Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳаир мчрақәа америкатәи аҭырҟьагақәа "HIMARS" аҵәахырҭақәа еилаԥырххааит

© Sputnik РИА Российский многоцелевой истребитель Су-35 в Харьковской области.
Российский многоцелевой истребитель Су-35 в Харьковской области. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа Украина абџьархыхразы арратә аоперациа ҷыда шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Урыстәыла аҳаир мчрақәа "Калибр" аракетақәа рыла еилаԥыххаауп Днепропетровск аобласт аҟны иҟаз америкатәи аҭырҟьагақәа "HIMARS" аҵәахырҭақәа, агаубицақәа М777, ахаланыҟәатә бзарбзанқәа 2С7 "Пион", абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
ДЖәР ишьаҟьоуп УАМ иатәу 118-тәи абригада аамҭала иахьгылаз аҭыԥ, иҭахеит 300-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхцәа.
Работа штурмовой авиации ВС РФ на Харьковском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ԥыржәеит
Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа иқәырхит Харьков амилаҭеилыхцәеи аҳәаанырцәтәи аибашьцәеи рҭыԥ ықәырхит, иҭархоуп 250-ҩык аибашьцәа, 25 ак арратә техникеи.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игорь Конашенков иажәақәа рыла, УАМ хырхарҭа рацәала ацәыӡ дуқәа аиуеит.
Урыстәыла АКМ уахыки ҽнаки рыла ДЖәР иқәырхит 58-тәи ашьаҟауаа ргәыԥ, анапхгараҭаратә ҭыԥқәеи, аруааи, арратә техникеи 10 раион рҿы, 200 тонн аҳәаанырцәантә иаагоу аракетатә шьақәгылақәеи аракетақәеи.
Аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи иҭадырхеит:
УАМ анапхгараҭаратә пунктқәа 27,
украинатәи артиллериа 53 раион рҟны,
аруааи, арратә техникеи 156 раион рҿы.
Урыстәылатәи ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-35С ДЖәР анхарҭатә ҭыԥ Богатырь аҟны икарыжьит украинатәи аҳаирплан Су-25.
Иара убас урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчрақәа Харьковтәи аобласт аҟны икарыжьит зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" аснариадқәа 12.
Российские войска в районе города Изюм - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина амилаҭеилыхыҩцәа рбаталион "Торнадо" ргыларҭа ԥыржәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0