Аԥсны

Гиуенос имҩаԥыргоз аԥхынтәи ажрақәа хыркәшоуп

Аԥснытәии урыстәылатәии археологцәа ԥшьышықәса раахыс антикатәи ақалақь Гиуенос археологиатә ԥшаарақәа имҩаԥыргоит. Сынтәа ԥхынгәы 23 инаркны иаҿын.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. Антикатәи ақалақь Гиуенос археологиатә ԥшаарақәа хыркәшоуп, урҭ 2023 шықәса рзы ирыцырҵоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Мрагылараҭҵаара аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Скаков.
Иара иажәақәа рыла, аекспедициа мариамызт, избанзар аус зыдулатәхаз акультуратә ҿыгҳарақәа рацәан. Ирԥыхьажәаз аԥшаахқәа рҟынтәи ихадоуп ҳәа рхиҳәааит аҭсатә ҭоубыҭ, аԥсыжырҭа ҿыцқәа, абырзен нцәахәы иԥшра змоу аџьазтә ҳаҭәараҷ, антикатәи араӡны монета, акерамикатә материал рацәаны, 30 инареиҳаны ахьы иалху амаҭәарқәа. Абарҭ зегьы, Скаков иажәақәа рыла, антикатәи аԥшьаҭыԥ аҟны иԥшаан.
Аԥсны
Гиуенос амаӡақәа: Очамчыра антикатәи аполис шҭырҵаауа
Ажрақәа ирылахәын аволонтиорцәеи Москва, Питер, Архангельск, Курган, Ставрополь, Шәача рҟынтәи аҟазауаа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы акырынтә Аԥсныҟа иаахьеит.
"Ари ашықәс уадаҩын аҳауа аҭагылазаашьа аганахьала. Раԥхьа ҳанааит ихьшәашәаран, нас иаразнак цәгьала ишоурахеит, аха уи зегьы ҳхаагеит. 25 рҟынӡа алахәцәа ыҟан. Аԥсны иахьабалак аинтерес зҵоу уԥыхьашәар улшоит, аха уи зегьы ҳара ҳамч ақәхаӡом. Аха аԥхьаҟагьы ара аусура ҳазхиоуп, иаҳԥырхагамхар", - иҳәеит иара.
Аԥснытәии урыстәылатәии археологцәа ԥшьышықәса раахыс антикатәи ақалақь Гиуенос археологиатә ԥшаарақәа имҩаԥыргоит. Сынтәа ԥхынгәы 23 инаркны иаҿын. Аԥсны аганала уи дахагылан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Аркади Џьопуа, урыстәылатәи аганала - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Мрагылараҭҵаара аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Скаков.
Гиуенос – Аԥсны аҵакыраҿы зыда шьақәырӷәӷәам антикатә полисуп.
Зеиԥш ыҟам Гиуенос: антикатәи ақалақь аҭҵааразы ажрақәа