АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Урыстәылатәи ар "Искандерқәа" рыла икылкааны ааха рырҭеит аӷбаҿагыларатә ракетатә комплекс "Harpoon" аҭырҟьага шьақәгылақәа Одессатәи аобласт аҿы, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла ар Николаевтәи аобласт аҿы ааха рнаҭеит 18 раион рҟны УАМ арратә техникеи аҳәаанырцәеибашьцәа аамҭалатәи ргыларҭақәа, адесант-жәыларатә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 4, Северск иахьаҵанакуа акәылӡтехника аремонтҟаҵарҭақәа.
Иҭархоуп ареактивтә система "Град" авзводқәа ҩба, агаубицақәа "Гиацинт-Б" рартиллериатә взводқәа ҩба ДЖәР аҿы.
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатәии артиллериатәии ар ааха рырҭеит: УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 3, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 3, 97 раион рҿы артиллериатә ҟәшақәа, 11 раион рҿы аруааи аибашьыга техникеи.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа Харковтәи аобласт аҿи ДЖәР аҿи икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьа, ареактивтә система "Ураган" ахгәыцәқәа жәаҩаа Харькови Херсони иахьрыҵанакуа.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 243 ҳаирплан, 137 вертолиот, 1513 аԥырҩы дызҭам аппарат, 3534 зенит-ракетатә комплекс, 34046 танк, 741 реактив-систематә машьынақәа, 3135 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4165 ак аибашьыга автомобилтә техника.