Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина иҟоу абиолабораториақәа. Иахьа урҭ рзы идырузеи

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбучение ординаторов диагностике COVID-19 в клинике Волгоградского медицинского университета
Обучение ординаторов диагностике COVID-19 в клинике Волгоградского медицинского университета - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Украина арратә операциа амҩаԥгараан Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иӡырнагеит ашәҟәқәа, украинатәи адгьылҵакыраҿы ишәарҭоу абиологиатә бџьар аус шадыруылоз аазырԥшуа. Урҭ америкатәи аԥарақәа рхыршәаауан.
Аҵыхәтәантәи амзазы аминистрра жәабала Украина иҟоу абиолабораториақәа русура нҭкааны иузырбо ашәҟәқәа цәырнагеит. Иааркьаҿны урҭ рҵаки иџьоушьаша афактқәеи Sputnik аҿы.
Иван Зуев, Sputnik

Ирбазеи Урыстәыла Атәылахьчара аусбарҭа

Украина иахьаҵанакуа 30 шықәса ирықәуп абиолабораториақәа аус руеижьҭеи. Урҭ абиологиатә бџьар аԥҵареи аус адулареи рыҭҵаара иазырхоуп. Уи ус шакәу аадырԥшит Атәылахьчара аминистрра иаԥыхьашәаз ашәҟәқәа. Хәажәкыра 31 аахыс дара Украина абиолабораториақәа русура аҭҵааразы апрламенттә комиссиа аус рыдыруылоит.
Иналукааша хыбраны иҟоуп Украинатәи аҭҵаарадырра-технологиатә центр (УНТЦ), 1993 шықәсазы иаԥҵаз. Арҭ ашықәсқәа рзы иара аус рыцнауан ЕАА Аҳәынҭдепартаменти Пентагони.
УНТЦ хылаԥшра знаҭо абиолабораториақәа иҭырҵаауан аԥсаатәеимҳәа, амырза, аҳәамырза, аҭалоу, аҵәыбзы, тулиаремиа, Конго-Ҟрымтәи арыхьҭшьра, ахантавирусқәа, аенцефалит авирус, алептоспироз.
Аԥышәарақәа раан украинатәи аруаа, аҭынч уааԥсыра, Харков ааигәаратәи Мереф аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа ачымазцәа рхы иадырхәон.
Лаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина иахьаҵанакуа 30 биолабораториа аадырԥшит
Америкагьы абри аамҭазы апатогенқәа аибашьра адәахьы рнагара атехникатә хархәагақәа раԥҵара аус адыруылон.
Иара убасгьы аминистрра анапаҿы иҟоуп аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь абиологиатә материали апатогенқәеи Украина ишалгаз Одессатәи абаӷәазала атәы зҳәо аматериалқәа.

ЕАА аофициалтә позициа

ЕАА Аҳәынҭдепартамент аҿы аԥхьа мап ацәыркуан атәыла аиҳабыра абиологиатә лабораториақәа аус шрыцыруаз.
"ЕАА аиҳабыра Украина иҟоу абиолабораториақәа напхгара рырҭом, руссгьы рылам. Акәаԥ!", - ҳәа иҳәон хәажәкырамзазы Аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак ҷыда Нед Праис.
Аха мраҭашәаратәи атәылақәа ари аус иазхьаԥшыр акәхеит New York Post, Daily Mail ЕАА ахада иԥа Хантер Баиден Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара абиолабораториақәа рыргылара аллобизм шымҩаԥигоз азы аинформациа аныркьыԥхь.
ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд Аҳәынҭдепартамент апозициа лырԥшӡеит.
"Украина иҟоуп абиологиатә ҭҵааратә хыбрақәа, - лҳәеит лара Асенат аҿы, - Агәҭынчымра ҳамоуп урыстәылатәи аруаа урҭ рнапахьы иааргар ҳәа".

Абиолабораториақәа русура ЕАА шалахәу зырҵабыргуа

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишырҳәац ирҳәоит Украинатәи абиолабораториақәа рҿы апатогенқәа аус рыдулара мҩаԥысуан Пентагони Аҳәынҭдепартаменти рнапхгарала ҳәа.
Уи ус шакәу унарбоит DTRA (ЕАА арратә усбарҭа) ахаҭарнаки Украина агәабзиарахьчара аминистри рышәҟәеимдареи Пентагон акоммерциатә нардадаҩцәа Metabiota Black & Veatch ахаҭарнакцәеи Аҳәынҭдепартаменти украинатәи аҟазауааи рышәҟәеимдареи. Урҭ ашәҟәқәа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ирымоуп.
Анализ крови лаборатория  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2020
Изырҭахузеи америкаа Ацентртә Азиеи Қырҭтәылеи алабораториақәа
Киев амҵатәи абиолабораториақәа хәба рҿы аминистрра ахаҭарнакцәа ирбеит Украина Агәабзиарахьчара аминистрра жәабран 24 азы иҟанаҵаз адҵа – ишәарҭоу авирус штаммқәа рнырҵәаразы. Иаарԥшуп ашәҟәқәа апатогенқәа рыла аԥышәарақәа шымҩаԥыргоз, ирласны Америкаҟа авирусқәеи аҭҵаарақәа рылҵшәақәеи шалгаз.
Аҳәынҭдепартамент аусзуҩ Лаура Денлингер ланалитикатә шәҟәынҵа "Украинатәи аекспертцәа ЕАА аҿагылаҩцәа рахь риасра ашәарҭарақәа рыларҟәра" аҿы илҳәоит абиолабораториақәа русзуҩцәа ишырдыруаз хыԥхьаӡара рацәала ауаа рнырҵәага абџьар аҭыжьшьа атехнологиақәа. Ашәҟәы аҿы иҳәоуп алабораториақәа рекспертцәа аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь иуадаҩу аҭагылазаашьақәа ишрыниаз. Убри аан иарбан дара рхыԥхьаӡара: 1000 - 4000-ҩык.
Аминистрра иакьыԥхьит украинатәи абиолабораториақәа русураз адокументқәа:
- украинатәи азауад "Мотор СИЧ" аҟынтә аԥырҩы дызҭым ахархәагақәа "Байрактар" ҭырқәтәылатәи аҭыжьыҩцәа рахь азыҳәа. Уа иарбан урҭ ахархәагақәа 20 литра рҟынӡа иҟоу аеразольқәа рыԥсаҟьаразы;
- абиологиатә бџьар рнагара зылшо ахгәыцәқәа рҭыжьраз апатент аизгара:
- абиологиатә бџьар анагараз аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа раԥҵаразы апатент;
- иалкаау ҵакырак аҿы ахәаҷамаҷа раларҵәаразы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рҭыжьраз апатент;
- иҭацәу аџьаԥҳаны аҭыжьраз апатент.
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Украинатәи абиолабораториақәа Баиден иҷкәын ишидҳәалоу

Иабананагеи Львов иахьаҵанакуа аекзотикатә чмазарақәа

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла украинатәи абиолабораториақәа рыҭҵаамҭақәа ирылукаауеит апроект UP-8 –Конго-Ҟрымтәи агеморрагиатә шыӡ ацәеижьҿагылақәа рыҭҵаара (ККГЛ).
UP-8 аҳәаақәа ирҭагӡаны 966-ҩык (611-ҩык аҳәса) ари ашыӡ азы рцәеижьҿагылақәа ган. 1,7% ашыӡ рыдбалан, XX ашәышықәса аахыс ари аҭыԥ аҿы ачымазара ашьҭа шыӡхьазгьы.
Апроект аус адулара алкаақәа рыла 2020 шықәсазы аҭыжьымҭа Frontiers Media SA аҿы икьыԥхьын аусумҭа аминистра аҟазауааи апарламенттә комиссиеи зинтерес ркыз.
Астатиаҿы иаагаз ауааԥсыра рцәеижьҿагылақәа рырбагақәа шаҳаҭра руеит аҭҵаарақәа ахьымҩаԥыргоз араион аҿы ари ачымазара шыҟаз ҳәа иҳәоит аҭҵаарадыррақәеи аграждантә ԥшьгамҭақәеи Рфонд "Основание" ахада Алексеи Анпилогов. Аексперт иажәақәа рыла макьана еилкаам ашыӡ абиолабораториақәа, ма аҭҵаарадырратә ԥышәарақәа ирыхҟьоу аҽа регионқәак рҟынтәи иалагалоу.
"Ари оумашәа иҟоу ҭҵаароуп. Аусура адизаин–ККГЛ ма ГЛПС зырҿио авирусқәа рахь ацәеижьҿагыла аарԥшроуп. Ацәеижьҿагылақәа рыҟазаара ианарбоит ККГЛ авирус ма ахантавирусқәа рнырра. Иазԥхьагәаҭан 100-1000 ҿырԥш ргара аррамаҵзурауаа рҟынтә аобластқәа ԥшьба рҿы. Аха астатиаҿы ишҳәо ала аррамаҵзурауаа рцынхәрас аҭынч уааԥсыра ахархәара рыҭан, убри аан аиҳараҩык ҳәсан" ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәоит Алексеи Анпилогов.
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара Украина абиобџьар аус шадырулоз аазырԥшуа ашәҟәқәа акьыԥхьит
Убри аан иара иазгәеиҭоит зыӡбахә ҳәоу апотогенҳаракқәа шракәу. Урҭ 15-процент аԥсҭбарақәа рыхҟьоит.
ККГЛ ахь ацәеижьҿагылақәа рыҭҵаара мҩаԥысуан ЕАА атәылахьчара аминистрра аусбарҭа адҵала, жәларбжьаратәи аилахәырақәа Black & Veatch Special Projects Corp, Metabiota, Inc. алахәны, ЕАА ар рыҿкчымазарақәа рмедицинатә ҭҵаарадырратә институт адгыларала. Абри атәы аҳәоит апортал Frontiers Media акьыԥхьымҭа.
Аҭҵаарақәа анхыркәшаха, Frontiers аҿы акьыԥхьымҭа анҭыҵ автор Олиона Нестерова, Black & Veatch Special Projects Corp аусзуҩ, иарбанзаалак ҵаратә ҩаӡарак лымамкәа украинатәи Атәылауаҩратә гәабзарахьчара аҭҵаара Аинститут анапхгаҩыс дҟаҵан.
Ажәабжьқәа зегьы
0