Аԥсны

Зыԥсҭазаара зегьы ажурналистика иазҭаз: Борис Ҭыжәба игәалашәара иазкны

Зажәеи зуси еимадаз, зыжәлари зыԥсадгьыли рхьаа зхьааз, иаамсҭашәаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Борис Ҭыжәба игәалашәара лаша иазкуп ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа.
Sputnik
"1931 шықәсазы Апсны иамаз астатус ларҟәны, иавтономиатәны Қырҭтәыла ишацрарҳәазгьы, Асовет Конституциа абзоурала, зегьы дара ракәын - уи ҳәынҭқарран, аха ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиара Қырҭәыла иазнымкылоушәа абеит. 1934 шықәсазы Қарҭ ҳаԥсуа ҳәынҭқарратә ансамбль ақәгылара абзоурала, ақырҭцәа ирбеит аԥсуаа рҟазара ахьынӡаҳаракыз. Марр ибзоурала иаԥҵахаз Аԥсны Академиа иаанарԥшуа иалагеит аԥсуаа рҭоурых, ркультура, рлитература, рбызшәа рымҽхак шыҭбааз…"
Борис Ҭыжәба
Иаҳхысыз амза лаҵарамза 5 рзы 91 шықәса ҵит диижьҭеи еицырдыруа аԥсуа журналист, ашәҟәыҩҩы, апоет, СССР ашәҟәыҩҩцәеи, Ассоциациа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәеи реидгылақәа ирылахәыз, иара убасгьы СССР ажурналистцәеи Апсны Ажурналистцәеи реидгылақәа ирылаз, акыршықәса агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас иҟаз Борис Максим-иԥа Ҭыжәба.
Сара ибзиан исгәалашәоит, сара схаан аус зуаз агазеҭ "Аԥсны" еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы редакторцәа хадақәас иҟаз зегьы, урҭ рахьтә иахьа ихьӡ алкаан дысгәаласыршәар сҭахуп ашәҟәыҩҩы-ажурналист Борис Мақсим-иԥа Ҭыжәба. Уи, ишырҳәо еиԥш, ихы инаркны ишьапаҟынӡа дредакторн, уи азы дшан!.. Зегь раԥхьа иргылан, идырра ҵаулан, инапы ҩуан, насгьы, аматериал иаразнак аус адиулон, агазеҭ иақәшәартә "ицәуан!" Иара ара аус иуанаҵы, агазеҭ цәгьала ҳаԥсуа культура иазааигәеитәит, шамахак, иҟаӡамызт мчыбжьыкахь знык алитература иазкыз, инарҭбааз материалк, ма ажәеинраалақәа, ма ажәабжьқәа, ма ашәҟәыҩҩцәа рыҿцәажәаракәа, рессеқәа, рымшынҵақәа, ргәалашәарақәа иара иинциативала агазеҭ иананымлоз...
Иҟан аамҭақәак, сара ибзиан исгәалашәоит, агазеҭ аредактор хада аиҳабыра ргазеҭ ашәҟәыҩҩцәа ириҭеит, илитературеитәцәеит ҳәа ацәажәарақәа анцозгьы!.. Аха Борис Максим-иԥа урҭ ацәажәарақәа есымша лафла идикылон, урҭ дәықәызҵоз акыр дырхыҳәҳәон, дара рбызшәеи ркультуреи хьаас ишрымамыз идыруан азы...
Насгьы, Борис Максим-иԥа есымша ашәҟәыҩҩцәа дырзааигәан, урҭ р-Ассоциациа далан, рхьаа- рбаа, рыпроблемақәа зегьы иаргьы ипроблеман, дрылагылан, дара зыргәырӷьоз иаргьы даргәырӷьон, избылуаз иаргьы дабылуан...
Борис Ҭыжәба аус ицызуаз ажурналистцәа гәыԥҩык
Убарҭ зегьы рнаҩсангьы, Борис Ҭыжәба даара ҳаԥсуа милаҭ рҭоурых дазҿлымҳан, иҭиҵаауан, инапы иҵыҵит, иҭынхеит ирацәаӡаны аҭоурыхтә очеркқәа. Урҭ зегьы еилыхха иудырбоит ҳажәлар знысыз рҭоурых, рдац-рԥашә ахьынтәаауа.
Абра исгәаласыршәар сҭахуп 2004 шықәсазы "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭа" иҭнажьыз Борис Ҭыжәба ҿыгҳарыла ишәҟәқәа зегьы иреиҳау "Аԥсуа ҭоурыхтә публицистика" захьӡу ашәҟәы аԥхьажәаҿы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа иазгәаҭарақәа руак:
"Аԥхьаҩ, игәауҭазар, сара Борис Ҭыжәба истатиа "Аԥсны ақьырсианра, мамзаргьы Гәдоуҭатәи ахҭысқәа иҳазцәырыргаз гәаанагарақәак" аҟны дыззааҭгылаз азҵаарақәа хәыцрашәк сызцәырыргеит, ҳажәлар рҭоурыхҭҵаарахь сиаргеит, ишеилыскаауа алагьы инарҭбааны срылацәажәоит, избанзар Аԥсны ақьырсианра аҭоурых азы ашәҟәыҩҩы игәаанагарақәа шьаҭанкыла ииашоуп, рацәак идуум публицистика ҩымҭак аҿы иахьынӡаилшозгьы уи иааирыԥшит. Аха ҳаамҭазы ақырҭуа фальсификатортә теориақәа рхы шьҭырхуеит ауаажәларраҿы амц ашьақәырӷәӷәаразы, ақырҭуа милаҭеилыхҩцәа, ашовинистцәа, рыжәлар рыхьӡала имҩаԥырго аимпертә политика ишакәхалак идыриашаразы. Убри аҟынтәгьы, Б. Ҭыжәба дзызхьаԥшыз, инагӡаны аҭҵаара зҭаху аҭоурыхтә ҵабыргхаҭа ганрацәала ахцәажәара иахәҭаны исыԥхьаӡеит."
Аԥсны
Ҷлоу анаҳҳәо, Баграт ҳаҳауеит
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рзы Борис Максим-иԥеи сареи ҳредакциақәа хыбрак аҿы, Ажәанба имҩа 9, аԥшьбатәи аихагылаҿ иҟан, ирлас-ырласны ҳаиқәшәон. Сара зныкгьы исымбеит, абри ауаҩ, иусураҿ шьыжьымҭан, хә-минуҭк ирыдамзаргьы дагхо!.. Ишырҳәо еиԥш, есымша ацәашьеиԥш иусураҿ дыххаӡа дакын, икабинетаҿ уааҩналацыԥхьаӡа, деилыхха, дычча-ччо даауԥылон, ишықәсқәа акырӡа ишынаскьахьазгьы...
Уи акырынтә, даара гәыблыла исзеиҭеиҳәахьан Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи иареи ианыҷкәынцәаз аахыс ажәеинраалақәа рыҩра ишеицалагаз, аинститут аҿы алитературатә ҭӡыгазеҭқәа шеицҭрыжьуаз, нас акырынтә ақырҭуа ҵарауаа рҿаԥхьа Аԥсны аҭоурых ахьчаразы ақәгыларақәа шеицрықәшәоз, ақырҭуа шовенизм каламлагьы, ианаҭахыз ҭаҷкәымлагьы аҿаԥҽра шрылшоз!.. Нас, аҵыхәтәан инақәрыӷәӷәан иҳәон, уаҟа дара аиҩызцәа аӡәгьы, зынзаҵәыкгьы хшыдмырԥхашьацыз!..
Ишдыру еиԥш, агазеҭ ахаангьы иара ахатә кәамаҵамақәа амоуп, уи еиҳа аҳәынҭкарра аофициалтә политика иқәныҟәозар ауп, аха Борис уи зегьы агазеҭаҿ инапхгара бзиала акгьы шагимыжьуазгьы, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, агазеҭ алитературеи аҟазареи ирызкыз аматериалқәа есымша "гәырхаагас" ианиҵон!.. Убри азы акәын, иара редакторс аус аниуаз икобинетаҿ унеицыԥхьаӡа, ирлас-ырласны ашәҟәыҩҩцәеи, асахьаҭыхҩцәеи, акомпозиторцәеи зуԥылоз!..Уи иаанагоз, аҟазара аусзуҩцәа рус, есымша аҳәынҭкарра аҩаӡара аҟынӡа ихагалан ажәлар идырбалатәуп, ирыларҵәалатәуп ҳәа акәын... Ус иагьыҟаиҵон Борис Максим-иԥа!..
Борис Ҭыжәба журналистк, патриот цаҳәцаҳәк иаҳасабала уанихцәажәо, аӡбахә умҳәар залшом аԥсуа-қырҭуатә еибашьра анцоз аамҭазы агазеҭ "Аԥсны" иара ихадарала Гәдауҭа ишҭыҵуаз, аҭабиақәа ирҭатәаз ироуртә ишыҟаиҵоз, Мрагыларатәи афронти агазеҭи аимадара бзиа шрымаз, уимоу, уахьынтәи вертолиотла инаргоз асалам шәҟәқәа, иуҳәар ауеит, ауаз шәыҟәқәа, агазеҭ ишанылоз. Убри алагьы агазеҭ аԥхьаҩцәа ирбон Аԥсны зехьынџьара инагӡа-аагӡаны иахҭысуаз агәаҟрақәа зегьы.
Аԥсны
Зыԥсҭазаара зегьы ашәҭыц еиԥш иԥшӡаз: апоет Алықьса Џьонуа изкны
Абраҟа иаазгар сҭахуп 1993 шықәса ԥхынгәыма 22 рзы ажурналист Ешыра амцаԥшь далагыланы ииҩыз астатиа ацыԥҵәаха. Уи анын иара убри аҽны иҭыҵыз агазеҭ аномер:
"Гәымсҭа нырцәи-аарцәи реиҿахысра… ана ара абзарбзан хқәа ркаҳара… аснаипер илаԥш зыхьӡоз анаара иҩны аҿысра… агәаҩарақәеи аҳәысҭарақәеи рҭысра… шьамхахьы аҳәынҵәа алсра… Урҭ хаз-хазы рзааҭгылара аҭахым…
Аибашьра - еибашьроуп…
Афронт - фронтуп…
… Ҳгьежьны ҳанаауаз уажәы-уажә схьаԥшуан Аҟәаҟа… Ибзианы салаԥшуан Араион Ҿыц. Сагәыдыԥшылон сыҩны хьшәашәаӡа…
Нас изырԥхари ҳаҩнқәа, аԥшәмацәа аӡиас аарцә ҳаҟазар…
Гәымсҭа ҳаруеит ари аганахьалагьы.
Дук мырҵыкәа ҳнеиуеит ҳаҳҭнықалақь ахь.
Ҳаҩнқәа рахь…
Ус ишыҟало агәра сдыргеит абаталион аҿы избаз аибашьцәа."
Борис Тужба
Уажәы абра иаазгоит ажурналист-ашәҟәыҩҩы Борис Ҭыжәба инысымҩа. Уи рдыруазар рыхәҭоуп аԥсуа жәлар ркультуреи рҭоурыхи ирызҿлымҳау зегьы, избанзар уи аӡәыҳәа ҳаԥсуа интеллигенциа дыӷәӷәаӡа дрылагылоуп иаҳзынижьыз ирҿиамҭақәа рыла, иажәеинраалақәа, иповестқәа, ироманқәа, аха зегь раҵкыс уи аҽҟьарҭа ахьиоуз, ус уҳәар ауазар, дахьыӷәӷәаз иҭоурыхтә публицистикатә ҩымҭақәа рҿы акәын:
Ҭыжәба Борис (Антон) Максим-иԥа (29.05.1931, ССР Аԥсны, Аҟәа ақалақь – 20.09.2012, Аҟәа ақалақь) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, апублицист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1958), Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи дрылан, ашьҭахь – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа (2003), СССР-и Аԥсни Ржурналистцәа реидгылақәа дрылан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа ахьӡ ихҵан. Дыҩуан аԥсышәала.
1938 ш. дҭалеит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы (1941-1945), ашкол адыркит, Б. Ҭыжәба дынхон Ҷлоу ақыҭан ианшьа Шьыта Сангәлиа иҩнаҭаҿы. Араҟа, Ақыдратәи алагарҭатә школ аҟны иҵара иациҵоит, ашьҭахь – Ӷәадатәи ашкол аҟны. Ахәбатәи акласс нахыс иан Аҟәаҟа даалгоит, аурыс школ дҭалҵоит, избанзар аԥсуа школқәа қырҭшәала аҵара ашҟа ииаргахьан. 1947 ш. Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалоит (иҵара хиркәшоит 1951 ш.). 1953-1957 шш. рзы аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет аҟны.
1953 ш. корреспондент аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт даналга, ҩаԥхьа аредакциахь дхынҳәуеит, акультура аҟәша алитературатә усзуҩыс дрыдыркылоит, ашьҭахь – аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩс диаргоит, нас – акультура аҟәша аиҳабыс, аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс.
Аԥсны
"Са саԥсыуоуп, са салмасуп!": Гьаргь Гәыблиа игәалашәара иазкны
1969-1971 шш. раан аҵара иҵон Москва, КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ апериодикатә кьыԥхьи, арадиои ателехәаԥшреи рыҟәша аҟны. Аԥсныҟа данаа шықәсык инеиҳаны аус иуан апартиа Аҟәатәи араиком аиҿкааратә ҟәша аиҳабыс. 1972 ш. сентиабр инаркны диаган агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциахь, акыр шықәсагьы аредактор хада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 1998-2012 шш. раан – агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас.
Борис Ҭыжәба ирҿиара шьақәгылоуп ҩ-хәҭакны: апублицистикеи (астатиақәеи аочеркқәеи) асахьаркыратә литературеи (апоезиа, апроза). Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1949 шықәса инаркны. Раԥхьатәи икьыԥхьымҭақәа ракәны иҟан агазеҭтә статиақәеи аочеркқәеи. "Альманах" (1949, №1) ианылеит иочерк Акомҿараа ргәыԥ", уи аҟны иаарԥшуп Џьгьарда ақыҭа аԥсҭазаара, ирзааҭгылоуп ақыҭауаа рпроблемақәа.
Публицистк иаҳасабала, 1960-тәи ашықәсқәеи 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшьи", ажурнал "Алашареи" рҟны имаҷымкәа астатиақәеи аочеркқәеи икьыԥхьит, иара убас аизга "Аамҭеи ауааи" аҟны. 1975 шықәсазы иҭижьит аочеркқәа рышәҟәы "Хашҭра зқәым ахьӡқәа". Ашәҟәыҩҩы ипублицистика еиҳарак аҽалнакааит иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы. Иҵару иҭоурых-публицистикатә статиақәа рызкуп аԥсуа жәлар ирхысхьоу, Ҭырқәтәылатәи ҳаамҭазтәи аԥсуа диаспора, ҳаамҭазтәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа. Урҭ кьыԥхьын агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" - "Аԥсны" адаҟьақәа рҟны: "Аҟәа: Ииуль 15. Изхарада? (1990.№2, 3), "Аԥсуаа жәытәнатә аахыс иқьырсианцәан" (1990. №5), "Аиаша иаҿагылоуп амц" (1990. №108), "Атәым жәҩан аҵаҟа, атәым дгьыл аҿы…" (1990, №190), "Сҭамԥыл аԥсуаа анбананагеи?" (1990.№195), "Аԥсны. Кавказ. Ҭырқәтәыла…" (1990. №209), "Аԥсны ақьырсианра, мамзаргьы Гәдоуҭатәи ахҭысқәа" (1990.№233), "Аԥсны, Аԥсырҭ, Аԥсадгьыл…" 1991. №3), "Аҧсны ҭауади-аамсҭеи аҧсуааи" (1991, №81), "Аԥсны", "Зыхиақәиҭу Қырҭтәыла" Ҩ-жәларык…Ҩ-хықәкык Ҩ-газеҭк (1991, №110), "Аԥсуа ҳәынҭқарра" (1991, №150) уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны
Аԥсуа сатира ашаеҵәа: Кьыршьал Чачхалиа игәалашәаразы
Истатиақәеи иочеркқәеи кьыԥхьын агазеҭ "Аидгылара" аҟынгьы: "Егры ахықә аҿы" (1990. №2 (005). 2002 ш. "Аԥсны" (№57-58; 71-72) ианылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аантәи имшынҵа аҟынтәи аматериалқәа.
Асахьаркыратә литературахь Борис Ҭыжәба ишьаҿа еихигеит поетк иаҳасабала. Иажәеинраалақәа кьыԥхьын ажурнал "Алашара" аҟны 1956 ш. (№3), 1965 ш. (№1). Иажәеинраалақәа агәылалеит иара убас "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Ажурнал "Алашара" аҟны акьыԥхь абеит идокументалтә повест "Афырхацәа рлахьынҵа" (1981, №11), ажәабжь "Ахәҷы хәмарра" (1982, №5), иҭоурыхтә повестқәа "Асаркьал абжьы" (ацԥҵәаха; 1981. №5), "Багада амҵан" (1985. №6), хазы шәҟәынгьы иҭыҵит 1983, 1985 шықәсқәа раан. Ашьҭахь арҭ аҭоурыхтә повестқәа агәылалеит ироман "Аԥсырҭ" (1991).
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Сразҟы. Ажәеинраалақәеи абалладақәеи. Аҟәа, 1958; Агәыӷра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966; Аџь адацра. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1981; Асаркьал абжьы. Аҭоурыхтәи адокументтәи повестқәа, ажәабжьқәа. Аҟәа, 1983; Багада амҵан. Аҭоурыхтә повест. (Аԥсны афбатәи ашәышықәсазтәи аҭоурых ахроника аҟнытә). Аҟәа, 1985; Анаҟәаԥиатәи абаа. Аҭоурыхтә повест. Аҟәа, 1988; Аԥсырҭ. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа; 1991; Аԥсырҭ. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 2007; Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ароман. Аповест. Аҟәа, 2012; Аҩбатәи атом. Апублицистика. Аҟәа, 2015.
Сара сгәаанагарала, иахьа аԥсуа журналистцәа дуқәа рыӡбахә анаҳҳәо, ари аус зхы-зыԥсы аҭаны, зыԥсҭазаара зегьы ахҭнызҵаз, даара баҩхатәра дула, ҟазарыла аус зуаз, гәадурыла иахьа зыхьӡ ҳгәалаҳаршәаша дреиуоуп, қәрала акыр иҳаиҳабыз, аха зыхшареи змаҭацәеи реиԥш иааиҵагылаз аҿар пату ҳақәызҵоз, ҳарҿиаратә ԥсҭазаараҿгьы анырра ӷәӷәа ҳазҭаз, ҳарҵаҩ бзиа Борис Максим-иԥа Ҭыжәба!