Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа аенергетикеи амаининги рызҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / официальный сайт Президента Абхазии Президент Абхазии Аслан Бжания провел рабочее совещание по вопросам энергетики и незаконной добычи криптовалют
Президент Абхазии Аслан Бжания провел рабочее совещание по вопросам энергетики и незаконной добычи криптовалют  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалареи акриптавалиута арҳаразы амаининг фермақәа афымцамч рхархәареи рзин ааннакылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аенергетикеи акриптавалиута амаининги рызҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзура.
Ахада иазгәеиҭеит амаининг ҿагылараз имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа шазымхо, ареспубликаҿ афымцамч ахархәара шыҳараку.
Аԥыза-министр Александр Анқәаби ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи рнапы ианҵан акриптавалиута арҳара алзмыршараны иҟоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рҭакԥхықәра шьақәдыргыларц, иахәҭоу алеишәатә ӡбарақәа рыдыркыларц.
Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳаразы аусура азин аанкылоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Аԥсны
Тамшь ақыҭан ҩыџьа ауаа ҭахеит амаининг хархәагақәа рӷьычразы аҽазышәараан
Азинхьчаратә усбарҭақәа закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьреи акриптовалиута амаининг амҩаԥгареи ирҿагыланы аус руеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы акриптовалиута арҳаразы амаининг-ферма ду аарԥшын Тҟәарчал араион Бедиа ақыҭан 320 маиненг, зеиԥш мчхарала 400 киловатт.
Ажәабжьқәа зегьы
0