Аԥсны

"Асовет мчра дазықәԥон": апартизан Ҳаџьараҭ Ҭарба иҭоурых

Нестор Лакоба инапхгарала Аԥсны Асовет мчра азаазгаз ареволиуциатә хеидкыла "Кьараз" иалаз абольшевикцәа дреиуан апартизан Ҳаџьараҭ Макәас-иԥа Ҭарба. Уи изку анҵамҭа азлырхиеит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа. Ажәабжь анҵоуп ихылҵшьҭроу Анатоли Ҭарба иажәақәа рыла.
Sputnik
Оҭҳара ақыҭан анхаҩ ӷар иҭаацәараҟны ииз, шықәсык аҭыԥантәи ашкол аҟны аҵара ҵаны, анаҩс заб ивагыланы ақыҭанхамҩа знапы алакыз Ҳаџьараҭ Макәас-иԥа Ҭарба арԥысра данҭагыла, 1918 шықәсазы далалоит Нестор Лакоба напхгара зиҭоз ареволиуциатә хеидкыла "Кьараз". Иара раԥхьатәи ирратә дҵа акәхеит 40-ҩык рыла ишьақәгылаз апартизанцәа ргәыԥ дацны Аҟәа аменьшевикцәа аҿагылара рыҭара.
"Ҳаџьараҭ иҳәоны исаҳахьан, Аҟәа ианнеи ӷәӷәала аменьшевикцәеи дареи шеиҿагылаз, аҩганк аԥсҭбара шроуз. Абольшевикцәа аӷацәа абџьар шрымырхызгьы, дара рахьтә маӡала Қарҭ ицаны ацхыраара иаҳәаз ҟалеит. "Кьаразаа" иззыԥшымыз аҿагылара анроу, шьҭахьҟа Гаграҟа ихьаҵит. Ҳаџьараҭ иҩызцәеи иареи убас аҿагылара рырҭон анхацәа ргәы нзырхоз, рырахә рымызхуаз аҭыԥантәи аамсҭацәагьы. Асовет мчра ашьақәгылара иаԥырхагаз, аменьшевикцәа ирыдгылаз ауаа ҭҵааны рыӡбахә "Кьараз" анапхгара аҟынӡа инаргон", - еиҭеиҳәоит Ҳаџьараҭ ихылҵшьҭроу Анатоли Ҭарба.
Нестор Лакоба зыгәра игоз: Маҳҭы Бениа иҭоурых
Гәдоуҭатәи аидысларақәа раан Ҳаџьараҭ дзыхәҭакыз абольшевикцәа ргәыԥ ааха рырҭеит аменьшевикцәа. Усҟан иҭҟәаны иргеит 60-ҩык рҟынӡа аӷацәа, ирымырхит акатер.
"Аменьшевикцәа Гагра рнапаҟны ианыҟаз, Ҳаџьараҭ Гәдоуҭантәи амшынуаа рдесант напхгара аҭаны Гагра дыӡхыҵит. Уантәи аӷацәа алцо Бзыԥҭанӡа ианааи, ахәра иоуит. Аха имч еизганы игәыԥ иманы Гәдоуҭеи Афони ҭадырцәит. Ихы иаиуз ахәра ашьа шцац ицон аҟнытә, Ҳаџьараҭ иԥсы илышәшәо даналага, устәи агоспиталь ахь дыргоит.
1921 шықәсанӡа Ҳаџьараҭ Макәас-иԥа Ҭарба ареволиуциатә хеидкыла "Кьараз" дахәҭакны дрылахәын аменьшевикцәа рҿагыларазы имҩаԥысуаз аидысларақәа раӷьырак.
Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Ҳаџьараҭ иқыҭахь Оҭҳараҟа дхынҳәуеит. Ақыҭа иалҵыз аамсҭацәа ирымхыз адгьыл шаны анхацәа ирырҭоит. Ишьақәгыло иалагоит аколнхарақәа.
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз
Ҳаџьараҭ 1921 шықәса инаркны 1924 шықәсанӡа Гәдоуҭа милиционерс аус иуан. Анаҩс нхара диасуеит Гаграҟа. Араҟа аимадаратә ҟәшаҿы хәышықәса аԥошьҭаныҟәгаҩс дыҟан.
Ҳаџьараҭ Макәас-иԥа 1937-тәи ашықәсқәа раан Нестор Лакоба дизааигәан ҳәа изныкымкәа ишьҭашәарыцахьан, аха разҟык иман. Амала 15 ашәкырак идгьыли, иргылахьаз аҩн ҿыци, адәқьани имырхуеит. Аҭырқәа ҭуџьар иҿы иааихәаз ахыбра заҵәык машәыршәа аӡбахә ахьырмаҳаз акәу, изыхҟьазаалак еиқәхоит.
"Ҭырқәа ҭуџьарк аҭаҭын ҭиирҭас имаз ахыбра ҭиины дықәҵны дымцар ада даныҟала, Ҳаџьараҭ иааихәоит. Араҟа ауадақәа еиҿкааны анхара далагоит. Наҟ-наҟ еиҭа Аԥсны ақырҭқәа анахаԥа, аԥсуаа Гагра ашәҟәы иҭаҩҩымкәа аусура азин анрымамыз, Ҳаџьараҭ иҩны жәаҩыла аԥсуаа ҭаҩҩны аусурҭа ҭыԥқәа рзыԥшааны дрыцхраахьан", - иҳәоит Анатоли Ҭарба.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы зыжәлар ринтересқәа зыхьчоз дреиуан Ҳаџьараҭ Макәас-иԥа Ҭарба. Рыцҳарас иҟалаз, иара дҭаацәарамызт, аха иааԥсара зду иуацәеи, иҩызцәеи, идырцәеи рацәоуп. Абырг идунеи иԥсахаанӡа, аҭуџьар иҟны иааихәаз аҩны ҳамҭас ииҭоит рабиԥараҟны аҿиара зауз, ԥшьҩык ахшара зааӡоз иаб иашьа ишьмаҭа, иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Анатоли Ҭарба.