https://sputnik-abkhazia.info/20220705/liudmila-skorik-asny-covid-19-eiteit-uar-alshoit-1040063884.html
Лиудмила Скорик: Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит уҳәар алшоит
Лиудмила Скорик: Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит уҳәар алшоит
Sputnik Аҧсны
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны акоронавирус хҭысқәа ашәҟәы иҭагалан. 05.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-05T15:30+0300
2022-07-05T15:30+0300
2022-07-05T15:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/05/1037953347_0:136:3157:1912_1920x0_80_0_0_52de788813b4a66b94934ffc37312768.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьазы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьала иуҳәар алшоит, Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит ҳәа. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.Аҳақьым-аепидемиолог илҳәеит аҿкчымазара абасеиԥш изыхҽыз."Избан омикрон ачымазара зыхнаҽыз? Избанзар аиммуннтә хьчара аҽеизанакит, а ачымазара ашьҭахь иоуит, аҽаӡәы алаҵа ҟаиҵеит. Иааидкыланы COVID-19 акыр ихьаҵит", – лҳәеит Скорик.Акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟазымҵаз ачымазара иахьа, уаҵәа ирыхьыр ҟалоит. Ишырхыргаша атәы риммуннтә системоуп ишьақәзыргыло. Скорик илҳәеит ауаа уадаҩрада ачымазара шырхырго. Убри аан абжьгара ҟалҵеит риммуннтә система дырӷәӷәарц COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵарц.
https://sputnik-abkhazia.info/20220703/pfizer-anapkhgay-covid-19-atsyra-yts-dylakheit-1039985889.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/05/1037953347_213:0:2944:2048_1920x0_80_0_0_5273a5384387a62c9a582999e7b1b6e6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
Лиудмила Скорик: Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит уҳәар алшоит
15:30 05.07.2022 (ирҿыцуп: 15:35 05.07.2022) Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны акоронавирус хҭысқәа ашәҟәы иҭагалан.
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьазы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьала иуҳәар алшоит, Аԥсны COVID-19 еиқәтәеит ҳәа. Абри атәы
лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
"Ииасыз амчыбжь азы акы-ҩба хҭыс аҭыԥ рыман, аха урҭ иаарласны раԥыхра алыршахеит. Аепидемиатә маҵзура ирлас аҭак ҟанаҵоит, ауснагӡатәқәа аднакылоит. COVID-19 зынӡа ҳаԥсҭазаара иалҵит ҳәа аҳәарагьы алшом. Акоронавирустә ҿкы уажәшьҭарнахыс иҳацзаауеит", - лҳәеит лара.
Аҳақьым-аепидемиолог илҳәеит аҿкчымазара абасеиԥш изыхҽыз.
"Избан омикрон ачымазара зыхнаҽыз? Избанзар аиммуннтә хьчара аҽеизанакит, а ачымазара ашьҭахь иоуит, аҽаӡәы алаҵа ҟаиҵеит. Иааидкыланы COVID-19 акыр ихьаҵит", – лҳәеит Скорик.
Акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟазымҵаз ачымазара иахьа, уаҵәа ирыхьыр ҟалоит. Ишырхыргаша атәы риммуннтә системоуп ишьақәзыргыло.
Скорик илҳәеит ауаа уадаҩрада ачымазара шырхырго. Убри аан абжьгара ҟалҵеит риммуннтә система дырӷәӷәарц COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵарц.