Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Посол России в Абхазии вручает президенту верительные грамоты
Посол России в Абхазии вручает президенту верительные грамоты - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инапынҵақәа рынагӡара далагеит ԥхынгәы 13 рзы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр агәраргагатә шәҟәқәа анииҭаз ашьҭахь.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ацҳаражәҳәаҩ иганахьала агәрагара ду шааирԥшыз ари аҩыза адипломатиатә маҵура Аԥсны дахагыларц анидигала. Аԥсны ахада иҳәеит аҩҳәынҭқаррак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьаҭас ишрымоу ҩ-еиқәшаҳаҭрак - "Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы" (2008 ш.), "Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы" (2014 ш.).

"Изныкымкәа ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, ари аҩыза аусеицура иалҵшәаны ҳара иҳалшеит иҭбаау ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа ашьақәыргылара. Уажәтәи аамҭазы Аԥсны азакәанԥҵара Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара ашьаршәалара иаҿуп, уи атәылахьчара, ашәарҭадара русхк, аекономикатә, асоциалтә, аҭҵаарадырра-техникатә, аҵараиуратә, акультуратә усеицура анагӡаразы акыр ихәарҭахоит", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ирыхәҭа хаданы ишыҟоу Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраара.

"Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара ахәшьара уадаҩуп. Ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа иҵегьы ирӷәӷәатәуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Иара убас адунеи аҿы ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьа, ҳҩыза Урыстәыла аганахьала зеиԥш ҟамлац асанкциақәа аналагалоу, Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда мраҭашәаратәи атәылақәеи арра-политикатә алиансқәеи закәанда рҽаналадырхәуа аамҭазы аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа рзы раԥхьа иргыланы ихадахоит анҭыҵынтә иҟоу ашәарҭара еидгыланы аҿагылара, ҷыдала Украина аденацификациа азҵаараҿы", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡа Аԥсны иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Семион Григориеви Алексеи Двинианини аусура ду шыҟарҵаз, уи азы Аԥсны жәлар иҭабуп ҳәа шрарҳәо.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. - Sputnik Аҧсны
1/5

2/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. - Sputnik Аҧсны
3/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз. - Sputnik Аҧсны
4/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи иԥылеит.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи иԥылеит. - Sputnik Аҧсны
5/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи иԥылеит.

1/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

2/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

3/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

4/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз.

5/5

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи иԥылеит.

"Шәара шәколлегацәа аҭынха бзиа шәзынрыжьит. Гәыҩбара сымам ишәылшо зегь шыҟашәҵо Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рзы, ари аус аҟны иҟаҵатәу рацәоуп", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Бжьаниа.
Михаил Шургалин иакәзар, иазгәеиҭеит иара изы ишыхьӡу ахада агәраргагатә шәҟәқәа ахьииҭо. Иара даҽа знык инаҵишьит Урыстәылеи Аԥсни - аиҩызцәеи астратегиатә партниорцәеи шракәу.

"Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин агәраргагатә шәҟәқәа Шәара ишәсыркырц иахьсиҭаз сажәа агәра жәгарц дшәыҳәоит ҳәа аанагоит", - иҳәеит иара.

Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан лаҵара 31 2022 шықәса рзы. Уи иаԥхьа цҳаражәҳәаҩс дыҟан Алексеи Двинианин, иара адипмиссиа напхгара азиуан ԥшьышықәса.
Михаил Шургалин Аԥсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵаанӡа аус иуан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла атәылақәа ирызку Аԥшьбатәи адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
Михаил Шургалин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инапынҵақәа рынагӡара далагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0