Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кристина Озган "Аҽгәара" афымцаҳақәа рыԥсахшьа гәалҭон

© Sputnik / Асмат Цвижба Министр экономики Абхазии Кристина Озган посетила высоковольтную линию "Ачгуара", где ведутся работы по замене проводов.
Министр экономики Абхазии Кристина Озган посетила высоковольтную линию Ачгуара, где ведутся работы по замене проводов. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" 1964 шықәсазы иргылан, уи аахыс хәҭа-хәҭалатәи арҽеирақәа ракәын имҩаԥыргоз.
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Тҟәарчал араион даҭаан игәалҭеит Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" афымцаҳақәа рыԥсахшьа.
Озган илҳәеит арҽеирақәа шаҭаххаз аҳауатә цәаҳәақәа роушьҭратә лшарақәа ахьылаҟәу азы. Аҵыхәтәантәи аҩышықәса раахыс 270 мегаватт ианахыслак афымцаҳақәа дырцәон.
"Шықәсыки бжаки ҵуеит ари азҵаара аӡбра ҳаҿуижьҭеи. Азҵаара аӡбара мариамызт, аха жьҭаарамзазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа амҩаԥгара ҳалагеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Иԥсахтәу ацәаҳәа аахәан 2021 шықәсазы. Иара ахархәаратә ҿҳәара 30 шықәса амоуп. Ирыԥсахуа ацәаҳәа азеиԥш аура 31,5 километра иҟоуп. 103 шьаҟа рҟынтәи 87 шьаҟа рцәаҳәақәа ԥсаххоит.
Министр экономики Абхазии Кристина Озган посетила высоковольтную линию Ачгуара, где ведутся работы по замене проводов. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Аԥсны
Аенергетикцәа АЦә "Аҽгәара" аҟны ацәаҳәақәа рыԥсахуеит
"Иҟоуп ацәаҳәа ашьха ҭыԥқәа рыла иахьымҩасуа, уа аусурақәа уадаҩуп, убри аҟнытә аамҭа рцәымцарц азын "Амшынеиқәафымцамч" иатәу ҩ-бригадаки урыстәылатәи анардадкыларатә еиҿкаара бригадаки аус руеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны ҳанеиҵахо ҟалалоит, аха излалшо ала аусурақәа мҩаԥаагоит", - ҳәа лҳәеит Озган.
Аминистр лажәақәа рыла "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылара алыршахарц азы еиҿкаауп Урыстәылантәи афымцамч аиура. Аусурақәа мҩаԥыслоит жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы.
"Арҽеиратә усурақәа рышьҭахь ацәаҳәа аушьҭратә лшара еиӷьнатәуеит, 300 мегаватт аҟынӡа иханагалоит", - лҳәеит лара.
Аминистр илҳәеит 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҿы "Амшынеиқәафымцамч" аусурақәа рзы аԥаразоужьра шарбаз.
"Урыстәылатәи агани ҳареи ҳаилацәажәоит аҭыԥантәи АУНи анардадатә еиҿкаареи русура аԥаразоужьраз, уи ахыҵхырҭа ашьақәыргылараз 50 миллион мааҭ рҟынӡа", - лҳәеит лара.
Озган лажәақәа рыла, ауснагӡа аиҭакрақәа инарымаданы арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит иарбаз аҿҳәарақәа иахыганы. Уаанӡа аиҭашьақәыргылара иаҵанакуамызт афымцамчтә цәаҳәақәа шьҭызхуа ашьаҟақәа, ацәаҳәақәа ракәзаргьы ихьанҭан. Аҟазауаа рабжьгарала еиҳа иласыз ацәаҳәақәа ҭыжьтәын, уи аамҭа аҭаххеит ҳәа лҳәеит аминистр.
Ажәабжьқәа зегьы
0