Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Адепутат Донбасс, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы ареферендум азы: ииашоу лҵшәоуп

Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра Урыстәыла ралаларазы ареферендум мҩаԥысуеит цәыббра 23 - 27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра Урыстәыла ралаларазы ареферендум уаанӡагьы амҩаԥгара ауан, ари закәанла иаҭахыз шьаҿоуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз адепутат Леонид Лакербаиа.

"Избанзар 2014 шықәса раахыс ауаа аџьамыӷәа иҭагылоуп. Изтәылауаҩыз атәылаҿ зин рымаӡамызт, атәанчахәы роуамызт, цхыраагӡа роуамызт, иршьуан, индырҵәон. Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра Урыстәыла ралаларазы ареферендум уаанӡагьы амҩаԥгара ауан, ари закәанла иаҭахыз шьаҿоуп, избанзар 2014 шықәса раахыс иргәазыҳәараз Урыстәыла адлароуп", - иҳәеит иара.

Лакербаиа Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра аҵаҵӷәы аманы ишьоит, избанзар аибашьра адәаҿы украинатәи ар хыԥхьаӡарала аԥыжәара рымоуп.
"Сара сгәанала, ари афактор хадақәа ирыҵанакуеит, ареферендумқәа рыдагьы. Ареферендумқәа рымҩаԥгара шаҳаҭара ауеит Урыстәыла арҭ ареспубликақәа руааԥсыра ирҳәаз ишахаҵгылаз", - иҳәеит адепутат.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилизациаз аилыркаага акьыԥхьит
Лакербаиа игәаанагарала, мраҭашәаратәи атәылақәа иҟоу рыдыркылароуп, адунеи аҽшаԥсахуа еилыркаароуп.
"Ҳақәгәыӷуеит иахьа иҟоу аҭагылазаашьа адунеи акыр еиӷьнатәып ҳәа. Ареферендум мраҭашәаратәи атәылақәа иднарбеит арҭ ареспубликақәа Урыстәыла ишахьчо. Ари гәҽанҵароуп", - иҳәеит адепутат.
Аԥсны
Ашықәс нҵәаанӡа Аԥсни ДжәРи ЛжәРи рыбжьара аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит
Аԥсны ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азханаҵеит, уа еибашьуеит хатәгәаԥхарала аԥснаа, агуманитартә цхыраара мҩаԥаагоит иҳәеит Лакербаиа.
"Ҳтәылауаа ибзианы еилыркаауеит урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашәарҭадара уа ишырыӡбо. Уи инаваргыланы иӡбахоит ҳара ҳшәарҭадарагьы", - иҳәеит Лакербаиа.
Аԥсны
Донбасс иҟоу аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа 17 тонна агуманитартә цхыраара рзынашьҭуп
Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра Урыстәыла ралаларазы ареферендум амҩаԥгара шьаҭас иамоуп киевтәи арежим ашәарҭара иҭазыргыло ауааԥсыра ршәарҭадара ахьчара.