Аԥсны

Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

Ацәыргақәҵаҿы иқәыргылоуп аԥсуа мҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу ааҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 25.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа амҳаџьырра иагаз ҳмилаҭ рхаҭарнакцәа ргәалашәара иазку асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аадыртит.
1 / 5

Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

2 / 5

Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

3 / 5

Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

4 / 5

Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

5 / 5

Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

Ацәыргақәҵаҿы иқәыргылоуп аԥсуа мҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу ааҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 25. Урҭ злаҭыху астильқәа еиуеиԥшым.
"Аус злазуа атехника иахьӡуп "микс", избанзар схы иасырхәоит еиуеиԥшым ашәыгақәа, акрил, маркер, уб.егь. Ари иахьатәи аамҭа иақәшәо ҟазароуп - сара сҭыхуеит амагнолиа абӷьаҿы, нас урҭ афотосахьақәа ирыдсырҷаблоит, убас абарҭ рҩызцәа аусумҭақәа рылҵуеит", - иҳәеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз асахьаҭыхҩы Кадыр Тәанба.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәоит есышықәса лаҵара 21 рзы. Ари аҽны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит Аԥсны ада Кавказ ареспубликақәеи адунеи иалаԥсоу Кавказ жәларқәа рдиаспора ахьынхо атәылақәа рҟынгьы.
Аҟәа амш иалагӡаны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп - "Нарҭаа дуқәа реиԥхныҩлара" захьӡу атлетика лас азы аицлабра, амца ду аиқәҵара, амзақәа реиҭаҳара, ашәҭқәа рышьҭаҵара.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гәдоуҭагьы. Агәалашәаратә церемониа иалахәын араион анапхгареи ауаажәларреи.
Аԥсны
Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа