Pfizer анапхгаҩы: COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц дәықәлахьеит

© AFP 2023 / HAZEM BADERПалестинский лаборант из Министерства здравоохранения обрабатывает большое количество образцов мазков из носа для тестирования на коронавирус в оккупированном городе Хеврон на Западном берегу
Палестинский лаборант из Министерства здравоохранения обрабатывает большое количество образцов мазков из носа для тестирования на коронавирус в оккупированном городе Хеврон на Западном берегу - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Анапаҵаҩра
Вспышка заболеваемости вирусом впервые была зафиксирована в китайском Ухане, в декабре 2019 года. 30 января 2020 года ВОЗ объявила это чрезвычайной ситуацией, имеющей международное значение, а 11 марта — пандемией.
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Афармацевттә компаниа Pfizer анапхгаҩы Альберт Бурла аҳәамҭа ҟаиҵеит акоронавирустә инфекциа зыхьуа рхыԥхьаӡара иацло ишалагаз, убри аан иазгәеиҭеит алаҵа ҟазҵахьоу ауаа ргәы дырҭынчыр шрылшо. Абри атәы аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "Прайм" Бурла агазеҭ Jerusalem Post иеиҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.
Уи адагьы, Бурла иҳәеит зхылаԥшра иаҳа иуадаҩу омикрон-штамм алаҵәара атәы рхамышҭларц. Иара иажәақәа рыла, израильтәи аҵарауаа ргәы иаанагоит еиҳарак алаҵа аԥшьбатәи адоза злазҵахьоу ауаа ачымазара марианы ирхыргар рылшоит ҳәа.
"Сара атәыла анапхгара акгьы рабжьазгар сылшом. Сара адыррақәа рысҭоит, урҭ инарықәыршәаны дара рхала абжьагарақәа ҟарҵоит. Ара, Израиль, алаҵа аԥшьбатәи адоза ҟарҵарц рабжьаргоит", — иҳәеит Бурла.
Убри аан иара иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы атәыла анапхгара аковидҿагыларатә ԥкрақәа аларгалартә аҭагылазаашьа ыҟам ҳәа.
Уажәазы тәылақәак рҟны ачымазара аҽышьҭыхра ишалагаз азгәаҭоуп. Аха аӡәгьы изыҳәом COVID-19 ахьынӡахьанҭахо.
COVID-19 азы аҭагылазаашьа Аԥсны иҭышәынтәалахеит ҳазҭоу ашықәс жәабранмзаахыс. Араионтәи ақалақьтәи медицинатә усбарҭақәа абжьааԥнытәи аусура иазыхынҳәит, аԥкрақәа зегьы аԥыхын, асабрада аныҟәгареи ауаажәларратә крыфарҭақәа русура аанкылареи абрахь иналаҵаны.
Апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны иазгәаҭан 53639 коронавирустә хҭыс, рыԥсҭазаара иалҵит 683-ҩык. Аҵыхәтәаны Аԥсны COVID-19 злаз апациент иԥсҭазаара далҵит ҩымз раԥхьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0