Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Антикатә аамҭа иаҵанакуа аџьаз иалху аҳаҭәараҷ Очамчыра имҩаԥысуа ажрақәа рҟны иԥшаан

© Foto / Аркадий ДжопуаАбхазские и российские ученые обнаружили бронзовая фигурка божества V-IV веков до нашей эры
Абхазские и российские ученые обнаружили бронзовая фигурка божества V-IV веков до нашей эры - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2022
Анапаҵаҩра
Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы, ихыркәшахоит нанҳәамза 20 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. V-IV ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа иуникалтәу аџьаз иалху аҳаҭәараҷ рыԥшааит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Очамчыра ажәытәӡатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҟны имҩаԥырго ажрақәа раан. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы аиҳабы Аркади Џьопуа.
Џьопуа иажәақәа рыла, аԥшаах уникалтәуп Амшынеиқәаҿықә аҵакыра зегь аҟны.
"Иԥшаау аџьаз иалху аҳаҭәараҷ Бырзентәылантәи иаагазар алшоит, Гиуенос аҟны иԥшаау амаҭәарқәа Атиккинтәи иааган. Аиԥш зеиԥшу аԥшаахқәа ԥшаан абырзентәи ақалақьқәа рҟны, уи азы уахьынтә иааган ҳәа агәаанагара сымоуп. Аԥсны азы аԥшаах уникалтәуп. Ари аҭыԥ аҟны ас еиԥш аҳаҭәараҷқәа ҳамбацызт", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аԥшаах аҭагылазаашьа шыуадаҩмгьы, аха аиҭашьақәыргылара аҭахуп, иҳәеит Џьопуа.
"Ареставрациа амҩаԥгаразы Аԥсны аҟазацәа ҳамам, уи аҟынтә урыстәылантәи иадыԥхьалахоит", - иҳәеит Аркади Џьопуа.
Аԥшаах ишьақәыргыланы ианҭырҵаалак ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа иреиуахоит.
Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Аԥсны
Гиуенос иԥшааз аҭоубыҭ Аԥснытәи амузеи аекспонатқәа иреиуахоит
Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы. Аҭҵаара иалахәуп 15-ҩык. Аԥсуа ган ала ажрақәа напхгара аиҭоит Аркади Џьопуа, урыстәылатәи - аҭоурыхҭҵаарақәа ркандидат, Мрагылараҭҵаара аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Скаков. Ажрақәа хыркәшахоит нанҳәамза 20 рзы.
Гиуенос – Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп. Аԥшаарақәа раан иаарԥшхеит аҭоубыҭ ахҩеи ахьымаҭәаки. Уаанӡа ара иԥшаан арамеи бызшәала ицәажәоз ахаҳәҟьаԥс.
Ажәабжьқәа зегьы
0