Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ирылшаз рацәоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан. Ирацәаҩуп хатәгәаԥхарала зџьынџьдгьыл аиқәырхаразы абџьар шьҭыхны зыуаажәлар ираԥхьагылаз. Имаҷҩым агәыҳалалратә цхыраара аизгареи аашьҭреи аус иадгылаз. Ҭырқәтәыла, Кавказ Адернеқьқәа рҟны уахи-ҽни Аԥсны ҳашԥацхраари ҳәа аизарақәа мҩаԥыргон. Раԥхьаӡакәны ас еиԥш иҟоу аизарақәа рхы ахьакыз Измиҭ ақалақь Кавказ Адернеқь аҟынтәи ауп. Урҭ ашықәсқәа лгәалалыршәеит иахьагьы ари Адернеқь амаҵ азызуа ҳџьынџьуаҩ Ҳилал Тәанԥҳа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра рацәак шагымыз, усҟан Сҭампыл еиҿкааз Кавказ Адернеқь аиҳабы Мумҭаз Шамбеи уи ихаҭыԥуаҩс иҟаз Ҳилал Тәанԥҳаи даҽа гәыԥҩык аԥсуааи атуристцәа раҳасабала алшара роуит автобусла Қарҭынтәи Аԥсныҟа ацара. Еицқәаз ргәы хыҭ-хыҭуа рабдуцәа рџьынџь ахь рҿынархеит. Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл иаҭааз ҳауаажәлар ҩнарҵеит Пицунда аԥсшьарҭа ҩнқәа руак. Уи аамҭа иахьагьы лаӷырӡыла ауп ишылгәалашәо сажәабжьҳәаҩ Ҳилал.
"Усҟан 30-ҩык рҟынӡа ҳаицны Аԥсныҟа ҳцеит. Ҳахьыҩназ Пицунда аԥсшьарҭа ҩны аԥхьа ацх агәы анеиҩнаша нахыс ҳаӡбахә заҳауаз ҳашьцәа ҳажәлантәқәа еизо иалагеит. Раԥхьатәи ҳаиԥылара аҩ-ганк лаӷырӡыла иаҳкәабеит. Аӡәи-аӡәи ҳаблақәа ҳзеиҟәыҭхуамызт. Уажәы-уажәы ҳгәыдеибакылон. Ҳара ҩымчыбжь Аԥсны ҳаҟан. Уи аамҭа иалагӡаны иаҳзеиҿкааз акультуратә программа ҭбаан. Ҳарҭааит ақыҭақәа жәпакы. Сара сыжәлантәқәа Тәанаа рахь Дәрыԥшьҟа сыргеит. Сисасын Виктор Тәанба", - ҳәа илгәалашәоит ҳџьынџьуаҩ.
Ҳашьцәа Ҭырқәтәылаҟа ианыхынҳә хара имгакәа дрызнеиуеит Владислав Арӡынба. Уи иԥылара мҽхакы ҭбаала еиҿкаан. Ажәлар гәырӷьаҵәа ргәазхара дырзыбомызт. Усҟан Владилав Арӡынба иуаажәлар ираиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа шыуадаҩхаз, иҳаланхоз ақырҭқәа рҽырцәгьаны ишыҟоу, ҳабашьра иалагар шыҟало. Ари заҳаз ҳашьцәа хымԥада агәҭынчымра рызцәырҵит. Владислав Арӡынба данца ишьҭархх арантәи Аԥсныҟа аделегациа леит, рыблала иҟоу иану рбарц.
Ҳилал Тәанԥҳа
© Foto / Саида Жиба
"Уи аамҭазы сара ашкол аҟны аус зуан. Сеиҳабы иасҳәеит сҭоурыхтә дгьыл ашәарҭара ишҭагылоу, сыуаажәлар ашьакаҭәара шырԥеиԥшу, убри аҟнытә сгәы ҭынчны аус шысзымуо, инсыжьыр шысҭаху. Аха иара сганахь аилкаара аарԥшны, снапы зласкыз аус аҿы аманшәалара сзеиӷьашьо иҳәеит, аӡәыр ҵаауазар сгәы бзиам ҳәа шраиҳәо", - ҳәа азгәалҭоит Ҳилал.
Аибашьра аламҭалазы Аԥсныҟа инеиз агәыԥ рыуаажәлар ирԥылеит, ирызҵааит рыгәҭынчымра мзызс иамоу. Убас аицәажәарақәа мҩаԥыргеит ақырҭуа милаҭ ахаҭарнакцәа рыбжьарагьы. Еицқәаз Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәит аибашьра Аԥсны ашәхымс ишылагылаз агәра гауа. Хара имгакәагьы уи ҵабыргхеит.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит ҳәа анҳалаҩ, иаразнак Адернеқь аҟны ҳаизеит. Доусы илшоз ҟаиҵар иҭахын иԥсадгьыл азы. Уахи ҽни ара ҳаҟан. Аизгара ҳалагеит агәыҳалалратә цхыраара. Амаҭәа, ахәшәқәа, афатә, аԥара уҳәа доусы илшоз ааигон. Исгәалашәоит аишәақәа еидыргыланы еихшаны ишықәаҳҵоз ацхыраара зҭаҳҵоз аҭрақәа. Алшара шааҳаулак, Аԥсныҟа ианамулак Шәача иҟаз ҳдырцәа рахь аҭел ҳасуан Аԥснынтәи жәабжьс ирдыруа еилаҳкаарц азы", - лажәа иацылҵоит ҳџьынџьуаҩ.
Аԥсны аӷа данақәла нахыс, ҳџьынџьуаа адунеи ҳәҳәарц рҭаххеит, аха Ҭырқәтәыла имҩаԥыргоз амитингқәа дара-дара ракәын ақәҿызҭуаз, аҳәынҭқарра аиҳабыра рҿынӡа ианнаргоз ари азҵаара, "Аԥсны захьӡузеи" ҳәа иазҵаауан, аха зегь акоуп ҳашьцәа аизарақәа ианырҟәамҵ, аҭырқәа телехәаԥшрала зны-зынла иалацәажәо иалагеит Аԥсны аибашьра шцоз. Аҭыԥантәи агазеҭқәа ирнылеит астатиақәа уи атемала.
Ҳџьынџьуаа ргәы хыҭ-хыҭуа Аԥснынтәи ажәабжьқәа ирзыԥшын. Ҭелла рыуаажәлари дареи еицәажәартә ианыҟалоз, аӷацәа имҩаԥаргоз агыгшәыграқәа ртәы анраҳауаз рыгәҭынчымра иацлон, ргәы ԥыжәжәо еидашшылон.
"Ҭелла аимадара анҳабжьалалак, ҳашьцәа, ишәыгу акыр ыҟазар ишәҳәа ҳәа анраҳҳәалак, "аԥсуаа акы ҳагуп ҳәа анбарҳәахьеи" ҳәа ҭакс иҳарҭон. Уи еиҳагьы ҳгәы ҳнархьон", - илгәалалыршәоит Ҳилал.
Ҳилал дыруаӡәкын Гагра араион ахы ианақәиҭыртә "Аџьар Ҟаԥшь" иацны Аԥсныҟа инеиз. Усҟан арантәи ажурналистцәагьы рыцын. Ҳилал илҳәоит иахьагьы лыбла ишыхгылоу ибылуаз аҩнқәа, агәырҩа иамҽхакыз ауаа.
"Аҟәанӡа ҳцартә еиԥш изыҟамлазаргьы, маҷк ҳгәы ҳарҭынчит Гагра аԥсуаа рнапаҟны иахьааргаз. Насгьы арантәи иҳацыз ажурналистцәа иҭырхит, ирҩит ирбаз ираҳаз. Уи акәын ҳаргьы иаҳҭахыз", - лҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Ҳилал Тәанԥҳа 2007 шықәсазгьы илылшеит Аԥсныҟа Ҭырқәтәылатәи ателеканал "TRT2" аҟынтә ажурналист Аԥсныҟа лгара адырраҭара аԥҵаразы, аха лыгәҭакы аҵыхәанӡа илықәымҿиеит. Ари заҳаз ақырҭуа ган ателеканал иақәыӡбуа иалагеит, ажурналист лусура дамрымхырц азы, усҟантәи Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь аинтервиу имлымхӡеит.
Ҳилал 2017 шықәсанӡа еиԥмырҟьаӡакәа Аԥсныҟа дцалон. Лаҳәшьеи лареи аҩнгьы аархәеит нхара ииасырц азы. Аха ран лчымазара иахырҟьаны Ҭырқәтәыла иахьынӡыҟаз, уи аҩны џьоукы рнапахьы ииаргеит.
Ҳилал Тәанԥҳа амҳаџьырра иагаз лабшьҭра Кадыр ихылҵыз роуп ҳәа ирышьҭоуп. Кадыр ихаҭа Аԥсны изқәаҭыԥхеит, аха иҵакыра аамҭа хьанҭақәа раан атәым дгьыл ахь иқәнагалеит. Иахьа араҟа еиҵагылеит Тәанаа рабиԥара ду. Ҳилал лабду иаб Қьаамиль иоуп араҟа зышьаҭа азаркыз. Қьефқьен ианӡхыҵ ашьҭахь нхарҭас иалырхит Измиҭ ақалақь иазааигәоу аԥсуа қыҭа Дербент.
Ҳилал лаб Селаҳеҭҭини лан Миуниуре Аҭрышԥҳаи хҩык аԥҳацәа рааӡеит. Ҩыџьа, Ҳилали лаҳәшьеиҳабы Џьидали сахьаҭыхыҩцәоуп. Аиҳабы лусумҭақәа иахьа уажәраанӡа иӡырылгозар, Ҳилал ҳамҭас илшеит. Аиҵба Мираль декономиступ.
Аӡӷабцәа раб Селаҳеҭҭин илшамҭақәа рацәоуп иуаажәлар рҿаԥхьа, иара Сақариа Кавказ Адернеқь далахәылаҩын. Иԥҳацәа шыхәыҷызнатә дахьцоз игон. Адернеқь аҟноуп ахәыҷқәа аԥсуа ҵасқәеи, ақьабзқәеи, акультуреи инарҵауланы иахьрылаҽыз.