Аԥсны

Аҟәа араион аҟны амаининг-ферма рыԥшааит Аԥсны амилициа

Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалареи амаинингтә фермақәа рзы афымцамч ахархәареи рзин ааныркылеит ашықәс анҵәамҭанӡа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭстандарт атехникеи аенергетикеи рхылаԥшраз адепартамент аусзуҩцәеи Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан иаадырԥшит амаининг-ферма. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аоперативтә гәыԥ аннеиз афермаҿ иқәгылан 31 аппарат. Аферма ихатәын 29 шықәса зхыҵуа Арам Ханчалиан.
Амаининг азы аппаратқәа ықәганы аҵәахырҭа ҷыдахь инашьҭын.
Хачелиан иганахьала административтә материал азырхиан закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы АЗ ахәҭаҷ 96.1 ахәҭа 2 инақәыршәаны.
Аԥсны
Бжьаниа аенергетикеи амаининги рызҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит