Аԥсны

Ҭаҭарсҭантәи аӡбарҭа Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра иаанахәаз ажәқәа рзы аӡбамҭа аднакылоит

Сынтәа ақыҭанхамҩа арҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьамаҟа аанахәоит арахәааӡаҩ Виктор Тәанба иҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Ҭаҭарсҭан абжьаҟазаратә ӡбарҭа Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра иаанахәаз ажәқәа рзы аӡбамҭа аднакылоит "Аԥсныпресс" аинтервиу аҭо аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аминистр еиҭеиҳәеит ҵыԥх аусбарҭа 108 хы ажәқәа аанахәараны ишыҟаз, аха Аԥсны аҵакыраҿы уи аҟара ахьырзымԥшааз азы Набережные Челны иаархәеит.
"Ажәқәа ҿаҵаны азԥхьахәшәара аналаҳгалаз ашьҭахь, дара арахә акарантин ахь инаргеит. Мызкы анҵы урҭ ҳаураны иҟын, аха Краснодартәи атәылаҿацә аҿгьы акарантин рыларҳәеит, убас ала, даҽа ҩымз дара рхатә харџь ала иаанкыланы ирыман. Убас ала, ҳара ҳҟынӡа иааит 98 хы арахә", - иҳәеит иара.
Џьопуа иажәақәа рыла, ажәқәа рымҩангаразы иманшәалам амашьынақәа хәымш ирҭатәан. Уи иахҟьаны Аԥсныҟа ианаазгьы, даҽа 15 хы ԥсит.
Аԥсны
160 проект нагӡахоит ақыҭанхамҩа арҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны
"Ҳара иҿаҳҵаз аҟара арахә ҳзаарымгаӡеит. Убри азы ҳара урҭ ҳаҽрымаҳдеит, анаҩс Ҭаҭарсҭан Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ҳадҵаалеит. Уа ҳара ҳҭахрақәа рзы иқәгылоит Ҭаҭарсҭан ақыҭанхамҩа аминистрра. Макьана аӡбарҭа иаӡбо ҳазыԥшуп", - иҳәеит Џьопуа.
Ҭаҭарсҭанынтәи Аԥсныҟа арахә ааргеит 2022 шықәса аӡынразы. Арахә анхацәа ирзыршо ианалага, асоциалтә ҳақәа рҿы урҭ ачымазара рымоуп ҳәа адыррақәа аладырҵәо иалагеит. Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы ари аҩыза аҭагылазаашьа арахә ииашамкәан иахьымҩангаз иахҟьеит рҳәеит.
Арадио
Џьапуа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы Аԥсныҟа иаагоу арахә рҭыӡшәа атәы
Аԥсны аветеринартә ҳақьым хада Роман Џьопуа усҟан иҳәеит ажәқәа жәаба аԥсҭҳәысҭрақәа рымоуп ҳәа, иара иажәақәа рыла, арахә зыҟны иҿарҵаз ишырдыруаз иаарышьҭит. Егьырҭ ахқәа акгьы рыхьӡомызт.