Нестор Лакоба зыгәра игоз: Маҳҭы Бениа иҭоурых

© Foto / предоставлено Саида Жиба Маҳҭы Бениа
Маҳҭы Бениа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба сасра дыззаауаз анхаҩ нага, зеиԥшыҟамыз ашәарыцаҩ, Бзыԥҭа аҳаблан ҳаҭыр ду зқәыз, зажәа ҟәышыз, ажәлар ззыӡырҩуаз, аха 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан харада ахара зыдҵаны идырӡыз Маҳҭы Ислам-иԥа Бениа (Кьахьыриԥа) иҭоурых дазааҭгылеит иашьа иԥа имоҭа Беслан Бениа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ақыҭсовет иахагылаз, аҭаацәара бзиаӡа ирхылҵыз, зхатә ԥсҭазаарагьы маншәаланы ишьақәгылаз, ичеиџьыка уаҩыз, нхарала аӡә иашьҭахь игыламыз, ашәарыцара иазҟазаз Маҳҭы Бениа Аԥсны дыззымдыруаз дмаҷҩын. Иара аҩны идикылахьан аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, ачынуаа аӡәырҩы. Бзыԥҭа аҳаблан, аиҳабыратәи абиԥара излараҳахьоу ала, Маҳҭы дыззыркуаз зегьы дрымаран, ахысраҿы акәзар - зынӡа иаԥызгоз дыҟамызт.

Нестор Лакоба иԥсы ахьишьоз ашьхараҟны арбагатә ҭӡы шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакобеи исасцәеи ашьха рыԥсы ахьыршьоз агәаларшәагатә ҭӡы шьақәыргылоуп

"Сеиҳабацәа жәабжьны исзеиҭарҳәахьеит, ныҳәатә еидтәаларак аҟны Маҳҭы иҩызцәеи иареи ауаҭка зҭаз аԥҳал хәыҷы хыхь араса ықәҵаны, "абри иақәзыршәо" ҳәа аихсра ишалагаз. Убасҟангьы Маҳҭы заҵәык иоуп уи зылшаз", - ҳәа азгәеиҭоит Беслан.

Маҳҭы Бениа "ашьхақәа дырԥоуп азы есқьынагьы изаатуеит" ҳәа изырҳәон. Иара данышәарацоз дызҿалоз абахәқәа ауаҩытәыҩса ишьапы  ахьымнеицыз акәын. Иахьагьы, Бзыԥҭа аҩхаа иацәыхарамкәа, арҭ аҭыԥқәа ҭызҵааз ашәарацацәа "Маҳҭы ибахә" ҳәа иарбаны ирымоуп.

Апартиа аусзуҩ Маҳҭы Бениа гәрагаҩыс диман Нестор Лакоба. Лассы-лассы Москвеи Қарҭи рҟынтә асасцәа ззаауаз аҳәынҭқарратә усзуҩ иҩыза иахь иманы дымҩахыҵлон. Беслан иажәақәа рыла, Маҳҭы ирзеиҿикаауан Мамзышьха аханы, Бамба иашҭа ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы имаз инхарҭаҟны аԥсшьара.

Усҟантәи аамҭазы, Бамба иашҭа хыԥхьаӡара рацәала ахыбрақәа рызгылан ашьхарахь арахә казцоз аԥсуаа. Аҳауа цқьаҿы хәыҷи-дуи агәҿыӷь закәыз рыздыруамызт, ампыл иасуан, аҽқәа дырыҩуан, ацәҟьарсҭа иақәыршәаны ахысраҿы рхы ԥыршәон, ишәарыцон.

Белла Барциц - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барцыцԥҳа ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" иазкны: ихыҭҳәаау ажәакгьы аным

Нестор Лакоба, Кьахьыраа рхыбраҟны хазы асасааирҭа изыҟаҵан. Уахь ицхалоз Асовет еидгыла анапхгаҩцәеи иареи ргәы ишаҭахыз иҟан. Аԥшәма иакәзар, акгьы рыгижьомызт.

"Маҳҭы исасцәа ргәы ҟаиҵарц азы, дара ахьынӡацәаз, шаанӡа ашәарах шьны ирзааигон. Ҽнак зны, шарԥазы, Нестор Лакоба иҩызцәеи иареи ашҭахь иандәылҵ, ирбеит раԥхьа абӷаб аҽеиҵыхны иштәаз. Аихсра иалагаз ахацәа аанкыло, Нестор Лакоба "ари аԥшәма иаҳаҭыр ауп" иҳәеит. Иара идыруан Маҳҭы зыбла ҵарыз ашәарыцаҩ шиакәыз, убри аҟнытә иаразнак еиликааит ишҳамҭаз", - аиҳабацәа рҟынтә иаҳахьо ажәабжь иациҵоит Беслан Бениа.

Нестор Лакоба Кьахьыраа рҭаацәара бзиа ибон, гәыла-ԥсыла дырзааигәан. Маҳҭы иашьа Алықьса аԥа даниоугьы, ашьхараҿы ишыҟаз ажәабжь ссир анраҳа, Нестор аҳәара ҟаиҵеит асаби ихьӡ ихырҵарц. Хымԥада ари ажәа аӡәгьы дахымԥеит.

Аҳәынҭқарратә усзуҩ, ашьхараҿы адагьы, иԥсшьарамшқәа ихигон Гагра ақалақь агәҭа Кьахьыраа ирызгылаз анхарҭа ҩны аҿгьы.

"Гагра ақалақь акинотеатр иаҿахырсҭоу ахыбра ҭоурыхла Кьахьыраа рынхарҭа акәын. Сара излаздыруа ала, Нестор Лакоба арахьгьы дымҩахыҵлон. Иҩызцәеи иареи шьахәла аамҭа рхыргон, амаца иасуан", - ҳәа азгәеиҭоит Беслан.

Абааҭа - Sputnik Аҧсны
Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

1937-тәи ашықәсқәа раан, Нестор Лакоба изааигәаз ауаа ҳәа, Гагра Абааҭатәи абахҭаҟны иргәаҟны ишьын Маҳҭи иашьа Алықьсеи. Рашьеиҳаб Шәлиман, дара дәылганы ианыргоз ашоура иманы дышьҭан аҟнытә (усҟан испанка ҳәа иҟаз ачымазара иацәшәон), аҿкы рыламларц азы дынрыжьит. Раб иашьа иԥа Шьмаҭ, аҭакра иқәырҵеит Қарҭ, устәи Сибраҟа ддәықәырҵеит.

Кьахьыраа ҭоурыхла Бамба иашҭаҿы ирымаз аҵакырадгьылқәа иахьагьы рылаԥш ахуп. Нестор Лакоба иԥсы ахьишьоз Маҳҭы иҩны акәзар, уи ашьаҭа заҵәык ауп инхаз, аха аганаҿы иавадаргылеит даҽа ҩны хәыҷык. Уажәааигәагьы, Гагра араион Ахадареи, адепутатцәеи, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәеи раԥшьгарала, ажурналист Слава Сақаниа ихарџь ала Бамба иашҭа, Кьахьыраа рынхарҭа иацәыхарамкәа Нестор Лакоба ахысрақәа анымҩаԥигоз иалхны имаз ацәҟьарсҭа ҭыԥ аҿы ишьақәдыргылеит агәалашәара-информациатә ӷәы.

Арепрессиа аамҭақәа раан, Сталини Бериеи рполитика хәашь иалаӡит Аԥсны иреиӷьыз ахаҭарнакцәа. Иахьа, хабарда ибжьаӡыз аӡәырҩы рыхьӡ зҳәогьы маҷхеит. Аишьцәа Кьахьыраа ракәзар, рҭоурых еиқәырханы иаазго абиԥара ахьеиҵагылаз иразҟы дуны иԥхьаӡатәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0