьы урашьоуп.
…Уара ҳадгьыл еиԥш уԥшьоуп…