Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа сатира ашаеҵәа: Кьыршьал Чачхалиа игәалашәаразы

© Foto / из архива семьи ЧачхалиаКьыршьал Чачхалиа
Кьыршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз амза, лаҵара хәба рзы 104 шықәса ҵит диижьҭеи апоет-асатирик Кьыршьал Чачхалиа. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадигалоит ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа.
Абар, арԥыс Рамадан,
Ишьҭыхны ддәықәлеит ичамадан.
Днашәа-аашәан, цқьа деимдан,
Аҭыԥгьы иоуит зеиӷьаҭам!..
Кьыршьал Чачхалиа
Иахьа ҳаԥсуа поезиаҿы иреиӷьӡоу асатирикцәа рыӡбахә анаҳҳәо, ихьӡ ҿаҿаӡа ҳаԥхьа иаагылоит апоет-асатирик Кьыршьал Чачхалиа. Аиашаз, усеиԥш зыжәлар ирзааигәаз, азал дуқәа рҿы еиԥымҟьарада анапеинҟьабжьқәеи аччаԥшьи алахҿыхреи рыцны изқәырыԥсоз апоетцәа маҷын усҟан. Насгьы, уи ишьҭихуан ижәлар реиҳа ирзааигәаз, ирҭахыз, ргәы икылхоз, нас сатирала иҿаԥиҽуан ирԥырхагаз, ирыцәӷьычуаз, иаазмырбуаз...
Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭакәа зегьы еидызкыло 2018 шықәса рзы "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭыҵыз ҩ-томкны иҟоу "Аизга" аԥхьажәаҿ аҵарауаҩ Уасил Аҩӡба иазгәеиҭоит:
"Ирацәаҩымзар ҟалап аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рахьтә зыхьӡ мацарала зыӡбахә умоу узацәажәо ианеилыркаауа "Кьыршьал" ҳәа ахьӡ ануҳәалак, иӡыҩруа зегьы иаразнак ирдыруеит, еилыркаауеит, узлацәажәо апоет, асатирик Кьыршьал Чачхалиа шиакәу. Уи зыхҟьо, ихьӡ даҽа шәҟәыҩҩык, поетк иахьихьӡым мацара акәхарым. Араҟа аус злоу, аԥхьаҩцәа, иааидкылан иаҳхәозар, ажәлар ирҿиамҭақәа иахьрызҿлымҳахази, хаҭала иара иахь ирымаз агәыбылреи роуп."
Кьаршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2018
Агəаҕьра змаз агении
Иаагап апоет заатәи ипоезиаҟынтәи иажәеинраалак ацәаҳәақәа:
Апоетгьы иаразнак дызпоетхом,
Мызкы-ҩымз изхом...
Иццакызгьы, уи дызҽеихом,
Уи аҩра игәаԥхом...
Убри аҟнытә ауаҩы иуалуп,
Даараӡа аразра.
Ари ус ԥшьоуп, иус ҳалалуп,
Аԥсадгьыл амаҵура...
Ари зегьы ирылшауам,
Калам шьҭыхны иҩуа.
Иҩыргьы, рашәа ианылауам,
Чамгәыр азырҳәауа...
Ҳнаныԥшылап, апоет Кьыршьал Чачхалиа есымша аӡиас леишәацәгьеиԥш ицәқәырԥоз иԥсҭазаара, инысымҩа:
Кьыршьал Шамил-иԥа Чачхалиа диит лаҵара 25 1918 шықәсазы, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ԥақәашь ақыҭан, иԥсҭазаара далҵит рашәара 4 1970 шықәсазы. Аԥсуа поет, СССР-и (1956) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
© Foto / из архива семьи ЧачхалиаКьыршьал Чачхалиа
Кьыршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Кьыршьал Чачхалиа
Ԥақәашь ақыҭантәи ашкол даналга аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум аҟны (1937-1938). Иҵара анхиркәша иԥшәмаԥҳәыс лакәны иҟалашаз Н.И. Зақараиа аус ахьиуаз ақыҭантәи алагарҭатә школ деиҳабын. Араҟа Нина Иасон-иԥҳа аԥсшәа лҵеит, Кьыршьал Чачхалиа раԥхьатәи иажәеинраалақәа дыззаԥхьазгьы лара лакәын.
Қырҭтәыла амчрақәа аԥсуа школқәа анадыркы, Кьыршьал Чачхалиа иусурҭа ицәыӡуеит. Ақырҭуа бызшәа ибзианы иззымдыруаз изы аусурҭа аԥшаара цәгьан. Н.И. Зақараиа илгәалалыршәон: "Кьыршьал усурҭада данаанха, иӡбеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы аусура далагарц. Уи аԥсышәала иҭыҵуан, аха усҟан анбангьы ақырҭуа графикахь ииаган. Аҟәаҟа дцеит. Апартиа аобком аҟәша аиҳабы диазҵаауеит: "Ақырҭшәа удыруама?". "Мап", – аҭак ҟаиҵеит Кьыршьал. "Ақырҭшәа узымдыруа џьаргьы аусурҭа узыԥшаауам", – ҳәа наиаҳәаны, днаскьаганы доуижьит… Ашьҭахь аусурҭа иԥшааит Тҟәарчал, Аҳәынҭстрах аҟны". ("Республика Абхазия". 1991, №18, жьҭаара 17).
Владимир Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2018
Арадио
Занҭариа: Кьыршьал Чачхалиа аԥсуа доуҳатә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ааникылоит
Аамҭақәак Кьыршьал Чачхалиа аус иуан апартиа Тҟәарчалтәи ақалақьтә комитет апартиатә кабинет абиблиотекаҿы.
Ашьҭахь "Қырҭрацәаԥшыхәра" аҟны акадрқәа рыҟәша деиҳабын. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы, аԥсуа школқәа анаадырт, арҵаҩратә усура дазыхынҳәуеит: аԥсуа бызшәеи алитературеи дирҵон.
1958 ш. Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны иҟоу иреиҳау алитературатә курсқәа дырхысит. Аҵара ициҵон Ч.Т. Аитматов, дрықәшәахьан К.М. Симонов, А.Т. Твардовски уҳәа егьырҭгьы. Аԥсныҟа даныхынҳә, Тҟәарчал, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ахатәы корреспондентс дыҟан.
Иҩымҭақәа икьыԥхьуан 1937 ш. инаркны. Иажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: "Алашара", "Аҟәа-Сухум", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия" уҳәа егьырҭгьы. Кь. Чачхалиа иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит "Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009), "Антологиа абхазской поэзии" (М., 1958).
© Foto / из архива семьи ЧачхалиаКьыршьал Чачхалиа
Кьыршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Кьыршьал Чачхалиа
Кьыршьал Чачхалиа авторс дрымоуп 15 инареиҳаны ажәеинраалақәа реизгақәа. Аханатә (30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа нахыс) Кьыршьал Чачхалиа деицырдырит поет-сатирикны. Д.И. Гәлиа, Л.Б. Лабахәуа рнаҩс, уи илагала маҷымкәа иҟоуп амилаҭтә литератураҿы асатиратә жәеинраала арҿиараҿы. Апоет анырра ирҭеит жәлар рлафтә культура атрадициақәа, иара убас Д.И. Гәлиа, Л.Б. Лабахәуа рсатиратә рҿиамҭақәа.
Апоет исатиратә жәеинраалақәа рҟны иаарԥшуп амцҳәаҩцәа, абжьахәаахәҭыҩцәа, аахәаҩцәа жьаны амал зырҳауа, аҵарҭышагаҩцәа, ачынуаа-абиурократцәа, адемагогцәа, абарбарыҩцәа, аҳәынҭқарратә мазара аҳәынҷаҩцәа, амҵақьақьаҩцәа, ҩ-цәак зхарԥоу, аҭыӡшәаҟаҵаҩцәа, абаҩданцәа, зхашәа хы зымбо амаҵура иашьҭоу, аҩсҭаацәа, аԥсымҭәқәа, зхатәы бызшәа заҭәазымшьо, иааиԥмырҟьаӡакәа арыжәтә зжәуа уҳәа. ("Амбакәа иаҳцәигоит иаҳмырбакәа…", "Амагазин №", "Тира изы асатира", "Махьал ижәҩахыр", "Аԥхыӡ", "Ашәаҟьа", "Рамадан ичемодан", "Ҷыра иусура", "Хәыта Иуана-иԥа", "Уабаҟоу Гадраҟәа", "Сафыџь исаԥыџь", "Аԥҳәызба леишәацәгьа", "Ажәаԥҟа – ажәа имоуп…", "Ашлиапа", "Адиректор Миха", "Ауаҩ баба", "Бадӷа", "Уҿы еихакы, Ҳаџьгәаҭ", "Аусура иамырхда?", "Еимаркуазеи?", "Аҩыза, ас шԥаҟалоз?", "Кәакәана иаарту ишәҟәы", "Абанкетқәа", "Сеидыҟ мгәацәатыҟ" уҳәа рҟны). Арҭ афырхацәа апоет иааирԥшуеит иажәеинраалақәа-иажәамаанақәа рҟны асимволтә ҟазшьа змоу ахаҿсахьақәа рылагьы: "Ақәыџьма", "Тышәкәа", "Аҽада", "Ацгәи аҳәынаԥи…" уҳәа егьырҭгьы.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Аԥсны
Ҷлоу анаҳҳәо, Баграт ҳаҳауеит
1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭа инаркны аԥыжәара ааныркыло иалагеит алирикатә жәеинраалақәа.
Иажәеинраалақәа жәпакы рызкуп еицырдыруа ауаа: "Уи дызусҭада?" (Н. Лакоба изкны), "Д.И. Гәлиа", "Апоет" (Л.Лабахәуа изкны), "Миха Лакрба", "Ш. Ҵәыџьба", "Ушәҟәы санаԥхьа" (Т. Аџьба изкны).
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1955: Сҳаблаҿы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1956; Амахәҭақәа шәҭит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1958; Ашәа ҿыцқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1960; Ашәҭи ақәыци. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1963; Ахәырбӷьыц. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1967, Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1968; Ааҧынтәи ахәыцрақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1971; Ақьиацәа рымҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1978; Алирика. Аҟәа, 1979; Алирика. Асатира. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1981; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; аурысшәахь аиҭагақәа: Сердце говорит. Стихи. М., 1959; Спасение. Стихи. М., 1969; Песни рождаются в полночь. Стихи. Сухуми, 1986.
Кьыршьал есымша ижәлар дрылагылан, иааигоз ахаҿсахьақәагьы ижәлар ирылҵыз, измырӷьацоз, шьапҿаршә рзызуаз, аиҳабыра ҭыԥқәа рҿы иҟаз, змилаҭ ҭызфаауаз ракәын. Урҭ зықьҩык ирылазаргьы, рыхьӡ ҭкааны иҳәомызт, аха рхы рдыруан, нас, ажәларгьы нацәала реибарбара иалагон. Уи иаанагоз, Кьыршьал исатира хысит, ахҭа иҭанаршәит ҳәа акәын!.. Иаагап иажәеинраала "Бадӷа".
Хыла хшыҩла даара дмаҷуп,
Ҵара дукгьы имам Бадӷа.
Ламыслагьы акырӡа дкьаҿуп,
Аха Бадӷа имоуп абӷа!..
Гьаргь Гәыблиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2022
Аԥсны
"Са саԥсыуоуп, са салмасуп!": Гьаргь Гәыблиа игәалашәара иазкны
Кьыршьал, сара аӡәырҩы ирҳәо саҳахьеит, ҳапсуа театр аҿы Иреиҳаӡоу Асовет Аизара Дуқәа анымҩаԥнагоз, атәыла актәи Ахадара шцәажәоз ажәа аарымхны, рцәажәараҿ дыззыразымыз афактқәа ааганы, сатирала ишырҿаԥиххаауаз, даргьы уи нахыс ирҳәо иақәымшәакәа, рытрибунақәа ааныжьны, рыхқәа рыкәаҽ атеатр идәылҵны ишцоз!.. Нас, апоет убриаҟара деицырдыруа дҟалеит, ачарақәа рҿгьы даннеиуаз, ажәлар ааикәшан иаагылон, "усатирақәа руак аҿаархеи, Кыршьал" ҳәа!.. Абар, ус иҟоу ажәеинраалақәа руак:
Быхцәы хыбҵәеит баалаган,
Бмаӷра ҿыбҵәеит блалаган.
Бгәышԥы хыбтит бналаган,
Быҵкы хыбҵәеит бҩалаган.
Банызба сгәы акы аанаган,
Уажә ибасҳәап саалаган.
Быбызгьы хыбҵәар баалаган,
Еиҳагьы еиӷьуп ҳәа сгәы иаанагоит.
Сара агәра згоит, Кьыршьал Чачхалиа иахьа иреиӷьӡоу исатиратә ажәеинраалақәа ирыхәҭоу асахьақәа рыцҵаны иԥшӡаны ишрыхәҭоу еиԥш иҭыжьзар, арезонанс бзиа шыҟарҵоз, ҳтеатрқәа рыҿгьы ҳактиорцәа ишрыхәоз, ҳпародистцәагьы зҿыԥшыша акы акәны ишыҟалоз!.. Уимоу, иаԥсоуп ҳәа саргьы сгәы иаанагоит, сагьадгылоит, гәыԥҩык ҳпоетцәа ирҳәаз агәаанагара, асатира ажанр азы, Кьыршьал Чачхалиа ихьӡ зху апремиа Аԥсны акультура аминистрра иаԥнаҵарц. Иахьатәи ҳаамҭазы асатиреи аиумори злухша рацәоуп, насгьы, ҳажәлар ирхыргахьоу аибашьрақәеи, агәаҟрақәеи, ачымазарақәеи рышьҭахь, ргәы рхазрышҭыша, изырлахҿыхша, изырччаша ашҳам злам асатира хәшәуп дара рзы!..
Еҳ, абри ԥхыӡымкәа,
Избар лабҿаба,
Асатира уаҳа ишызмыҩуа,
Уи азы сыгәра жәга!..
Ажәабжьқәа зегьы
0