Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зыԥсҭазаара зегьы ашәҭыц еиԥш иԥшӡаз: апоет Алықьса Џьонуа изкны

© Foto / предоставила Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 7 рзы 102 шықәса ҵуеит еицырдыруа аԥсуа поет, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа диижьҭеи.
Уи изку анҵамҭа ҳазирхиеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Sputnik
Ҳаԥсуа литератураҿы иҟоуп апоетцәа зпоезиа зегьы иааихмырсыӷьӡакәа излагылаз аԥсҭазаара ацәқәырԥа абжьы зныҩуа, уи апафос ҳаракы еиқәырханы изго… Урҭ апоезиаҿ, еиҳараӡак аграждантә лирика рзааигәоуп, рхы-рыԥсы зегьы арҭоит, иааихмырсыӷьӡакәа уи агәеисыбжь раҳалоит рыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа. Ҳлитератураҿы убас иҟаз апоетцәа дреиуан, апоет - трибун, зхы-зыԥсы зегьы зыуаажәларра рымаҵ аура иазызкыз Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа. Уи данҩыҵшәа инаркны даҽакала ижәлар ргәыбылра икит, дырзааигәахеит, рыгәҭыха аҳәара иҽазикит. Уи аҵакы бзиаӡан иаарԥшуп иара иажеинраала "Апоет" аҿы.
Апоет
Ашәҭ мацара, иааҟәымҵӡакәа,
Хәыцырҭас измоу -
Уи дпоетым, дҳамбаӡакәа
Диасуеит дканӡо.
Уи дпоетым, аҟама аҿеиԥш,
Зкалам ҵарым.
Дзааӡаз иан лкыкахш еиԥш
Зыԥсадгьыл ду згәыблым!
Алықьса Џьонуа поетк иаҳасабала данеизҳа, дахьшәыз, еиҳараӡакгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аамҭаз ауп. Уи ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа ибзиаӡаны ирдыруеит аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны аҵыхәтәанынӡа аибашьра еилашыра дшалагылаз, иԥсыда-инхада анырҳәоз, реиҳа ишәарҭаӡаз аҭыԥқәа рҿы дгылан иара иԥсадгьыл ду хьчауа. Иара аибашьра аԥхьатәи амзақәа рзы аибашьратә ҵараиурҭа даналга, иаразнак атанк дақәдыртәеит, Украина деибашьуан… Даара акыр аӷа дԥыххаа дықәиҵахьан еиԥш, еидыслара дук аҿы дырхәит, уи ашьҭахь алеимсаа дагьырытҟәеит. Аха ихаҵареи игәымшәареи рнаҩсангьы анцәа диман апоет, аӷа имацәаз дҭыҵит, дыбналеит, ҳара ҳар ахьыҟаз деибга-деизҩыда днеит, даргьы гәырӷьаҵәа дрыдыркылеит. Абраҟа иаазгар сҭахуп "Ашьеи абзиабареи" захьӡу иҩымҭақәа иреиӷьӡоу аибашьра иазку ипоема ацыԥҵәаха хәыҷык. Абри арҿиамҭеи, егьырҭ иҩымҭақәаки рзы ауп апоет Дырмит Гәлиа ипремиа аиура дзаԥсахаз.
Аҭынчра збодаз, аҭынчра абаҟаз, ауаҩы ишьа ахькашуа,
Афронт аҳәа иқәмацәысуан, абџьарқәа гәынқьуа.
Уа зсолдаҭра фырхаҵароу, иназыгӡо зҭоуба,
Дрыцны днеиуан Баҭал Смырба, Аԥсынтәыла аԥа.
Днеиуан имч-илшара ӡхыҵуа, днеиуан иҽрыӷәӷәа,
Иџьаз хылԥа хьанҭа-хьшәашәа, кәалӡра изнауа.
Ижәҩахырқәа еихых-еиҵыхны, уи игәышԥы ҭбааӡа,
Имедал хәыҷ игәы икыдҵан, ирҭаз уажә ааигәа.
Уажәы абра иааҳгап асеиԥш иҟоу апоет ду, зыԥсҭазаара зегьы цәқәырԥараз, қәԥараз, аха зышьҭахьҟа еиҭамԥаз, зыԥсадгьыл ду гәышԥыла изыхьчаз арҿиаҩы инысымҩа:
© Foto / предоставила Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Алықьса Џьонуа
Аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа (диит лаҵара 7 1920 шықәсазы, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳаблан, идунеи иԥсахит жәабран 27 1984 шықәсазы). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1984, ажәеинраалақәеи апоемақәеи рышәҟәы "Ашьеи абзиабареи" рзы). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп Аџьар Ҟаԥшь аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аорден аҩбатәи аҩаӡареи, амедалқәеи, адырга "СССР аҵара зҽалызкааз". СССР-и (1952) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.
© Foto / предоставил Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Алықьса Џьонуа
Аҵара иҵон Аимаратәи ҩ-классктәи ашкол аҟны (1927-1928), ашьҭахь, Ҷлоутәи ԥшь-классктәи ашкол даналга, диаргоит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ ахь (1932-1938). 1938 шықәса рзы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша дҭалеит, аха аҩбатәи акурс аҟнытә аррамаҵура ашҟа иԥхьоит. Аханатә аррамаҵура дахысуан Туркментәыла (ақ. Мари) атанктә архәҭа аҟны. Ари аамҭазы Москватәи аҭыжьырҭа "Советский писатель" урысшәала иҭнажьит аизга "Аԥсны апоетцәа". Уи иагәылалеит А. Џьонуа иажәеинраалақәа рыхәҭак. Ашәҟәы аррамаҵура дахьахысуаз архәҭахь изынарышьҭит, ирыԥхьеит, арратә ҭӡыгазеҭ "За родину" ианырҵеит иажәеинраалақәа ҩба: "Амҳаџьыр", "Аҟармаҵыс".
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага, дызлаз атанктә архәҭа афронт иналагылеит. Раԥхьатәи ажәыларақәа раан А. Џьонуа дхәын, ҩымз ахәшәтәырҭаҿы дыҟан, аԥхьа – Новошахтинск ақалақь аҟны, ашьҭахь – Сталинград амҵан астанциа Илиниц. Игәабзиара шьақәыргыланы ирхәҭахь дхынҳәит. Иара аԥшыхәратә ротаҟны дсержантын. 1942 шықәса ааԥынразы Барвенково-Лозоваиа (Украина, Харковтәи аобласт) араион аҟны дрытҟәеит, аха иаарласны абналара илшеит; Украина, Винницатәи аобласт аҟны апартизанцәа ргәыԥ "За родину" аԥшыхәратә гәыԥ далалеит. Апартизантә гәыԥ Асовет Ар рырхәҭақәа ианрыларҵа, 1944 шықәса февраль мзазы А. Џьонуа даарышьҭуеит Аҟәатәи арратә комиссариат ахь.
© Foto / предоставил Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Алықьса Џьонуа
Аԥсныҟа даныхынҳә, иҵара иациҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, дагьалгоит 1947 шықәсазы. Аус иуан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аконсультантс, Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1947-1953) аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс, ашьҭахь – апартиатә бзазара аҟәша аиҳабыс (1953-1956), ажурнал "Алашара" аредактор хадас (1956-1978). 1978-1986 шықәсқәа раан – Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз архивтә усбарҭа анапхгаҩыс, 1986-1989 шықәсқәа рзы – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аусбарҭа ахантәаҩыс дыҟан.
Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа "Миха иԥҳа", "Аусуҩы", "Џьота", "Абарбарҩы" анылеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь". Иҩымҭақәа рнылон ажурнал "Алашара", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Литературная Украина" уҳәа егьырҭгьы. А. Џьонуа иажәеинраалақәа маҷымкәа икьыԥхьын "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Жәохә инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.
© Foto / предоставил Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Алықьса Џьонуа
Иажәеинраалақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.
А. Џьонуа дырдыруеит еиҭагаҩк иаҳасабалагьы. Аԥсшәахь еиҭеигеит араб, аурыс, аукраин, адыга, ақырҭуа уҳәа апоетцәа Маҳмуд Сами Аль Баруди, Баирам Ат-Туниси, Муфида аль Багдади, Сурџьиҭ Рампури, С. А. Есенин, В. В. Маиаковски, И. И. Франко, Л. Г. Тычин, Х. Х. Гашоков, И. И. Тлиустен, Г. Н. Леониӡе, Ш. С. Акобиа, К. Р. Калаӡе, Х. Гагәуа ражәеинраалақәа, М. А. Шолохов, А. Н. Толстои, И. В. Бондарев, Л. Қьиачели уҳәа рырҿиамҭақәа.
© Foto / предоставил Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Алықьса Џьонуа
Аԥсышәала иҭыҵит ишәҟәқәа: "Ашьыжьтәи ашәахәақәа", "Аԥсадгьыл ахьӡала", "Аҭоуба", "Арҩаш", "Ажәабжьқәа", "Уаҵәазы", "Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи", "Сара сгәыӷра", "Еснагь иҳацу", "Ашьеи абзиабареи", "Аԥхьарца" уҳәа. Аурысшәахь аиҭагақәа: "Журчащий родник", "Верность", "Прибой весны".
© Foto / предоставила Анатолии Лагулаа Алықьса Џьонуа
Алықьса Џьонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Алықьса Џьонуа
Апоет дахьыҟазаалакгьы, иарбан усзаалакгьы дызҿыз, уи ибызшәа зегь раԥхьа иргылон, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа зегь реиԥш, игәы ҿырҳәыцааны изкыз ихьаа дуқәа иреиуан. Абра иаазгоит абызшәа иазку апоет ԥсра зқәым иажәеинраалақәа руак:
О, исыздыруам, сажәеинраала,
Уԥсуоу мамзаргьы уеиқәхауоу.
Аха издыруеит ак лымкаала -
Сара шсакәу узҭынхо.
Ухьыӡ-ухьымӡӷ зду са сакәзар,
Узацәшәоузеи нас аԥсра…
Уԥсҭазаара пату сзақәзар,
Бзанҵы иԥысҵәом уҽҳәара.
Ус анакәха, сыбжьы еиҭоумкын,
Ԥсыуа бжьызааит ԥсыс иухоу.
Са саныҟамгьы угәы еицоумкын,
Са сыбызшәа акәзааит сеиқәзырхо…
Апоет иԥсҭазаара зегьы ламысла иҭәын. Уи даныҷкәынӡаз инаркны, аԥсуареи, аламыси, ахаҵареи, агәымшәареи, ахьӡи, ахьымӡӷи дырзышәаҳәаҩын. Уи ихы агәра аиргахьан, ауаҩы шаҟа ԥсыцқьала адунеи дықәу аҟара, убриаҟара аԥсҭазаараҿы ламыс змоу ауаа зегьы рыԥсҭазаара маншәалахоит, ацәгьа иацәыхьчахоит, ҿыц игыло аҿаргьы рымҩа аартхоит, ишәарҭахаӡом ҳәа… Абар, уи иара иажәеинраалаҿы шаҟа ахҭа иҭаршәны иҳәо!
Аҷкәынра зегьы иреиӷьуп,
Ԥхьаҟа амҵәыжәҩа аҟьоит.
Аҷкәынра зегьы иреиӷьуп,
Амцашоура ахҟьоит…
Зыҷкәынра ҳаҭыр ззақәу,
Ибырграгь ԥшӡахоит.
Зыҷкәынра ҳаҭыр ззақәым,
Ибырграгь хьанҭахоит…
Зыҷкәынрагьы зажәрагьы ҳаҭырла имҩаԥысыз, зыԥсҭазаара мҩа ахы инаркны аҵыхәанӡа еибаха-еибафарала ииаҟьаз, зыуаҩреи зыламыси збаҩхатәреи ахааназ зыжәлар ирзынзыжьыз, зыхьӡи зыжәлеи амреиԥш изырлашаз, ҿыц игыло аҿар рзы зыԥсҭазаара зегьы ашәа хааиԥш ргәы иҭалашаз, ихьӡ ахаангьы ирхашҭӡом!
Ажәабжьқәа зегьы
0