Аԥсны

Аԥсуа чара иахьа: иҟаҵатәузеи иаԥсыуахарц азы

Иахьатәи аԥсуа чарақәа рымҩаԥгашьазы лгәаанагарақәак ҳадылгалоит афольклорҭҵааҩ, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ, Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Аԥсуа чарақәа рымҩаԥгашьа изныкымкәа ҳарзааҭгылахьеит, аха аҳәатәы еснагь иҟоуп, аутәы еиҳагьы еиҳауп. Ҳаамҭеи атрадициеи реиҿыбаара имариам усуп, аха иҳәатәуп, уи зылшо макьана имаҷзаргьы, ишыҟоу. Урҭ уаареигәырӷьаратәы – аҭаца леилаҳәашьоума, амаҳә ихымҩаԥгашьоума – убла хыркуеит. Ус ишыҟоугьы, ҳчарақәа зегьы ирнубаалоит ҟазшьак – ачара аԥсуа ҿар рзы итрадициатәу ритуалны иҟаӡам, уи дара рзы рыԥсшьараамҭа ахьырхырго ҭыԥуп ҳәа агәаанагара узцәырнагоит.
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа
Игәашәҭахьоума, аҿар ачараҿы акәымкәа, адискотекаҿы иҟоушәа рхы шымҩаԥырго? Избан ус ҳәа гәыбӷан узрыҭом, избанзар аҿара иацуп аласра, агәырӷьара, акәашара, ашәаҳәара, ақьаф. Ас еиԥш ала рыԥсшьара аамҭа аҿар иахьырхыргаша анырмоу, уи зыԥсахуа ҭыԥны ирзыҟалеит ачара. Убри азы араҟа аҿар иазхәыцӡом ачара итрадициатәу ритуалуп ҳәа – асасцәа рхымҩаԥгашьа, аԥшәмацәа ркәамаҵамара, аныҳәаҿақәа рҵакы, аиҳабы иныҳәара уҳәа. Уимоу, аҭаца дшыҟоугьы анырхашҭуа ыҟоуп, дара рызхара ачара изалагәырӷьандаз. Иара ачара ахьымҩаԥысуа аҭыԥгьы аԥсшьарҭаҩнқәа рхыбраҿы, мамзаргьы ақьафурҭақәа рҿы шакәу ала ус еиԥш ахымҩаԥгашьа азингьы рнаҭозар акәхап… Зны-зынла шьоукы илафынгьы ирҳәоит "ҳцаны аныҳәаҿақәа кны аԥсшьарҭаҩнқәеи ақьафурҭақәеи ҳныҳәоит, ҳашҭа-ҳаҩны шыҟоу" ҳәа…
Арадио
Сангәлиаԥҳа аԥсуа чарауразы: аԥсуара иацәыхароу аҟазшьақәа шьҭаҳкаауа ҳалагеит
Даҽа ҟазшьак амоуп, ҳәарада, аԥсуа иашҭаҿы имҩаԥысуа ачара. Иара аҭыԥ ахаҭа уныҟәашәагьы аԥсахуеит, ухымҩаԥгашьагьы еиҭанакуеит. Убри аҟнытә, аԥсуа чара аԥсуа цәа аҟәнызҵо акәны иҟоуп аԥсуа иашҭа. Ачарақәа аҩнқәа рҟны рымҩаԥгара ҳәарада аԥсуа традициа иазааигәанатәуа иҟалоит, иахьынӡазалшо уахь ииасзар бзиоуп, ас еиԥш алшара змоу рзы. Уи атенденциагьы зны-зынла иаацәырҵуа убоит, аха ҳаамҭазы имаҷуп зыҩнқәа рҿы ачара зуа.
Иԥыххаа, мамзар бнасыԥдахоит: ачанах аԥҽра ақьабз азы
Ақьафурҭаҿы имҩаԥысуа ачарақәа ракәзар, "адискотекатә цәаҩа" аԥсахразы ирҿыԥшзар бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит Нхыҵ-Кавказаа рчарақәа рымҩаԥгашьа. Урҭ ачара дарҭоит амҩаԥгаҩ. Амҩаԥгаҩ иоуп ачара амҩаԥысшьа ҳәаақәызҵо, аныҳәаҿақәа ауаа ирызҭо, акәашацәа ықәызгало, аҭаца даазыԥхьо уҳәа. Убри аҟнытә дара рчарақәа рҿгьы атрадициа иаҳа ишеиқәырхоу убоит, ақьафурҭақәа рҟны ишымҩаԥыргогьы.
Ажәакала иуҳәозар, ҳчарақәа аԥсыуахарц азы "аԥсшьарҭаҩнқәа рҟазшьа" аԥыхтәуп ҳәа сгәы иаанагоит.
"Лан дырҵәыуа, лыԥҳа дыргеит…" – аԥҳәысаагареи хаҵацареи, урҭ ирыцу ашәеи