АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа-Очамчыра амҩаду лашарала аиқәыршәара аамҭеихшара иаԥнагоит, алашара адыркуеит ԥхынгәы 15 азы, абри атәы иҳәеит Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Ҭеимыр Агрба.
19 километра иҟоу амҩаду, Аӡҩыбжьа инаркны Очамчыратәи ахаҵәирҭанӡа лашарала еиқәыршәахоит. Ахәылбыҽха амаругақәа русушьа шыҟоу аилкааразы аԥышәара иахыжьын. Агрба иажәақәа рыла, уадаҩра ыҟаӡам.
Агрба иҳәеит арҭ аусурақәа 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ихдыркәшараны ишыҟаз.
"Аҟәа- Очамчыра амҩаду лашарала аиқәыршәара ҩ-етапкны еихшоуп. Актәи аетап 2020-2022 шықәсатәи Аинвестпрограмма иаҵанакуеит, уаҟа иарбоуп 600 шьаҟа аргылара, атрансформаторқәа хәба ашьақәыргылара. Иақәхарџьхоит 76 миллион мааҭ", – иҳәеит иара.
Агрба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазтәи аусурақәа раан иазгәаҭоуп 600 шьаҟа рарсра, уи Аҟәа инаркны Аӡҩыбжьа ААИ агәаҭаратә ҭыԥ аҟынӡа, иара убас Мықә ачаихыхырҭа инаркны Тҟәарчал ахаҵәирҭанӡа.
Зынӡа ари амҩахәҭаҟны иргылахоит 1200 шьаҟа, 2400 лашаркыга, 10 трансформатортә станциа маҷ.. Аҳа ԥхьаҟагьы ахылаԥшра аҭахуп. Амаҵ улатәуп Ԥсоу-Аҟәа амҩаду аҭагылазаашьа еиԥшымхарц, иҳәеит Агрба.
Абри азы алашараркыгақәа рымаҵ аура АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапы ианҵахоит.
"Ҳгәыӷуеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" абаланс ахь аҳа ииагахап ҳәа. Иблыз алашараркыга рыԥсахыртә, икаҳаз ашьаҟа дыргылартә. Аобиект аусура иаламгацт арахь 12 шьаҟа амҩатә машәыр иахҟьаны ааха роухьеит ", – иҳәеит Агрба.
Аусурақәа аҩбатәи раамҭахҵәаха 26 километра амҩа арлашара рыҵаркуеит. Ахәқәа макьаназ ишьақәыргылам, уи анаҩстәи Аинвестпрограмма иарбахоит.