Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ар риубилеи, аӡхыҵрақәа, Асанепидмаҵзура аиҳаб ҿыц

Аинформацитә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 10-16 рызтәи амчыбжь ахҭысқәа реихшьала.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь азы 30 шықәса ҵит Аԥсны Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи, аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иазгәанаҭеит 90-шықәс ахыҵра, Ареспубликатә асанепидемстанциа аиҳаб ҿыц даҭоуп.
Sputnik

Арбџьар мчқәа 30 шықәса рхыҵра

Жьҭаара 11 азы Аԥсны иазгәарҭеит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра. Аҳәынҭқарратә филармониаҟны агәырӷьаратә еизара мҩаԥган.
Атәылахьчара аминистр идҵала амедал "Атәылахьчара аминистрра – 30 шықәса" ранашьоуп: Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Владимир Мқанба, Динар Асланиа.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит
Изаамҭанытәиу арратә чынқәеи амедалқәеи ранашьан аминистрра аусзуҩцәа.
1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит

СЕС аиҳаб ҿыц

Атәыла Асанепидемстанциа аҳақьым хадас дҟаҵоуп Алла Белиаева, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Ԥыхьатәи Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик х-миллион мааҭ аҳәынҭқарратә мазара лтәылтәит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны лганахь ала ашьаус хацыркуп.
Алла Белиаева уаанӡа Аҟәа асанитартә ҳақьым хадас дыҟан.
Аԥсны
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада ҿыц даҭоуп

Амаҵзураҟынтә ахақәиҭтәра

Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы Руслан Чепи-иԥа аамҭала имаҵура дамхуп аусҭҵаара цонаҵы.
Чепи-иԥа Урыстәылантәи Аԥсныҟа 100 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара аиагараан агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" урыстәылатәи аган ала даанкылан.
Аԥсны
Аԥсны аҳәынҭхьчаратә маҵзура аусзуҩ аамҭала имаҵура дамхуп аусҭҵаара цонаҵы

Аекономика аминистрра агәаҭарақәа

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иҳаҩсыз амчыбжь азы Тҟәарчал араион даҭаан игәалҭеит авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" афымцаҳақәа рыԥсахшьа.
Озган илҳәеит арҽеирақәа шаҭаххаз аҳауатә цәаҳәақәа роушьҭратә лшарақәа ахьылаҟәу азы. Аҵыхәтәантәи аҩышықәса раахыс 270 мегаватт ианахыслак афымцаҳақәа дырцәон.
Аԥсны
Кристина Озган "Аҽгәара" афымцаҳақәа рыԥсахшьа гәалҭон
Аминистр илҳәеит аремонттә усурақәа рыҿҳәара ишахьымӡо аплан аԥсахра иахҟьаны. Ареконструкциа иаҵанакуамызт ацәаҳәақәа шьҭызхуа ашьаҟақәа, дара ацәаҳәақәа ракәзаргьы ихьанҭан.
Аҟазауаа рабжьгарала еиҳа иласу ацәаҳәақәа ахархәара рыҭахоит, урҭ рыҟаҵара аамҭа аҭаххеит ҳәа лҳәеит аминистр.

Мрагыларатәи Аԥсны аӡхыҵрақәа ҟалеит

Жьҭаара 9 - 10 зы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Маркәыла иара убасгьы Очамчыра аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩақәа ықәнаӡәӡәааит.
Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз Очамчыра араион ақыҭақәа дырҭааит жьҭаара 11 рзы. Агәаҭарақәа рышьҭахь аҳәынҭқарра ахада Очамчыра араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥсны
Бжьаниа Очамчыра араион аԥхасҭа ахҟьапҟьақәа раԥыхразы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аҳәынҭқарратә хьыԥшымраз Ашәҟәынҵа

Ҳазҭоу амчыбжь азы, жьҭаарамза 12 рзы, 23 шықәса ҵит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы" Ашәҟәынҵа рыдыркылеит. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар ирыдиныҳәалеит "Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыҧшымразы" Ашәҟәынҵа адкылара 23 шықәса ахыҵра амш.
Адныҳәалараҟны ахада иазгәеиҭеит ашәҟәынҵа адкылара Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵара ақәԥараҿы акырӡа зҵазкуа ак акәны иҟалеит ҳәа.
Зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала азхаҵара иабзоураны аҭоурыхтә иашара шьақәырӷәӷәан ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар ирыдиныҳәалеит ахьыԥшымразы Ашәҟәынҵа анрыдыркылаз амш

Атәылахьчареи абизнеси

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа дырԥылеит атәыла ашәарҭадара азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Бжьаниа иҳәеит ааигәа анаплакҩцәа аҳәынҭқарреи атәыла арбџьармчқәеи ацхыраара рыҭара азҵааразы ишидҵаалаз.
Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәразы аусутә гәыԥ анапхгаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов агәыԥ аусура алҵшәақәа дрылацәажәеит.
"Ҳгәыԥ еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥнагахьеит, арратә хәҭақәа ҳарҭааны амобилизациатә зыҟаҵара аҭагылазаашьа ахәшьара аҳҭеит, Атәылахьчара аминистрраҟны аилацәажәара мҩаԥаагеит. Иазҳархиеит абжьгарақәа, урҭ рышьаҭала зҵаарақәак рыӡбразы абизнес еилазаарахь ацхыраара аҳәара ахәҭаны иаҳшьеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ахада ажәалагала ҟаиҵеит абизнес ахаҭарнакцәа Аԥсны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы абжьгарақәа ахәшьара рыҭареи аус рыдулареи рымҩаԥгаразы аусутә гәыԥ иалахәызарц.
Аԥсны
Аԥсны ахада абизнесуаа алархәны атәыла ашәарҭадара арӷәӷәара азҵаарақәа дрылацәажәеит

Амобилизациатә зхиазаара арӷәӷәара

Жьҭаара 13 рзы Аслан Бжьаниа аҵакырахьчара аштаб аилатәара далахәын.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ахьчареи ашәарҭадареи алзыршо Арбџьармчқәа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа риҭеит.
Аԥсны
Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит
Атәыла ахадеи азинхьчаҩцәеи арра-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Атәылахьчара аминистрраҟны аҽеизакратә ҽазыҟаҵареи аруаа рматериалтә-техникатә еиқәыршәашьеи ирызкыз ажәахәқәа ирзыӡырҩит.

Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет 90 шықәса ахыҵит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра амш азгәаҭан жьҭаара 14 рзы. Ауниверситет абри амш азы иаҭааит 25 делегациа – Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи руниверситетқәа рхаҭарнакцәа.
ААУ аректор Алеко Гәарамиеи, арҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи ирыцны урҭ Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз астудентцәеи арҵаҩцәеи рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Имҩаԥган аҟазара афакультет астудентцәа рцәыргақәҵа, аконцерттә программа.
1932 шықәсазы Аԥсны Аҵараз Жәлар Ркомиссариат аусԥҟала иаԥҵан Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт. Уи анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳәа иԥсахын.