Ҳҵарауаа дуқәа Владислав Арӡынба изы: иара иакәымзар, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит

© Foto / архивВстреча Владислава Ардзинба с Шеворнадзе
Встреча Владислава Ардзинба с Шеворнадзе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ, аетнолог Марина Барцыцԥҳа 2008 шықәсазы дрыҿцәажәеит Аԥсны апатриотцәа иашақәа, ҳҵарауаа - Екатерина Шьаҟрылԥҳаи Борис Гәыргәлиеи. Урҭ Владислав Арӡынба иԥсадгьыли ижәлари рзы илшаз азы ирымаз агәаанагара иахьа иҳадылгалоит.

Арҭ аиҿцәажәарақәа анысҵеит 2008 шықәсазы, Владислав иԥсы анҭаз, усҟан иҿагылазгьы аныҟаз лҳәоит Марина Барцыцԥҳа. Лара лажәақәа рыла, акраҵанакуеит иухцәажәо ауаа зусҭцәоу. Иреиҳау хәшьараны В.Г. Арӡынба изы илыԥхьаӡоит: "Владислав илшаз азы иара иҿаԥхьа иаҭахызаргьы сшьамхнышгылоит" ахьылҳәаз аӡәы иҿаԥхьа зхы лазмырҟәуаз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа.

Екатерина Шьаҟрылԥҳа (1924-2010). "Уи иигәаӷьыз даҽаӡәы изыгәаӷьраны дыҟаӡамызт!"

© Foto / предоставлено Ахрой БжанияАԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны злагала дуу Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл
Ҳҵарауаа дуқәа Владислав Арӡынба изы: иара иакәымзар, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны злагала дуу Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл

- Екатерина Платон-иԥҳа, иалышәкаауада аԥсуаа ҳҭоурых аҿы?

- Раԥхьа дгылоуп Владислав Арӡынба. Иеиҳа иҳараку, Аԥсны соуп зҳәо ԥсыуак иахьа иваҳаргыло ҳәа аӡәгьы дҳамаӡам.

Арӡынба ҟәышрыла, хаҵарыла, агәаӷьра ду аарԥшны аибашьра ҳалигеит. Аԥсуаа ҳаԥсы ахьынӡаҭоу Анцәа ҳиҳәалароуп иара изын, "мы должны молиться на него" урысшәала иуҳәозар. Аибашьраан иара иакәымзар ԥхьагылас иҳамаз, ҳахәҵәы ықәырхуан, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит!

Уи иигәаӷьыз, иҟаиҵаз даҽаӡәы изыгәаӷьраны дыҟаӡамызт! Агәаӷьра адагьы, агәымшәара адагьы, аилкаара, аҟәыӷара аҭахыми?! Иҟаҵатәу, нас иҟалар зылшогьы ибон. Ишшәарҭазгьы идыруан, аха иҟаҵатәызгьы идыруан, аиаша мҩаду алихит. Уи иара ихалагьы имыӡбеит. Ажәлар дрылагыланы драцәажәеит, дразҵааит… Аҟәыӷара, ажәытә аԥсуаа аҟәыӷара ирымаз, рыгәаӷьра, убри зегьы, уамашәа иубаратәы, убри ауаҩ иҟны иааԥшит.

Сара сзыҳәан уи дфырхаҵоуп. Ихы дамеигӡа иԥсадгьыли ижәлари рзы дыҟан.

Уи наҟ-наҟ иҵегь ҳцацыԥхьаӡа, аамҭа цацыԥхьаӡа, "великое видится издалека" ҳәа шырҳәо еиԥш, убри дзакәытәу, убасҟан ауп ианырдыруа. Дзаҟароу ауаа еилыркаауа иалагоит усҟан. Уи иигәаӷьыз, уи иҟаиҵаз уи илшаз Аԥсны соуп зҳәо, аԥсҳа Леуан иакәымзар, аӡәы илымшацт.

Борис Гәыргәлиа (1935-2012). "Уара наӡаӡа иҟало уаҩуп! Инаӡаӡахааит ухы, угәабзиара зегьы-зегьы зыхҭнуҵаз ҳ-Аԥсни, ҳажәлари!"

© Foto / предоставлно Мариной БарцыцАԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, аҵарауаҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иазааԥсахьоу Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа
Ҳҵарауаа дуқәа Владислав Арӡынба изы: иара иакәымзар, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, аҵарауаҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иазааԥсахьоу Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа

- Владислав Арӡынба имширазы еиҿыркааз ари раԥхьаӡатәи афотоцәыргақәҵаҿы зегь реиҳа ишәгәаԥхеи?

- Хымԥада Ельцини Шеварднаӡеи Владислав инапы ахьимырхуаз афотосахьа лымкаала исгәаԥхеит. Ари ахаҵа иԥсҭазаараҿы изныкымкәа аҟазшьа ӷәӷәа, адырра, аҟәыӷара ааирԥшит, ҳажәлари ҳ-Аԥсни еиқәхарц азыҳәан, ԥсра рықәымкәа иҟаларц азыҳәан, ҳазҭаху ҳаигәырӷьартә иҟаларц азыҳәан.

Абри ацәыргақәҵа ахаҭагьы иаҳәоит, уи ахаҵа ҳара ҳажәлар рзыҳәан, аиашара азыҳәан, ауаҩра азыҳәан, Аԥсынра азыҳәан иҟаиҵаз, ихҭысыз зегьы. Дагымзааит! Уҳагымзааит, угәабзиара зыхҭнуҵаз Аԥсны уагымзааит, ҳауаажәлар урыгымзааит! Уара наӡаӡа иҟало уаҩуп! Инаӡаӡахааит, ухы, угәабзиара зегьы-зегьы зыхҭнуҵаз ҳ-Аԥсни, ҳажәлари!

- Борис Алмасхан-иԥа, Владислав ибзианы дыжәдыруеит, зны дышьҭырхуан, зны дладырҟәуан. Ус иҟаз ауаа шәреиуаӡам, дыжәдыруеижьҭеигьы акры ҵуеит. Абри иара иҟазшьеи, илеишәеи, иуаҩышьеи аазырԥшуа џьара хҭыск, абри ала абас дыҟоуп ҳәа изышәҳәаратәы иҟоу шәазааҭгылар ҳҭахын.

- Иареи сареи еибаҳҳәаз шәасҳәап. Сара аибашьра аан, ишыжәдыруа еиԥш, сыҷкәын дҭахеит ажәамш рыҽны. Аибашьра анеилга, октиабр 7 рзын, сара саҳәшьаԥа - Аԥсны Афырхаҵа Шьаҟрыл Алхас данԥсыз амш ауп, ишықәс ҟарҵон, убри аҽны сааит сара. Убри аҽны ауп сара Кәтол салҵны Очамчырантәи абрахь санааз - Гәдоуҭаҟагьы, Аҟәагьы. Снеит сара Владислав Гәдоуҭа дахьыҟаз, аус ахьиуаз аҿы. Снеит, дысԥылеит, сгәыдикылт, дсыдашшылт. "Иҭабуп идуӡӡаны аҟазшьа ӷәӷәа ахьумоу азыҳәан", - ҳәа иасҳәеит. "Аҟазшьа ӷәӷәа умамкәан, удырхәартә рылшар, удырхәартә уҟазҭгьы, удырхәаун, аха иумуит. Уагьрызмырхәеит, уагьрызԥымҵәеит. Уи Анцәа иџьышьоуп", - ҳәа иасҳәеит.

Егьырахь, иара иҟазшьа ӷәӷәа зегь реиҳа иааԥшит ҳәа иахьысҳәо, сгәы иаанаго (уи зныкымкәа, ҩынтәымкәан исҳәахьеит аизарақәа рыҿгьы), зегь реиҳа иҟазшьа ааирԥшит иара абни Ельцини Шеварднаӡеи дрыбжьагыланы аицәажәара анцоз Москва, 1992 шықәса сентиабр 3 рыҽны Аԥсны анихьчоз. Аҽны дара ирҭахыз инапы аҵаиҩит аха, инапы аҵаимҩит убри шиҭахымыз зегьы-зегьы идимырҳакәа. Инапы аҵаиҩит, ииашан, избанзар иаҵаимҩыр, "аԥсуаа аҭынчра рҭахӡам, аекстремист дырхагылоуп, иуаажәлар иҭахӡам" ҳәа рҳәар ҳәа дшәеит. Иҳадгылаз ауаа ргәы нхар ҳәа дшәеит, аҳәатәы рмоур ҳәа дшәеит. Иҳәеит, ииҭахыз иҳәеит! Иара ихатә гәаанагара хазы иҳәеит. Убри анаҩсан, Нхыҵ Кавказ зегьы ирӡыҩрит, Урыстәыла Асовет ҳәынҭқарра иқәынхо зегьы ирӡыҩрит, адунеи иаирҳаит "ҳазҭагылоу абри ауп, иаҳшәырҟаҵо абри ауп" ҳәа. Ажәакала, убринахыс, нас иҟарҵарц ирҭахыз - аԥсуажәлар рныхраҵәҟа рылымшартә иҟаиҵеит убри аҽны.

Са сгәанала, убри амш иара изын зегьы иреиҳау мшуп, ҳара ҳзынгьы зегьы иреиҳау мшуп. Ҳажәлар реиқәырхара иамшуп, аха иагьыхьанҭан уи.

Сара изныкымкәа сазхәыцхьеит, сазыӡыҩрхьеит уа ицәажәара. Владислав Григори-иԥа иеиҳа ақәра змоу ауаагьы ҳаман, иҳамоуп иахьагьы, аԥышәагьы змаз ҳаман, аха, схәыцхьеит даара, иара идкыланы. Убри аҽны иара иҟаиҵаз, иара ииҳәаз зҳәоз ауаҩы усҟангьы дҳамамызт, иахьа, сыздырам, дҳамазаргьы, макьана сара дсымбацт.

Арыцҳара азы акәымкәан, абзиара азыҳәаны дҳамазааит убас иҟоу, зегьы ирбартә-ираҳартә Анцәа иҟаиҵааит! Сара агәра ганы сыҟоуп, ус еиԥш иҟоу ҳара ҳажәлар зымшьыша, ақәра рызҭаша, рынаунагӡатәра зылшаша аҵеицәа шҳамоу здыруеит!

Аха ас иҟоу ашәышықәса рахь, азқьышықәса рахь знык акәхап данииуа. Анцәа дҳаҭ, Анцәа сиҳәоит, абас иҟоу ауаҩы! Дҳаҭ аринахысгьы!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0