Аԥсны

Авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" аҟынтәи алашара зоуа аԥкрақәа рзалагалахоит

Афымцалашара арцәараз аамҭеихша кьыԥхьхоит ахаша, абҵара 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" аҟынтәи алашара зоуа аԥкрақәа рзалагалахоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"АЦә "Аҽгәара" аԥышәараз иоурыжьҭыз афымцацәаҳәа ауадаҩрақәа аиуит. Ари ацәаҳәала афымцалашара зоуа аԥкрақәа рзалагалахоит", - ҳәа ахәоит аҳәамҭаҿы.
Ицәырҵыз ауадаҩрақәа аԥыхханӡа, алашара арцәара аамҭеихша кьыԥхьхоит ахаша, абҵара 9 рзы.
Авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" иаиуз ааха иахҟьаны абҵарамза 1 аахыс арҽеиратә усурақәа цоит. Иахьа абҵара 8 рзы 6 сааҭк алашара ыҟаӡамызт.
Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада инапынҵақәа назыгӡо Руслан Кәарҷиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәахьан авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны арҽеиратә усурақәа аныхдыркәшалак ашьҭахь, абҵара 8 инаркны аԥкрақәа аԥыххоит ҳәа.
Убри аан иара иаҳәеит афымцацәаҳәа аԥсахраз аусурақәа абҵара 15 рҟынӡа имҩаԥысран ишыҟаз, аха абҵара 1 азы урыстәылантәи алашара аашьҭра аанкылахеит ҳәа.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит алашара арцәара ианаҟәыҵуа