АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Пицундатәи аҳәынҭдачаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азузарц Урыстәыла ишаҭаху атәы иҳәеит.
Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада ицхырааҩ, Аԥсны ААР аҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак алахәыла Максим Ӷәынџьиа.
Ахада ицхырааҩ иажәақәа рыла, Шургалин иазгәеиҭеит ари ашьаҿа аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы хра змоу шьаҿаны ишыҟало.
Урыстәыла АшәМ азинмчра аҭаразы аусԥҟа Владимир Путин 2010 шықәсазы инапы аҵеиҩхьан. Уиаахыс аганқәа ашәҟәеимдарақәа мҩаԥыргон иҳәеит иара.
Михаил Шургалин Ауаажәларратә хеилак агәра аиргеит Урыстәыла ԥхьаҟагьы ареспублика адгылара шанаҭало асоциалтәи атәанчахәытәи программақәеи Аёпсны асоциал-економикатщ ръиара ацхрааразы Аинвестпрограммеи рынагӡараҿы.
Убри аан иара иҳәеит адипломатиа наҟ-ааҟтәи аицхыраара шьаҭас ишамоу.
Ԥхынгәы 22 рзы имҩаԥысыз Ауаажәларратә хеилак аилатәара алахәылацәа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ари аиқәшаҳаҭреи аконституциатә нормақәеи реишьашәалара ашьақәыргыларазы алкаақәа ҟарҵар шақәнагоу азгәарҭеит.
Уи адагьы, ахеилак алацәажәеит ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаареи Аԥсны атәылауаа ирмарианы Урыстәыла атәылауаҩра роура азҵаареи. Аиԥылара алахәылацәа ргәаанагара еицҿакны ирҳәеит Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә фондқәеи реиҿкаарақәеи рыҩаӡарала аусеицура шазымхо, арҿиареи арҭбаареи шаҭатәу.