Аԥсны

"Аҳәынҵәраԥшь агәышҵа зырҟаԥшьыз": асасдкылареи аҵарақәеи

Асасдкылара атема ахьцәыргоу аԥсаатә ирыдҳәалоу аҳәамҭақәеи азгәаҭарақәеи Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik
Аԥсуара махәҭарацәала еиларсуп, иаҵанакуеит аԥсшәаҳәашьа инаркны атәашьа-агылашьа аҟынӡа, иара еиднакылоит аԥсуа даԥсыуазтәуа аҟазшьақәа зегьы. Аԥсуара иагәыласоуп – асасдкылара. "Асас быжь-насыԥк ицуп, данцо акы аанижьуеит" - аҳәоит ажәаԥҟа.
Аиашазы, ажәлар акырӡа иҳалаҵәахьоу алегенда "Аԥсуа Аԥсны шиоуз" уазхәыцуазар, аԥсуа гәаартыла асас дахьидикылаз иабзоураноуп аԥааимбар ихазы иҵәахны имаз адгьыл ссир зианеишьаз.
Аԥсны
"Ҳаԥсуара Анцәа иумырӡын!": аԥсуаа ҳҵас-ҳқьабз иазку згәаҭарақәак
Асасдкылара атема шьҭыхуп Аԥсны аҵакырадгьыл иқәубаауа аԥсаатә ирыдҳәалоу аҳәамҭақәеи азгәаҭарақәеи рҿгьы. Лымкаала срыхцәажәар сҭахуп аҳәынҵәраԥшьи адырганҵыхәеи.

Аҳәынҵәраԥшь

"Аҳәынҵәраԥшь хәыҷ, аҳәынҵәраԥшь,
Уадызбалеит хәылԥы, ашәаԥшь.
Амҩа уқәлан иахьак уаауеит,
Уаҵәы шьыжьынӡа – узҳауеит…" – абас иҩуеит иажәеинраалаҿы апоет Сергеи Агындиа.
Ажәеинраала ззумкыша ҵысым аҳәынҵәраԥшь (азгә. урысшәала "зарянка"). Ҭеиҭыԥшла иблахкыгоуп, агәышҵа ҟаԥшьуп, аԥсабареи ауаҩи рзы ицхырааҩуп, ахәаҷа-маҷақәа, абжқәа ннарҵәоит.
Убасгьы, Џьума Аҳәба авторс дызмоу "Аҳәынҵәраԥшь асасцәа" захьӡу ажәабжь уазааҭгылозар, иубоит асасдкылара сызныҟәымгеит ҳәа иаиуз агәаанагара ишахҟьаз ари аҵыс ԥшӡа агәышҵа аҟаԥшьра. Ҳазхьаԥшып ажәабжь иахьынӡауа иаазыркьаҿны.
"Ҳазшаз иуҳәо уциҳәароуп": Анцәа изку аԥсуаа разгәаҭарақәак
"Ааԥынрак азы акәын. Аҳәынҵәраԥшь иаҭааит асасцәа. Цас иауазшәа, абри аҽны аҳәынҵәраԥшь аиԥҟьамҭа иақәшәеит: цыфала еиқәшәан, аха уаԥсҵәык иадамхаргьы, шыла иажәланы, ашылаҭра иҭаԥсамызт. Асасцәагьы баша сасцәамызт, ажәҵыси ажәардәынеи ари алӡынрак Аԥсны иҟаӡамызт, адгьыл харақәа рышҟа ицан иҟан, уажә ауп уахьынтә ихынҳәны ианааз.
Ашырҳәа ахьурӡы ныкнаҳаны, шыла ԥсахра ҳәа иныҵԥраа ицеит аҳәынҵәраԥшь. Агәылара иаакәыршан инхоз ашшаӷьыҷ, ардәына, ахьажь, абаӷыр, аҷынҷа рахь шылаԥсахра инеит, аха акгьамоуит.
Абас тәамҩахәк ааҟамҵаӡакәа аимдара ишаҿыз, аамҭа акыр цеит. Амшгьы ахәларахь инеиуа иалагеит. Аҵыхәтәан "Аҩны иаансыжьыз асасцәа, абрысҟаамҭа санырымбалак, рааира сцәымӷны сырцәыбналазшәа ргәы иаанагар, аԥсра-аиҭаԥсраҵәҟьа убри акәхеит", - аҳәан, ихынҳәны аҭраҿы иааит Аҳәынҵәраԥшь.
Араҟа иахьааиз, асасцәа адәықәларазы рҽеибырҭон, ахьурӡгьы аҭабарахьы ахы хан. Аҳәынҵәраԥшь инапырҟәыҷы-шьапырҟәыҷуа, асасцәа рывагьежьра иалагеит, аха изхәарҭоузеи, иԥхашьаны, алахь еиқәҵаны акәын ишыҟаз.
- Егьымфа-егьымжә, шәҿы аамырҵысӡакәа шәышԥадәықәсҵои, сара иԥсыша, рацәа сыԥсра баны ауп шәышцауа! - аӷьаҵәыӷьаҵәра иаҿын аҳәынҵәраԥшь. Аха, асасцәа ирымукәа, инеибарԥшы-ааибарԥшны, рымҵәыжәҩақәа аадырххан, иныҵԥрааит. Аԥхашьара иақәшәаз аҳәынҵәраԥшь, агәы ԥжәауа, алаӷырӡ аҿыкәкәа, амҵәыжәҩақәа хьыдышьшь иаахынҳәит. Аха аҩны иахьааизгьы ахы азыҩнамкуа иалагеит.
- Бласы ицәырзгауа ҳәа исымоузеи шьҭа? Рацәа сшыбзаз сыԥсит. Аҳәынҵәраԥшь сасыкгьы дазныҟәымгауа аҟны инеит рҳәап". Акраамҭа иҟанаҵара, иахьцара азымдыруа, абас амацара заҵәык ахәыцра иаҿын.
Ашьҭахь: - Е-еҳ! Сыҟазаргьы избауа егьыҟам! - аҳәан, ашьапхыцқәа нагӡаны ахәда инаҿнархеит. Ашьа налҵәраан, ахахәдеи агәышԥи рыбжьара иҵҟәашааӡа иақәыз ахәыԥшқа иналаҭәеит. Аԥсы налшәшәан, ҵаҟа инкашәеит.
- Абар, иаазгеит ашыла! - иара убри аамҭазыҵәҟьа иааҩнаԥрит ардәына аҩызеи иареи, гәыблаа хәыҷык абжа ашыла рыманы. Аҳәынҵәраԥшь ахәра ашыла аҿаԥсауа, ашьацара ааныркылан, иааиқәдырхеит.
Ибзиахеит, аԥсы еиқәхеит аҳәынҵәраԥшь. Аха убасҟан иара иалҵыз ашьа ахьынӡақәҭәаз, иара убри инаркны иҵыҟаԥшьааӡа иаанхеит. Ахрыӷ, ашыла ачалт иаҵаԥсаны ианабалак, аҳәынҵәраԥшь иаразнак иаҵаԥалоит. Уи уажәгьы ишәоит, ааиԥҟьара иақәыршәаны асасцәа аҭаар ҳәа".
Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа

Адырганҵыхәа

Адырганҵыхәа (азгә. "трясогрузка") еилҟьеилӷәыцәу ҵысуп. Амӡырхақәа ирҭаауеит, аандақәа ирықәтәаны инаԥшы-ааԥшуеит. Бзиа иабоит арахә анҳәуа аҽрыдкыланы аҵыхәа ршәшәо рааигәара алеиҩеира. Инкаԥыр-аакаԥыруа ауаҩы иааигәара ааирагьы иацәшәом. Ақыҭанхамҩаҿы ихәарҭоуп, ахәаҷа-маҷақәа ннарҵәоит. Аԥсуа нхаҩы адырганҵыхәа ҳаҭыр ақәиҵон. Адырганҵыхәа еихсуамызт, иазышәарыцомызт. Ажәытәуаа уи зшьыз адыд исуеит ҳәа алакьысра иацәдыршәон.
Жәлар разгәаҭарақәа рҿы адырганҵыхәа аҩны ахыб, ашҭа иааины иқәҭәар, асас дузаауеит, мамзаргьы ауалҳәаҩ уашҭа дҭалоит рҳәоит.
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи