Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы Аԥсныҟа иаагоу арахә рҭыӡшәа атәы

Џьапуа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы Аԥсныҟа иаагоу арахә рҭыӡшәа атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа арахә шаагоу, ахҳәаа аиҭеит уи иахылҿиааз ацәажәарақәа асоциалтә ҳақәа рҟны.
Ақыҭанхамҩа аҿиара апроект иҭагӡаны ахатә ферма маҷқәа змоу анхацәа ирзырхоу апрограмма аусура иалагеит. 80 хы инацны ашьамаҟа Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаагоуп зыпроектқәа аицлабратә комиссиа иалнакааз арахә рыҭаразы. Арахә хәыда - ԥсада анхацәа ирырҭоит.
"Арҭ аҩымш арахә рыдкылара ҳаҿуп. Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала 17 проект арахә ааӡаразы иалхын. Урҭ рзы 92 арахә хы ааргараны иахьыҟаз 82 хы ааргеит, егьырҭ нас иааргараны иҟоуп. Ԥшьымш ари арахә амҩа иқәын. Арахә ныҟәазго ирдыруеит амҩа ианықәу, ианиарго рсахьа хәыҷык аҽшаԥсахо. Арахә амҩа иқәыз иаразнак ирнубаалоит ааԥсара, рцәа ахьархыҵыз ачымазара рымоуп рҳәеит. Аветеринарцәа гәҩарас иҟарҵеит ҩ-хык, иаразнак урҭ рганахьала актқәа рыҩит. Арахә нымхаӡеит, иргеит ауаа. Ари аҭагылазаашьа аполитика алзхыр зҭаххаз, аҭыӡшәа ҟарҵеит ачымазара змоу арахә ааргеит ҳәа. Ҳара иҳамоу аиқәшаҳаҭрала ара иҳадҳамкыло арахә рхаҭыԥан аҿыц ааргоит. Ус еиԥш быжьхык ыҟан аветеринарцәа ирыдрымкылаз. Иаҳзаазышьҭыз дареи ҳареи ҳаицәажәеит егьи апартиа анаауа иацҵаны иаарышьҭуеит. Мчыбжьык анаҩс ателехәаԥшра аусзуҩцәагьы ҳгоит, игәаҳҭоит арахә иааҳгаз ара ишанаалаз, урҭ рыԥшәмацәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҟаҳҵоит", - иҳәеит Џьапуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0