https://sputnik-abkhazia.info/20220722/shurgalin-ialairkhit-asny-adnyati-ausa-rministrra-auaazhlarrat-kheilak-ailatara-1040445658.html
Шургалин иҽалаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак аилатәара
Шургалин иҽалаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак аилатәара
Sputnik Аҧсны
Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан лаҵарамза анҵәамҭазы Урыстәыла ахада Владимир Путин идҵала. 22.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-22T21:00+0300
2022-07-22T21:00+0300
2022-07-22T21:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/16/1040440561_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_57bd915a53a79172c26e18bd86b8d957.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ дызлахәыз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынгәы 22 рзы.Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы, ашәарҭадара аиҿкааразы иҟанаҵо ацхыраара ахә ҳаракны ишашьо."Урыстәыла ҳара иҳацхраауеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы ҳара ҳзакәантә ҭыԥ аанаҳкыларц азы, ари баша ажәам, ари есымшааира имҩаԥысуа ҳусуроуп", - иҳәеит иара.Аԥсны аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа инаҵшьны иҳәеит Аԥсны "аурыс культура еиқәырханы ишыҟоу".Аԥсны жәлар ракзаара афорум ахантәаҩы Аслан Барцыц ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, акыр иҭаххозар ацхыраара дшазыхиоу.Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Сократ Џьынџьал ацҳаражәҳәаҩ ақәҿиарақәа, анасыԥ, аманшәалара, агәабзиара изеиӷьеишьеит."Шәара Аԥсны закәу жәдыруеит, аха хаҭала ара шәахьыҟоу иабзоураны уи еиҳа ибзианы еилышәкаар шәылшоит. Шәара ҳтәыла бзиа ишыжәбо агәраганы сыҟоуп, иара аҭоурых ҵаула амоуп, аҭоурых ззымдыруа аӡәгьы ԥхьаҟа ацара илшом. Сгәы иаанагоит, ҳазныло амҩа алҵшәа бзиа аиуеит ҳәа", - иҳәеит иара.
https://sputnik-abkhazia.info/20220721/urystyla-atsarazha-mikhail-shurgalin-asny-akhada-agrargagat-sha-iieit-1040421183.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/16/1040440561_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_aeed63639085f1726f051696960cf37b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика
Шургалин иҽалаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак аилатәара
21:00 22.07.2022 (ирҿыцуп: 21:32 22.07.2022) Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан лаҵарамза анҵәамҭазы Урыстәыла ахада Владимир Путин идҵала.
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ дызлахәыз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынгәы 22 рзы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы, ашәарҭадара аиҿкааразы иҟанаҵо ацхыраара ахә ҳаракны ишашьо.
"Урыстәыла ҳара иҳацхраауеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы ҳара ҳзакәантә ҭыԥ аанаҳкыларц азы, ари баша ажәам, ари есымшааира имҩаԥысуа ҳусуроуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа инаҵшьны иҳәеит Аԥсны "аурыс культура еиқәырханы ишыҟоу".
"Ҳара иҳамоуп аурыс школқәа, аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны реиҳарак урысшәала ицәажәоит, аурыс мааҭ ҳхы иаҳархәоит, иҳамоуп атеатрқәа уҳәа егьырҭгьы, абарҭқәа зегьы аԥсуааи аурысцәеи еиднаҳәалоит. Иара убас ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, ргәалашәарагьы ҳацуп Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иқәԥоз аурыс хатәгәаԥхаҩцәа, Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәааҿы иҭахаз аҭынчреиҿкааҩцәа. Ҳара есқьынгьы арҭ аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ҳашьҭоуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны жәлар ракзаара афорум ахантәаҩы Аслан Барцыц ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, акыр иҭаххозар ацхыраара дшазыхиоу.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Сократ Џьынџьал ацҳаражәҳәаҩ ақәҿиарақәа, анасыԥ, аманшәалара, агәабзиара изеиӷьеишьеит.
"Шәара Аԥсны закәу жәдыруеит, аха хаҭала ара шәахьыҟоу иабзоураны уи еиҳа ибзианы еилышәкаар шәылшоит. Шәара ҳтәыла бзиа ишыжәбо агәраганы сыҟоуп, иара аҭоурых ҵаула амоуп, аҭоурых ззымдыруа аӡәгьы ԥхьаҟа ацара илшом. Сгәы иаанагоит, ҳазныло амҩа алҵшәа бзиа аиуеит ҳәа", - иҳәеит иара.