Аԥсны

Лиудмила Скорик: Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит уҳәар алшоит

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны акоронавирус хҭысқәа ашәҟәы иҭагалан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьазы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьала иуҳәар алшоит, Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит ҳәа. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Ииасыз амчыбжь азы акы-ҩба хҭыс аҭыԥ рыман, аха урҭ иаарласны раԥыхра алыршахеит. Аепидемиатә маҵзура ирлас аҭак ҟанаҵоит, ауснагӡатәқәа аднакылоит. COVID-19 зынӡа ҳаԥсҭазаара иалҵит ҳәа аҳәарагьы алшом. Акоронавирустә ҿкы уажәшьҭарнахыс иҳацзаауеит", - лҳәеит лара.

Аҳақьым-аепидемиолог илҳәеит аҿкчымазара абасеиԥш изыхҽыз.
"Избан омикрон ачымазара зыхнаҽыз? Избанзар аиммуннтә хьчара аҽеизанакит, а ачымазара ашьҭахь иоуит, аҽаӡәы алаҵа ҟаиҵеит. Иааидкыланы COVID-19 акыр ихьаҵит", – лҳәеит Скорик.
Pfizer анапхгаҩы: COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц дәықәлахьеит
Акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟазымҵаз ачымазара иахьа, уаҵәа ирыхьыр ҟалоит. Ишырхыргаша атәы риммуннтә системоуп ишьақәзыргыло.
Скорик илҳәеит ауаа уадаҩрада ачымазара шырхырго. Убри аан абжьгара ҟалҵеит риммуннтә система дырӷәӷәарц COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵарц.