Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Очамчыра араион аԥхасҭа ахҟьапҟьақәа раԥыхразы аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз Очамчыра араион ақыҭақәа дырҭааит жьҭаара 11 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Очамчыра араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Араион ахада Беслан Бигәаа иҳәеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа шаԥҵоу, иазгәеиҭеит Кәтол ақыҭеи Ҭоумышь аҳаблеи рыҟны агәаҭарақәа шхыркәшоу, уаҟа ацҳақәа хԥа аӡы иагеит.
Атәыла ахада ақыҭақәа рхадацәа ирыдиҵеит ҭаацәацыԥхьаӡа аԥхасҭа ирымоу еилыркаарц. Иҳәеит аҳәынҭқарра ацхыраара шырзыҟанаҵо, аха уи аамҭа шаҭаххо.
"Сара арахь сааит иҟоу схаҭа сыблала избарц. Шәара иаҭаху ашәҟәқәа зегь еиқәыршәаны аиҳабыра рышҟа инашәышьҭ. Аминистрцәа реилазаара зыԥшра ҟамҵакәан иахәҭоу аусқәа рыдыркылоит. Иахьаҭаххо Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа адҳаԥхьалап, зегь маншәалан иҟаларцаз", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит ҳаԥхьаҟагьы ари аҩыза арыцҳара ҟамларцаз, аӡыршьҭра арыцқьараз аусурақәа ишрылаго.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс азы амшцәгьақәа ирыхҟьаны иҟалаз аԥхасҭа 300 мил мааҭ артәеит, уи аҟынтәи абжа ршәахьеит.
"Аԥара ахәҭак ҳшәахьеит, иаанхаз аганахь ала аусура цоит. Уажәгьы аԥхасҭа зоуз зегьы ацхыраара раҳҭоит, уи азын иаҭахуп аԥара. Ҳара уи ҳаԥшаауеит", - иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
 Президент Аслан Бжания совершил поездку по Очамчырскому  району, пострадавшему  в результате ливневых дождей  10 октября.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Аԥсны
Бжьаниа амшцәгьа ааха знаҭаз Очамчыра араион ақыҭақәа дырҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0