Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит Украина абиолабораториақәа рзы ЕАА шаҟа ԥара нырхыз

Алабораториақәа рҟны америкатәи аҟазауаа иҭырҵаауан Украинеи Урыстәылеи рҵакырақәа рҿы ицәыҵуаз ачымазарақәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Пентагон 250 миллион доллар нырхит Украина абиолабораториақәа рыпроектқәа рзы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Арбџьармчқәа иртәу арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара архәҭақәа реиҳабы Игорь Кириллов.
Кириллов ишиҳәаз ала, америкатәи аиҳабыра хара имгакәа Украинантәи абиолабораториақәа Мрагыларатәи Европа атәылақәа рахь ииаргоит - Болгариа, Чехиа, Балтиа.
"Абиологиатә бџьар акомпонентқәа раԥҵареи рыҵәахреи ахьалшо абиолабораториақәа рыцҵара Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара иаԥырхагоуп", - иҳәеит Арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара архәҭақәа реиҳабы.
Кириллов иациҵеит алабораториақәа алабораториақәа рҿы иҭырҵаауаз ачымазарақәа Украина агәабзиарахьчара апроблемақәа ишрышьашәаламыз - абҷы, аџьамҳапар, аимҳәаду, СПИД рҭыԥан иҭырҵаауан амырза, аҭалоу, атулиаремиа, Конго-Ҟрымтәи арыхьҭшьра, ахантавирусқәа.
Америкатәи аруаа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахылаԥшуашәа рҳәоит, аха уи еиҳагьы еицәахеит, аџьамҳапар, адифтериа, аимҳәаду, абҷы ахҭысқәа шәынтә еиҳахеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина иҟоу абиолабораториақәа. Иахьа урҭ рзы идырузеи
Урыстәылатәи аган изныкымкәа ирҳәахьан Украинеи егьырҭ атәылақәеи рҿы аус зуа америкатәи алабораториақәа рҿы имҩаԥырго аԥышәарақәа ашәарҭара шрыҵоу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адунеитә уаажәларра рахь ааԥхьара еиҭа иҟанаҵеит Абиологиатә бџьар азы Аконвенциа аԥҟарақәа ишрықәныҟәо гәазҭо амеханизм аԥҵазарц, ЕАР Ашәарҭадаратә Хеилак амчала ахҭысқәа ҭҵаазарц.