Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит алашара арцәара ианаҟәыҵуа

© Sputnik / Томас Тхайцук Насосная станция в Гагре
Насосная станция в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь, абҵара 1 азы авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" ааха аиуит, уи иахҟьаны Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит, аремонттә усурақәа ирылагеит. Абри аамҭазы алашара Урыстәылантә иаауан.
АҞӘА, абҵара 7– Sputnik. АЦә "Аҽгәара" аҿы аремонтқәа аныхдыркәшалак ашьҭахь, абҵара 8 инаркны аԥкырақәа аԥыххоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН анџьныр хада инапынҵақәа назыгӡо Руслан Кәарҷиа.
Аҟазауаҩ иажәаәқа рыла, ацәаҳәа аԥсахраз аусурақәа абҵара 15 рҟынӡа имҩаԥыслар акәын, аха абҵара 1 азы урыстәылантәи алашара аашьҭра аанкылан.
"Ари азы адырра ҳауит ҩымш шыбжьаз. Ҳаццакны ашлеифқәа реидкылара ҳалагеит. Алашара аашьҭра анаанкылаха, ацәаҳәа "Аҽгәара" аидара иаҵаҳҵеит. Ацәаҳәала афымцамч ауҳашьҭит агәаҭара иахмыжькәа. Асеиԥш аан маҿа-маҿа агәаҭарақәа мҩаԥгатәуп, иҟаҵам акы ыҟазар, аҭыԥ иқәҵалатәуп", - иҳәеит иара.
Кәарҷиа иазгәеиҭеит ацәаҳәа ҿыц еиҳа ишыласу, ашьаҟақәа еиҳа ишырзымариоу ашьҭыхра. Иара убасгьы иара +150 градус рҟынӡа ачҳара амоуп (уаанӡатәи – 90 градус).
"Апроблема цәырҵит ацәаҳәа агәаҭараз аамҭа ахьҳамамыз азы. Ацәаҳәа аусура иаларгатәын, нас агхақәа гәаҭаны, ирцәаны, урҭ рҽеитәын. Ишыҟаҳҵаз еиԥш иаразнакы 260 мегаватт ахьанҭара аҭара иашамызт", - иҳәеит иара.
ЛЭП Очамчыра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2022
Аԥсны
АЦә "Аҽгәара" аҿы абҵара 8 рзы алашара дырцәоит
Абҵара 8 рзы ипроблемоу аҭыԥқәа ҩба рҿы аремонттә усурақәа мҩаԥгахоит. Уи инадҳәаланы АЦә "Аҽгәара" ырцәахоит 11:00 - 17:00 сааҭ рзы. Аремонт шхыркәшахалак, ацәаҳәа 260 мегаватт иаҵаҵахоит.
"Аусурақәа цалоит. Даҽа 7-8 километра ацәаҳәақәа ԥсахтәны иҟоуп. Аусурақәа раамҭа еилкаахоит алашара ҳаура аиҿкаашьаз ианеилацәажәалак. Аамҭак ала ҳара алашара зегь ҳарцәароуп Урыстәылатәи алашара алагалазарц. Азҵаарақәа шыӡбахалак, иаанхаз ацәаҳәақәа рыԥсахра ҳалагоит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла, ацәаҳәақәа рыԥсахреи апроблематә ҭыԥқәа рырҽеиреи 20 мшы иреиҳамкәа иаҭаххоит. Анџьныр хада инапынҵақәа назыгӡо иара убасгьы иҳәеит уажәы АЦә "Аҽгәара" аҟынтәи алашара зауа абонентцәа рзы есԥшьсааҭк алашара сааҭк-сааҭк ишдырцәало.
Энергетические объекты. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Аԥсны
АЦә "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рзы аԥара макьана ишәаӡам лҳәеит Озган
Ажәабжьқәа зегьы
0