Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахада ашықәсбжатәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ари амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсны араионқәа дырҭааны 2022 шықәса актәи азбжаз аусурақәа рылҵшәақәа гәеиҭоит, араионқәа руааԥсыреи рнапхгареи дырԥылоит.
Sputnik
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥхынгәы 22 рзы Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа сынтәатәи ашықәс актәи азбжазы инагӡоу аусурақәа ртәы дазааҭгылеит Аԥсны ахада дызлахәыз аиԥылараҿы.
Гәдоуҭа араион абиуџьеттә лагалақәа фымзтәи рыплан нагӡоуп 144,3% рыла, абиуџьет иаланагалеит 271,5 миллион, планла 188 миллион мааҭ ахьазгәаҭаз.
Араион ахатәы биуџьет алагалақәа 109,8 миллион мааҭ ыҟоуп, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ацхыраара – 99,6 миллион мааҭ.
"2022 шықәса ажьырныҳәаахыс аныхрақәа 308 миллиони 947 нызқь мааҭи дыртәеит. Араион ахашәалақәа рҟынтәи аныхрақәа - 147 миллиони 447 нызқь мааҭи дыртәеит", – иҳәеит Боџьгәуа.
Ауалафахәы азы аҳәынҭқарратә цхыраара иартәеит 99,6 миллион мааҭ иҳәеит иара.
Ахада ифонд аҟынтәи 62 миллион мааҭ рзырхан:
Аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа зауз материалтә цхыраарак аҳасабала – 46,8 миллион мааҭ;
Акоронавирус аҿагыларазы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь цхыраарак аҳасабала – 14,6 миллион мааҭ;
Аҽыҩқәа рныҟәгараз – 350 нызқь мааҭ.
Араион аҟны аремонт-ргыларатә усурақәа ирыхҭынҵоуп 31,9 миллион мааҭ.
Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи ақалақь ахаҿра аиҿкааразы аусурақәа мҩаԥган: ашьаҟауаа рныҟәараз 620 метра ахаҳәцәы ықәҵан, Тарнаа имҩаҿ 1,3 километр акаҭран ықәҵан, Гобечиеи Абазақәеи рымҩаҿ автобусаангыларҭақәа ргылан.
"Аԥсны Афырхаҵа Д.В. Кәарацхьелиа ихьӡ зху астадион-маҷ аремонт цоит, лассы ихыркәшахоит. Аплиажтә зонаҿы аҽеилаҳәарҭақәа жәаба ргылахоит, амшын ихҵоуп аԥкыгақәа, урҭ даҽа 50 цыра аахәахоит, иахьазы Бамбора иахьаҵанакуа аплиажтә зонаҿгьы амшын рыхҵара иаҿуп", – иҳәеит араион ахада.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аиқәыршәараз 60 миллион мааҭ азоужьуп
Имҩаԥгоуп ахаҳә зқәыԥсоу Лыхны, Дәрыԥшь, Мҵара, Приморское, Ԥсырӡха, Бармышь рымҩақәа рремонт.
Иахьазы аремонт иаҿуп Дәрыԥшь ақыҭа ахадара ахыбра. Апроект ахәԥса – 1,2 миллион мааҭ.
Иазԥхьагәаҭоуп Гәымсҭатәи амҩаҿы 10,7 миллион мааҭ итәо акаҭран ақәҵара.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан астанциа маҷ ҿыц дыргылоит