Иҭынчу апоезиа: Сергеи Агындиа 68 шықәса ихыҵра иазкны

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааСергей Агындиа
Сергей Агындиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет Сергеи Агындиа ԥхынгәы 8 рзы ихыҵит 68 шықәса. Уи ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи ирызку анҵамҭа ҳадигалоит апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор апоет Анатоли Лагәлаа.

Сергеи Агындиа ипоезиа азыҳәан аҳәатәы рацәоуп. Иажәеинраалақәа злеибарку амахәҭақәа реиҿыхырҭақәа зегьы даҟьақәак рыла иузҳәом. Ҳәарас иаҭахузеи, ажәеинраала ҿыцқәа, инарҵаулан ҿыцла ихәыцуа акритикгьы даҭахуп. Уи итематика ҭбаауп. Еиднакылоит аграждантә лирика инаркны, егьырҭ, еиуеиԥшым ажанрқәа ирылху ажәеинраалақәа.

Ҳанааиқәшәалак, ушԥаҟоу Сергеи ҳәа ҳаниазҵаалак, "Ашаха самраӡакәа, ахәлара сыхьӡарц иаҿуп", иҳәалоит дахыхәмаршәа.

Апоет Сергеи Агындиа ԥхынгәы 8 рзы 68 шықәса ихыҵит. Апоет ҳаԥсуа литератураҿы ицәырҵра иаразнак игәарымҭаӡеит, кыраамҭагьы иақәҿырымҭӡеит, аха нас хәыҷы-хәыҷла аамҭа аныбжьала, иаԥхьаҩцәагьы, ҳлитераторцәагьы ирбеит ари апоет аҳәатәы шимоу, ус машәырны апоезиахь дшымҩахымҵыз, ҿыцк дшашьҭоу, уи ааимыԥшаакәагьы дшацрымҵуа.

Сара ибзианы исгәалашәоит апоет Мушьни Миқаиа ишсыдиҵаз (усҟан Мушьни сареи ажурнал "Алашараҿ" кабинетк аҿы аус еицаауан, иара ажурнал аҿ апоезиа аҟәша деиҳабын) Сергеи Агындиа дыԥшааны иара иҿы даазгарц. Саргьы уи акрахсырҵуазма, Сергеи адырҩаҽныҵәҟьа иажәеинраала ҿыцқәа иманы ҳредакциахь днеиртә иҟасҵеит.

Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2020
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

Мушьнии Сергеии акыраамҭа аицәажәара рыман, насгьы абра иазгәаҭатәуп уи дарбан поетзаалакгьы ажәеинраалақәа аннеигалак, рҩымҭақәа алыхәҭа ишкылихуаз, лаԥш–ҿаԥшы аӡәгьы иҩымҭақәа шимырҽхәоз, апоезиа ахьыҟам иаразнак иааҭырҟьаны иҟагәышьам, баша шәхы шәмыргәаҟын, шәара шәакәым, сара сашьагьы аҩра даҟәысхит иҳәон. Амала уаҵәҟьа Мушьни маҷк ираӷьцәеит, избанзар уи иашьа абаҩхатәра иман, ажәеинраала бзиақәагьы аԥиҵахьеит, уимоу, уажәшьҭа ԥшьба-хәба шәҟәгьы ҭижьхьеит!..

Ажәакала, Мушьнии Сергеии аҽны еидшылеит, акыр еимаркит-еиҿаркит, иахьеиқәшаҳаҭхаз ыҟоуп, иахьеиқәшаҳҭымхазгьы маҷым, аха аҵыхәтәан акы иазааиит! Мушьни Сергеи иеиҳәеит зҭыжьра иазырхианы имаз ашәҟәы изнеигарц, дақәшаҳаҭхозар, нас аԥхьажәагьы иҩырц игәы ишҭоу… Уи акәхеит, мышқәак ааҵхьан еиԥш, Сергеи ипапка иҩыҵракны деиҭанеит ҳредакциахь, усҟан урҭ реицәажәара даара иҭышәынтәалан, ааҵәак азна аџьыка еицызфахьоу, акырӡа шықәса раахыс еибадыруаз шьоук реиԥш, гәата-бӷата еицәажәеит. Иара убри ашықәс анҵәамҭазы иҭыҵит Сергеи иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟәы Мушьни Миқаиа иаԥхьажәа ацны.

Ажәҩан еилгамызт, ихәашьын алакҭа,

Абгеиԥш сыԥхарсны исышьҭан еиҭа.

Срылахеит, изури, сырфоит уажә рацәа,

Аԥсырҭ сара сами, сишазар анцәа.

Абгақәа схьымӡарц, сшьамх сҽасыргоит,

Рыламыс ыӡхьеит, уи алагь ичоит.

Ҿыцны ахьаақәа цәырҵуеит иахьа,

Сыдгьыл ахәрақәа мжьыжькуеит ҩаԥхьа.

Исыхьзеи, сышьҭыхны сагомашь аԥша,

Жәҩанаҿ иабаҟоу зегь збарҭоу схыԥша?

Аԥсадгьыл сзишеит, сҭәыцны сахым,

Ақәԥароуп иҟоу, издыруеит саӡәым…

Апоет есымша деиԥшым, зны-зынла агәкаҳара данамҽханакуагьы ҟалалоит. Аус злоу уи зынӡа иҽаимҭароуп, иҩнуҵҟала иԥшаалароуп мчык, убри дызлацәцаша, убри дызлаиааиша. Уи анизыԥшаа, нас апоет даҽа ԥсҭазаарак изыхынҳәуеит, уаҟа поезиагьы хымԥада ихәоит, иуҳәар ауазар, ҽаԥара дарԥоит… Убас иҟоу ҩымҭоуп апоет иажәеинраала "Сызгәалашәода?"

Сызгәалашәо иҟада?

Сдунеи шьҭоуп еиқәҵаа.

Сгәы ахьаа зхьаада,

Сиасыргьы заа…

Аҵых салоуп сымала,

Адәы ԥшӡагь ҭацәуп.

Хәыҷы-хәыҷла, сԥышәала,

Сыҽусымҭарц саҿуп…

Сызгәалашәо иҟада,

Сдунеи шьҭоуп еиқәҵаа.

Сгәы ахьаа зхьаада,

Сиасыргьы заа…

Сергьеи Агындиа ирлас-ырласны дрызхьаԥшуеит афилософиатә, агәҭахәыцратә жәеинраалақәа. Уи ажәа аидара иаҵеиҵоит аҵакы анамоу, аԥхьаҩ иҟынӡа ус ишназгалакгьы иназгандаз ҳәа дыҟаӡам, ҿыцрак, уаанӡа имаҳацыз акы иеиҳәароуп, хшыҩҵакык дахьирԥшыроуп…

Изыхәҭоугьы изыхәҭамгьы зегьы мҩасуеит,

Ашьхарахь усҟан абӷаџьмақәа тәҩасуеит.

Аԥсҭазаара абӷьыц еиԥш иҿшәахуеит, ишьҭасуеит,

Аамҭаҵәҟьа абаҟоу, иӡысуеит, иқәасуеит.

Ирызгәамҭацгьы ҳаҟоуп, аҿымҭра ҳҽагәылаҳәан,

Ари адгьылгьы ҳақәлахьан, амшынгьы ҳхылахьан…

Зегь гәыла ҳарзыҟан, зегь ԥсыла ҳарзыҟан,

Игылоугьы ирҳәааит нас, дыҟаҵәҟьан, дыҟан!..

Сергеи Агындиа ипоезиа иаҟазшьоуп аиашареи ақьиареи рзааигәахара, урҭ хара игылан рыхәаԥшра акәымкәа, иара изышьҭыхуа, иара изныҟәгаша ииаша, иламыс иара ихаҭа иӷрамыршыкәа, изыхәо, ада ԥсыхәа змам ма зынӡа изгу, аӡәы илаиҵоит, ихьигӡоит, дамырҭынчырц, дамыртәарц, дамыргыларц. Аха уи анулало убаӡом, аԥхын амра шеикраз аԥацха ашышыра икылкәраан иҩнало аԥша ҟәандеиԥш!..

Сыԥсадгьыл, улахьынҵа азхәыцра

Алу еиԥш сеикәнаршоит…

Сергеи Агындиа аибашьра аламҭалазтәи ирҿиамҭақәа дрыхцәажәо апоет Рауль Лашәриа иазгәеиҭоит:

"Сергеи Агындиа аԥсыуак, зыԥсадгьыл иапатриоту уаҩԥсык иаҳасабала, Апсны иаалырҟьаны аӷа хәымга данақәла, уи аҟазаареи аҟамзаареи рҳәааҿы инеины ианхықәгыла, апоет дыҟан Мрагыларатәи афронт аҿы, аибашьра аԥхьатәи ацәаҳәақәа рахь днеиуан, шьапыла мацара апозициақәа еимидон, акьыԥхь лассы-лассы ианиҵон калам цҳафырла ииҩуаз астатиақәеи акорреспонденциақәеи. Агәаӷьра ду зҭахыз ижурналисттә усура азгәаҭаны ианашьоуп Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла апремиа".

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааСергей Агындиа
Сергей Агындиа - Sputnik Аҧсны
1/3
Сергей Агындиа
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааСергей Агындиа ишәҟәы
Сергей Агындиа ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
2/3
Сергей Агындиа ишәҟәы
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааСергей Агындиа
Сергей Агындиа - Sputnik Аҧсны
3/3
Сергей Агындиа
1/3
Сергей Агындиа
2/3
Сергей Агындиа ишәҟәы
3/3
Сергей Агындиа

Сара исымоуп зажәеинраалақәа апародиқәа рылысхуа, бзиа избо апоетцәа. Урҭ рҩымҭақәа рхала адырра сырҭоит, срыԥшаауеит, мра шәахәак сҿадырԥхоит, ма ихааӡа исҿаччоит. Убас иҟоу пародиоуп Сергеи иажәеинраалақәа руак иалхны изҩыз апародиа "Сҷыжь." Иҟалалоит зны-зынла, иара сара схаҭагьы рацәак сгәы аналаҟам, ари апародиа схала стәаны санаԥхьо, аччареи алафи амҵәыжәҩақәа сыҭаны санырԥшаауа.

Аепиграмма Сергеи Агындиа изкны

Иашьарак рныҳәаҩ, ауаҩ ԥшьа,

Дахагылоуп аҳаԥшьа!

Ианыҟәымшәышәхауа иҟазшьа,

Еилашгәышьауеит ишьа!..

Аԥсны дыҟоу, ма Шәача,

Агындиа анцәа дыхьча!

Уи ҭаҳмадаҵас дызшьа,

Акгьы илымшо џьызшьа,

Аҭыԥҳацәа, шәааԥхашьа,

Уи ичеиџьика ахә шәшьа!

Аха, иазыргәыбзыӷру ича,

Ицәаакызар исвеча!!!

Сергеи ипоезиаҿы иуԥылоит абзиабара иазку алирикатә жәеинраалақәа. Абра иаазгоит уи заатәи ипоезиаҟынтәи иажәеинраалақәа руак:

Бызаҵәра салахеит… Сызрылымҵуа аԥхыӡқәа,

Ирацәахеит сцәыӡқәа… Амҩан сызԥылашаз

Рааҵра савахеит… Икәеикәеиуеит аӡыхьқәа,

Адгьыл ахәрақәа… Аԥсҭазаараз ижәылаз…

Иалшон иҭахаргьы.

Ах, ԥсеивгарҭак… Уа сыԥсы ихәаҽуа,

Мрак налаҽҽар… Ԥсҭазаарак соуан…

Нас ԥсаатәҵас… Бгәы ашьҭыбжь сныҩуа…

Гәыӷрак сатәны… Цҳа ҵәырык снықәсуан,

Ес иҟалалакгьы…

Аха уаанӡа… Бахьыҟам срыбжьаҵәуоит,

Шҳамла иҭәу… Аԥсреи нас абзареи…

Сымшқәа аҽурақәа… Сырхыган ҿаҩеи рхеи,

Ихьухьууа, ихьухьууа,

Исхьаауеит са сгәы!..

Апоет абзиабара иазку иажәеинраалақәа уанрыԥхьалак, раԥхьа иуоуеит агәаанагара ажәеинраалаҿ иимҳәаз, зҿы "дзымнаӡаз" рацәоуп, ишидыруаз имҳәеит, мамзаргьы аӡыхь аҿ аӡы ахтара ушаҿу аӡы злахутуа акәапеи ҵаҟа иануцәышьҭакшалак, ишархәашьуа еиԥш, ихшыҩҵакқәа ицәыхәашьызшәа анубауа ыҟоуп.

Валерий Касландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны

Аха апоет иҟазшьоуп аԥхьаҩ хәыҷы-хәыҷла иалагалара, игәы ахтра, нас уи ажәеинраала иара игәаҿы-иԥсаҿы ишиҭаху инирҵәарц. Убри азы акәзар ҟалап апоет ишәҟәқәа рҿы инагӡаны иҩым, аԥхьаҩ ахәыцхеи аҽҟьарҭақәеи изҭаша, алирикатә жәеинраалақәа маҷымкәа изыҟоу.

Ба бхы бҩаха, ба бхы бҩаха,

Быбла еиқәара сҭарыԥшы.

Быбла аԥыџьқәа наҟ бырҩаха,

Нас ашьшьышьшьыҳәа баасҿаԥшы!..

Уажәы ҳнаныԥшылап Сергеи Агындиа инысымҩа: Агындиа Сергеи Арушьан-иԥа, диит ԥхынгәы 8 1953 шықәсазы Аԥсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан, апоет, ажурналист. СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни Ржурналистцәа реидгылақәа дрылоуп, 1997 ш. инаркны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далан, 2003 ш. раахыс Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далоуп. Дыҩуеит аԥсышәала.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1976). Аус иуан агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿы, иара убас ажурналқәа "Алашара", "Амцабз" рредакциақәа рҟны. 2013 ш. раахыс аус иуеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аконсультантс.

Енвер Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2021
Ауадаҩрақәа ирӡрыжәыз апоет: Енвер Ажьиба 63 шықәса ихыҵра иазкны

С. Агындиа раԥхьатәи иажәеинраала кьыԥхьын 1972 ш. ажурнал "Алашара" аҟны. Убри нахыс иҩымҭақәа рнылоит агазеҭқәа: "Аԥсны", "Еҵәаџьаа", алитературатә еизгақәа "Однажды в апреле", "Ерцахә", ажурнал "Нах Дуг" (ауаԥс бызшәала еиҭаганы, Владикавказ) уҳәа егьырҭгьы. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, абаза, аерман, ауаԥс бызшәақәа рахь.

Аҭыжьымҭақәа

Аԥсышәала: Мышкызны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1996; Схынҳәит сара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, Аӡаӡа бырлашқәа рыкәашара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Сҽыхәа неиуеит иццакуа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003; Аҳәынҵәраԥшь. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2006; Ҳазнышәо иҟоу лахьынҵоуп. Ажәеинраалақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2011; Иалкаау. Аҟәа, 2014; Ари амза амаӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015.

Апоет анцәа изоуижьыз "илимит" 68 шықәса роуп иахиххьоу!.. Ԥшӡала, даҽа ҩынҩажәижәабоу, хынҩажәоу анцәа инапы "зықәҵан" ииҭаз ҳара иҳаздыруам! Ҳара иаҳҭаху - аӡмыжь еиԥш зхатәы бызшәа ҭынч змоу апоет ипоезиа ацқьареи аҵаулареи есымша иџьазшьалаша, еигәырӷьалаша аԥхьаҩцәа агымзааит!..

Ажәабжьқәа зегьы
0